Азиндырҩы илшамҭақәа

Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵаара аинститут аҟны азинҭҵааҩ, Аԥсны Иреиҳаӡоу Аӡбарҭа акыр шықәса аӡбаҩс иҟаз, аԥышәа ду зырҳахьоу Владимир Ҳараниа 85 шықәса ихыҵра инадҳәаланы имҩаԥган аҵыхәтәантәи аамҭазы аԥсышәала иҭижьыз ишәҟәқәа рӡыргара. Апублицистика иаҵанакуа налаҵаны зынӡа аԥсышәала иҭижьхьеит жәеиза шәҟәы. Урҭ зегьы аиқәшәараан ицәыргақәҵан.

Аԥсуаҭҵаара аинститут аиҳабы Арда Ашәба аиԥылара аартуа далацәеит Владимир Ҳараниа иԥсҭазаареи ирҿиаратә мҩеи, еиҳа ихадараз дырзааҭгылеит. «Азинҭҵааҩы аԥсышәала еиқәиршәо, еиҭеиго ашәҟәқәа лагала бзианы иҟоуп азиндырра аганахьала. Иалукаартә иҟоу ируакуп «Аӡбаратә усшәыҟәқәа рқәырԥшқәа». «Словарь юридических терминов» (русско-абхазский, абхазо-русский» зыхьӡу акәзар, ахархәаҩцәа рзы даара иманшәалоуп. Инеизакны азиндырҩы иаԥҵамҭақәа аҵара аус аҟны даара иаҭаху роуп», – иазгәеиҭеит Арда Ашәба.

Анаҩс иқәгылаз Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет азиндырра афакультет адекан Сергеи Смыр инаҵшьны иазгәеиҭеит В. Ҳараниа азинҭҵаара аусхк аганахьала илшамҭақәа, еиҳаракгьы аусӡбара иамадоу аматериалқәа аԥсышәала иахьирцәажәаз.
«Владимир Лев-иԥа азиндырраҿы, азинҭҵаараҿы иахәҭоу адырреи аԥышәа дуи имоуп, насгьы ихатәы бызшәа ибзианы ахархәашьа дақәшәоит. Уи иалҵшәоуп аиуриспруденциа иаҵанакуа аматериалқәа аԥсышәала иахьҭижьыз.
Иаадыруеит, ҿырԥшык аҳасабала аусҭҵаара апроцесс ихаҭа аԥсышәала ишымҩаԥигахьоу. Убарҭқәа инарҷыданы, азиндырҩы дазымхәыцыр ауамызт ауниверситет аҟны арҵаҩцәеи астудентцәеи рхы иадырхәаша ракәны ишыҟалаша. Ҵабыргны, аԥсуа сектор аҟны аԥсышәала астудентцәа ҳарзаԥхьоит. Ус анакәха, еилкаауп иахьа уи аҵара-ааӡара аус аҟны ахархәара шамоу. Ас еиԥш иҟоу аԥшьгамҭақәа еиҵагыло аҿар аҿырԥшы бзиа днарбоит. Урҭ ҳаԥхьаҟазгьы ахархәара рымазаауеит. Изеиӷьаҳшьап ақәра дуи еиҳау аихьӡарақәеи», – иҳә́еит С. Смыр.

Азиндырра иаҵанакуа ашәҟәқәа аԥсышәала рҭыжьраан аредактор инапы ианыҵиго аҭакԥхықәра ҷыда ацуп. Убри даҩымсит Гәында Аӡынԥҳа лықәгылараан. Далацәажәеит автори лареи русеицушьа амҩаԥысшьа.
Аиқәшәараан ргәаанагарақәеи рзеиӷьашьарақәеи рыла уи нахыс иқәгылазгьы ақәҿиарақәа изеиӷьаршьеит.
Аҵыхәтәан Владимир Ҳараниа ииубилеитә хәылԥазы иалагӡаны ишәҟәқәа рӡыргарахь имҩахыҵыз зегьы иџьабаа ахәшьара ахьарҭаз даара иҭабуп ҳәа реиҳәеит.
Владимир Ҳараниа диит 1941 ш. Очамчыра араион Џьгьарда ақыҭан. 1973 ш. далгеит В. В. Куибышев ихьӡ зху Томсктәи аҳәынҭқарратә университет азиндырҩы изанааҭ ала. Аԥсныҟа даныхынҳәы 1974 ш. инаркны аусура далагеит изанааҭ ала. Хара имгакәа, 1978 ш. Тҟәарчал ақалақь апрокурорс дҟарҵоит. 1982 ш. нахыс – Аԥсны апрокуратура хада аҭҵааратә ҟәша апрокурорс диаргоит. 1994 – 2005 шш. раан Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбаҩс дыҟан. Уи нахыс адукатура ашҟа диасит. 2005 ш. Аԥсны адукатцәа Рколлегиа даларҵеит, нас – Аԥсны адукатцәа Рпалата Ахеилак аилазаарахь дрыдыркылеит. Абасала, В. Ҳараниа изанааҭ ала амҩа ду данысит, аԥышәагьы ирҳаит.
Азиндырра аусхкы аҟны илшамҭақәа рзы ианашьоуп аҳәынҭқарратә ҳамҭа «Ахьӡ-Аԥша» аорден ахԥатәи аҩаӡара.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me