Аминистрцәа реилазаара 2025 шықәсазы адемграфиа аҿиара иадҳәалаз ахықәкытә программа анагӡаразы аҳасабырба иазыӡырҩит

«2025 шықәсазы Аԥсны қәҿиарала инагӡан ахәыҷқәа змоу аҭаацәарақәа ацхыраара рыҭаразы апрограмма. Апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны зныктәи аԥаратә хархәагақәа рзоужьын.

100 нызықь. мааҭ рыҭан актәи ахәыҷы ииран, иара убас аҩбатәи ахԥатәи ахәыҷқәа рииран; 200 нызқь. мааҭ – аԥшьбатәи ахәыҷи уи ишьҭанеиуеи анилак», – ҳәа адырра ҟалҵеит асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи рминистр инапынҵақәа назыгӡо Кама Аӡынба.

Апрограмма афинанс азоужьын арепатриациа Афонд аԥаратә хархәагақәа рҟынтәи. Иааизакны иартәеит 120 млн мааҭ.

Аҳасабырбатә аамҭахәҭа иалагӡаны 1 152 рзаҳал ахәаԥшразы ирыдыркылеит.(урҭ рҟны иалоуп 2024 шықәсазы ииагаз арзаҳалқәа 9). Аусуратә гәыԥ алҵшәақәа рыла:

Арзаҳалқәа 1096 шьақәырӷәӷәоуп, афинанс рзоужьуп;
Арзаҳалқәа 55, 2026 шықәсахьы ииагоуп , 2025 шықәсазы абиуџьет нагӡаны ахархәара ахьамоу иахҟьаны;
Рзаҳалк аҵаҵӷәы ахьышьақәырӷәӷәам азы мап ацәкуп.

Апрограмма иамҽханакит 1110-ҩык ахәыҷқәа, урҭ рахьтә: 562-ҩык аҷкәынцәеи, 548-ҩык аӡӷабцәеи.

Аԥсны иит 669-ҩык ахәыҷқәа, уи анҭыҵ - 441-ҩык.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me