Ирина Борис-иҧҳа Басариа диит 1946 шықәса ианвар 27 рзы абиҧарала аҵеицәа шьахәқәа злиаахьоу Кәтол ақыҭан. Аҵара лҵон Н. Лакоба ихьӡ зху 10-тәи абжьаратәи аҧсуа школ аҟны. Уаҟа аҵара лдырҵон аҧышәа ду змаз арҵаҩцәа. Ахәыҷқәа адырра бзиақәа рырҭон. Илзааигәаз Иарна ҳәа зарҳәоз Ирина лхатәы бызшәа еиҧш, дҩеидасцыҧхьаӡа аурыс бызшәеи алитературеи дрызҿлымҳахеит. Абжьаратә школ далганы уи азанааҭ ала лҵара иацылҵарц анылыӡбы, лани лаби мап ацәырымкит.
Зхы иақәгәыҕуаз аҭыҧҳа Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт аҿы адкыларатә ҧышәарақәа раан адырра бзиақәа аалырҧшит. 1968 шықәсазы қәҿиарала дагьҭалеит афилологиатә факультет аурыс бызшәеи алитературеи рзанааҭ ала. Ашкол аҟны еиҧш, иреиҳау аҵараиурҭа данҭаз ашықәсқәа анылгәалашәо, ихааӡа цәанырра ссирқәак дыхҭаркуеит. Ахәыҷреи ақәыҧшреи ргәалашәароуп досу изынхо, урҭ ашықәсқәа насыҧла ианҭәу еиҳау арбан, наҟ-наҟгьы уҧсҭазаараҿы игәыҟаҵагаха, игәышьҭыхгаха иуцзаауеит. Ирина гәыблырала, еиҳа ҷыдарак рыланы илгәалалыршәоит урҭ ашықәсқәа. Лхаҭа ишылҳәаз еиҧш, уи аамҭа лыҧсадгьыл Аҧсны иахьадҳәалаз акәхап. Иреиҳау аҵараиурҭа даналга, рацәак мырҵыкәа Аҧсны аанлыжьит.
1976 шықәсазы аҭаацәара далалоит. Москватәи аҳәынҭқарратә хәылҧазтәи аметаллургиатә институт иалгаз Константин Анқәаби лареи рыҧсҭазаара еиларҵеит. Аҭаацәара аныҟәгара акәамаҵамақәа шацугьы, лыгәҭакы анагӡараҿы дылҩызахеит, длыдгылеит лҵара ацҵара иазыразыз лыҧшәма Константин. СССР аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа абызшәадырра аинститут Ленинградтәи аҟәша аспирантура дҭалоит. Лҵара ашықәсқәа ирылагӡаны адырра ҵаулақәа лоуит. Аспирантура далгоит 1980 шықәсазы. Аха уи мацараҿы даанымгылеит. Аус адылулон акандидаттә диссертациа ахьчаразы иалылхыз атема: «Аҧсны аҭоурыхтә етно-топонимиа аусхк аҟны аҧшаарақәа». Ҭҵаарадырратә напхгаҩыс даман еицырдыруа аурыс ҵарауаҩ, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Г. Ф. Турчанинов. Ажәытәӡатәи Маиҟәаҧтәи ахаҳә аҧсышәала изырцәажәаз аурыс ҵарауаҩ инапхгарала аҭҵааратә усура амҩаҧгара насыҧс илҧхьаӡон. Акандидаттә диссертациа ахьчара ианазлырхиа, иахцәажәаны ирыдыркылеит абызшәадырра аинститут Ленинградтәи аҟәша аҟны. 1984 шықәсазы Махачкала аҭоурыхи, абызшәеи, алитературеи Даҕьсҭантәи ринститут аҟны акандидаттә диссертациа лыхьчеит Кавказтәи абызшәақәа азанааҭ ала.
