«2026 шықәсазы ақыҭеи ақыҭанхамҩеи рырҿиаразы» аҳәынҭқарратә программа шьақәдырӷәӷәеит атәыла анапхгара

Апрограмма ахықәкқәа иреиуоуп ақыҭанхамҩатә аалыҵ акгьы иаҵамхо ашьақәырӷәӷәара, ақыҭанхамҩаҿы адгьыл ахархәара аиӷьтәра, иара убасгьы анхаҩы ицхраареи ақыҭанхамҩатә наплаки рырҿиара.

Апрограмма анагӡаразы аҳәынҭқарратә биуџьет аҟынтәи иазоужьхоит 500 млн мааҭ. Аԥарақәа шьҭхоит:

Агрантқәа рыҭаразы — 232 млн мааҭ.
Аԥара азоужьра — 35 млн мааҭ.
Амашьына-технологиатә станциақәа рзы ақыҭанхамҩатә техника аахәара — 100 млн мааҭ.
Амашьына-технологиатә станциақәа рзы амаҭәахәқәа раахәара — 10 млн мааҭ.
Аҵиаақәа рыхьчара ахәшәқәа раахәара, ақыҭанхамҩа ахьчаразы аусмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара — 10 млн мааҭ.
Ақыҭақәа рхадарақәа афинанстә цхыраара рыҭара — 110 млн мааҭ.

Апрограмма анагӡара иадҳәалоу ахарџь — 0,5 млн мааҭ.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me