Аофициалтә оппонентцәас иҟан: афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор Џь. Н. Коков, аҧсуа ҵарауаҩ, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат В. Ҳ. Конџьариа, аҭҵаарадырратә усҳәарҭа хадас – Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет. Уи ахьчараан адиссертациатә хеилак иалаз рҟнытә акыр азҵаарақәа шлоузгьы, еиламырсӡакәа рҭакқәа ҟалҵон. Ишьҭылхыз атема амҩа аҭара усҟантәи аамҭазы имариамызт, аха еицырдыруаз аҵарауаҩ Г. Ф. Турчанинов ҭҵаадырратә напхгаҩыс дызмаз аусумҭа рацәак рзахҳәаауамызт. Ирина Басариа аҭҵаарадырра адунеи ашҟа ашьаҿа бзиа ҟалҵеит. Г. С. Турчанинов аҧхьа днаргыланы, Аҧсни аҧсуааи рҭоурыхи ркультуреи ҳаҭыр ззақәыз аҵарауаа гәык-ҧсыкала илыдырныҳәалон. Лкандидаттә диссертациа атемала уаанӡагьы Урыстәылан акымкәа, ҩбамкәа аҭҵаамҭақәа лкьыҧхьхьан, урҭ шьаҭас иаиуит лдиссертациагьы. Аҧсни аҧсуа бызшәеи рҭоурых даҽакы иахьмырмҧшыкәа, хазы ишышьақәгылоу аазырҧшуаз лусумҭақәа ркьыҧхьра мариаӡаны ишыҟамызгьы, ирнылон ихатәроу аизгақәа. Зынӡа 25 инареиҳаны инеиҵыху аҭҵаарадырратә статиақәа лкьыҧхьхьеит. Ҿырҧшыс иаагозар, «Аҧсуа топоним «рыҧшь» алексика-грамматикатә еиҿартәышьа» (ашәҟәы Алингвистикатә ҭҵаарақәа. 1975 ш. СССР ажәларқәа рбызшәақәа рграмматика азы аҭҵаарақәа. М. 1975 ш.), «Даҽазныкгьы «рыҧшь» ала аҧсуа топонимқәа ирызкны» (ашәҟәы – Алингвистикатә ҭҵаарақәа. 1976 ш. Абызшәа афонетикеи, адиалектологиеи, аҭоурыхи рызҵаарақәа. М. 1976 ш.), «Мрагылара-амшынеиқәа аҿықәантәи атопоним Томы – Аҧсырҭ иҧсыжырҭа» (ашәҟәы – Алингвистикатә ҭҵаарақәа. 1978 ш.), «Саӡ» аетимологиа азы» (аизга – Кавказтәи афилологиеи аҭоурыхи. Нальчик. 1982 ш.). Арҭ акьыҧхьымҭақәа алшара лырҭеит лыҭҵаарақәа рыцҵаразы.
Аҧсуа ҵарауаҩ 1985 шықәса инаркны аусура далагеит А.М. Горки ихьӡ зху Алитературатә институт асахьаркыратә еиҭагара акафедра аҟны. Шықәсқәак рышьҭахь, Урыстәыла аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа абызшәадырра аинститут Кавказтәи абызшәақәа рыҟәша ашҟа усура диасуеит. Аҟәша аиҳабы, аҵарауаҩ Георги Климов инапхгарала аусура, аҭҵаарақәа рымҩаҧгара аинтерес аҵан. Аха арҵаҩра еиҳа излеиҕьалшьоз ала, 1998 шықәсазы ҩаҧхьа уи лҽазылкуеит, аусурагьы далагоит Москватәи аҳәынҭқарратә асоциалтә университет абызшәадырреи асоциолингвистикеи ркафедра (иахьа акафедра иахьӡуп алингвистикеи акультурабжьаратә коммуникациеи) адоцентс. Араҟа лусура иацылҵоит. Астудентцәа дырзаҧхьон аурыс бызшәа астилистикеи, асоциолингвистикеи, ацәажәаратә етикеи, аурыс бызшәа ацәажәара акультуреи. Аҿар реиҵааӡара иазкын лааҧсарақәа. Аха ари ала иҭахкаам аҧсҭазаараҿы дзыхьӡахьоу, аҵара-ааӡара аус аҟны илыллыршахьоу.
1989 шықәса инаркны акыр шықәса Урыстәыла аҳҭны-қалақь аҟны инхоз Ирина Басариа лхаҭагьы, лҭаацәагьы аҧсшәеи аҧсуареи хара ирыцәгыламызт, рыҧсҭазаара иацын, амилаҭтә ҷыдарақәа рыла еибаркын. Лхаҭа аурыс бызшәеи алитературеи рзанааҭ шышьҭылхызгьы, лҵарадырра уи ала ишазлырҳауазгьы, лхатәы бызшәа гәыгәҭалыжьуамызт, лаб иҩнаҭаҿы илыциз лан лбызшәа хаа дахьыҟазаалакгьы илыцуп, уи ала дцәажәоит. Лзанааҭ хада лҽахаршәаланы, Москва инхо аҧсуаа рхәыҷқәа рхатәы бызшәа длырҵон. Аҧсуак, уаҩытәыҩсак иаҳасабала луалҧшьа налыгӡон. Ус ауп лгәаанагара шыҟоу. Дагьиашоуп. Аҧсадгьыл ахь илымоу агәыблроуп амч ҷыда лылазҵозгьы. Лассы-лассы иаалгәалашәалоит аҧсуа жәаҧҟа «Аҧсадгьыл зцәыӡыз зегьы ицәыӡуеит». Иҵаулоу ахшыҩҵак аазырҧшуа ажәеицааира иацылҵар лҭахуп даҽа хшыҩҵакык – «Абызшәа зцәыӡыз зегьы ицәыӡуеит». Ахатәы бызшәа зцәыӡыз дышнеи-шнеиуа иҧсадгьыл дшацәыӡуа еиҧш, иаҧсуара, имилаҭтә культура дырцәыӡуеит, егьрыцҳара духоит. Москватәи аҧсуаа рхәыҷқәа рхатәы бызшәа дырҵарала рыҧсадгьыл агәыблра длыркуан, абзиабара рылалааӡон, уи ала Аҧсны руаажәлар ирылахәхауа, рыцәгьеи-рыбзиеи рыцеиҩыршауа ирызҳалар лҭахын.
Аҵарауаҩ аҳәаанырцә аҧсуара акыр амаҵ азылуит. Амҽышазтәи ашкол аҟны длывагылан, лара леиҧш, даҽа гәыҧк азырҧхьоз, 1990 шықәсазы Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет иалгаз, ашкол аҟны аусура аҧышәа змаз арҵаҩы Виолетта Ҧерцхьелиа.
Ахәыҷқәа рҭаацәарақәа даара иазҿлымҳан рыхшара рхатәы бызшәа дырҵара. Аҵас, ақьабз, атрадициақәа ахәыҷы ишьҭикааргьы, абызшәа изымдыруазар ибжам-ҽамхоит, инагӡаны ирызныҟәгом ҳәа лгәы иаанагоит Иринаа. Аҭаацәарақәа рмилаҭтә хдырра ахьыдмырӡуаз, аиқәырхара иахьашьҭаз ирымоурҽхәартә иҟан, алҵшәагьы аман, – уи рхәыҷқәагьы ирылааӡазар рҭахын. Лџьабаа ҳаҭыр шақәыз лбарҭан, уи лусура лгәы азҭанаҵон.
Изыхҟьазаалакгьы, 1996 шықәса инаркны аҧсуаа рхәыҷқәа рхатәы бызшәа дырҵара еиҧҟьаны иҟан амҽышатәи ашкол аҟны. Аха 2001 шықәсазы Москватәи аҧсуаа рхеилак анапхгареи ахеилаки раҧшьгарала ҩаҧхьа иаартын, уахь имҩахыҵуаз ахәыҷқәа есааира рхыҧхьаӡара иацлон. 2003 шықәса нахыс рхатәы бызшәа аҵаразы имҩахыҵит иреиҳау аҵараиурҭақәа ирҭаз астудентцәагьы. Аҧсуа ҭаацәарақәа рхәыҷқәа рхатәы бызшәа дырҵара агәаҳәара ахьрымаз мацара акәӡамызт лара дзеигәырҕьоз, аҧхьаӡа иргыланы, ахәыҷқәа рхаҭақәа ахьазҿлымҳаз, агәацҧыҳәара, абзиабара рыманы иахьрызҳауаз акәын.
Москватәи аҧсуаа рхәыҷқәа рхатәы бызшәа дырҵара еснагь аҭакҧхықәра лзацын. Иалырҧхьоз ишырныруаз ҩашьомызт. Аҧсуа бызшәа агәыблра днаркуан, уи алагьы рмилаҭтә культура аҿиара иалахәхон, аҧсуара иазааигәанатәуан ҳәа дазхәыцуеит.
Змилаҭтә культура иазааҧсоз аҧҳәыс абасҟак лылзыршозеи уҳәарын, лусура хадаҿы лзанааҭ лҽахаршәаланы аҧсшьара мшы аангьы ҧсшьаха лхы иамҭакәа, аҩнтәи лусқәа ааныжьны, изызҳауаз аҧсуа ҿар рхатәы бызшәа ахьыдлырҵоз уаназхәыцлак. Лыҧшәмеи лареи аилибакаара рыбжьан. Аҵарауаа рҭаацәараҿы даҽакалагьы иҟаларымызт. Ирина лыҧшәма – Гәдоуҭа араион Аацы ақыҭа иалиааз, аҧсҭазаара ду ашҟа ишьаҿақәа анеихигоз, зразҟы Москваҟа инанагаз, Москватәи хәылҧазтәи аметаллургиатә институт иҭалаз, қәҿиаралагьы иалгаз, иара уа аспирантура даанахәеит. Ашьҭахь адиссертациа ихьчеит. Атехникатә ҭҵаарадыррақәа дркандидатхеит. Акыр шықәсагьы ари иреиҳау аҵараиурҭаҿы аус иуит Константин Матвеи-иҧа Анқәаб. Уи еснагь дарҕьажәҩаны длывагылан, лаҧшьгарақәа дырзыразын, лааҧсара ахәшьара бзиа аиҭон.
Константин Анқәаб Москватәи хәылҧазтәи аметаллургиатә институт аҵарауаа ргәыҧ даланы аҭҵаарадырраҿы иаадыртхьаз аҿыцаҧшьгарақәа рзы акыр автортә ршаҳаҭгақәа роухьан. 1971 шықәсазы «Аметаллқәеи аиларҭәақәеи рыршышьақәа» рганахьала раартра ҿыц азхаҵан, аршаҳаҭгагьы рыҭан. Убас 1978, 1980, 1982 шықәсқәа раангьы раҧшьгара ҿыцқәа раартразы акымкәа, ҩбамкәа аршаҳаҭгақәа рнапаҿы ирырҭахьан. Абасала, Константин иҩызцәа аҵарауаа имҩаҧыргоз аҭҵааратә усура далахәын, ихатә аҧшьгарақәа рзы ҳаҭыр иқәын. Константини Иринеи аҭҵаарадырреи арҵаҩратә усуреи рҟны досу рзанааҭ ргәы азҭаны ақәҿиарақәа аадырҧшуан. Рыхшара рылагьы игәырҕьартә иҟан.
2017 шықәсазы акәзар, зыӡбахә ҳамоу аҭаацәара Аҧсныҟа ихынҳәит. Иаҧсаны рыжәлар ирылагылан. Досу уск-уск рҽазыркит. Рыҧсадгьыл аҟны иахьынхоз иазгәдун. Аха ишааиуаз арыцҳара рыхьӡеит. Аби ани 2020 шықәсазы ирыхьыз аковид чымазара ҕәҕәала иаргәамҵуан. Ҳазшаз имчала, лара деиқәхеит, аха Константин уи иахҟьаны иҧсҭазаара ҿахҵәеит.
Ега ус акәаргьы, Константин аҭаацәара ҧшӡа иҭынхеит. Рыхшара – аҧҳацәа рыхҩыкгьы рынасыҧқәа рыҧшаахьан, раб уи аганахьала игәы ҭынчын, рыбзиарақәа дрыхьӡеит.
Ира Борис-иҧҳа Аҧсныҟа даныхынҳәы инаркны аҧсуа ҵарауаа рҭаацәара ду далахәуп – аус луеит Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҧсуаҭҵаара аинститут адеалектологиа алабораториа аиҳабыс. (Уаанӡа араҟа акыр шықәса аус луан иаамҭамкәа зыҧсҭазаара иалҵыз Емма Кьылҧҳа).
Аҧсҭазаараҿы, аҭҵаарадырраҿы еиҧш, аҵара-ааӡара аусхк аҟны аџьабаа збахьоу Ирина Басариа иахьа лыҧҳацәа лгәы рыладууп. Лыҧшәма длыҧхеит, аха лыхшареи лмаҭацәеи данрылаҧшуа, данрызхәыцуа аҧсҭазаара лгәадырҧхоит.
Аҳәоуеиқәшәареи, аилибакаареи, аихаҵгылареи, аицхыраареи аҳра ахьыруа аҭаацәараҿы досу игәыхәтәы дахьӡоит. Аҵарауаҩ лхаҭа лакәзаргьы уи шьақәлырҕәҕәоит. Аҭҵаарадырреи аҵара-ааӡареи русхк аҟны лылшамҭақәа рзы ҳтәылаҿы лааҧсарақәа рыхә ҳаракны ишьан. 2004 шықәсазы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусҧҟала иланашьан «Ахьӡ-аҧша» аорден ахҧатәи аҩаӡара.
Ҵабыргуп, Ирина Борис-иҧҳа Басариа- Анқәаб илыллыршахьоу рацәоуп, аха аҭҵаарадырра аанлыжьшам, аханатә еиҧш, дагәыланахалоит. Ауаҩытәыҩса даныҧшаауа, иҿыцу акы анцәыриго иара изы жәҩангәашәҧхьароуп. Ари ахшыҩҵак лара даара илнаалоит. Ақәра ду ҳазшаз илаҭәеишьааит. Шьардаамҭа лыҧсадгьыли лыжәлари дрыгымзааит.
Вахтанг Аҧҳазоу


