«Аԥсны Аҳәынҭқарра анҭыҵи уи аҵакыраҿи атәылауаа рыхәышәтәра» иадҳәалоу ахықәкытә программа шьақәдырӷәӷәеит

Апрограмма ахықәки ахыдҵақәеи:

Ачымазыҩцәа рыԥсҭазаара аиӷьтәра, аџьатә қәра иаҵанакуа аусура рылшартә еиԥш аҭагылазаашьа рзаԥҵара, аинвалидцәа рхыԥхьаӡара армаҷразы иахәҭоу ацхыраара рыҭара, ачымазарақәа ирыхҟьаны иԥсуа рхыԥхьаӡара армаҷра.
Ахәыҷқәа рыбжьара аинвалидцәеи иԥсуеи рхыԥхьаӡара армаҷра.
Атәылаҿы адемографиатә рбагақәа реиӷьтәра.
Аԥсны аҳәынҭқарратә медицинатә усбарҭақәа рҿы иахәҭоу ацхыраара рыҭаразы алшара аныҟам, згәабзиаратә ҭагылазаашьа уадаҩу ачымазаҩцәа алхны аҳәаанырцә рышьҭра.
ЕКО апроцедура зҭаху ралкаара, урҭ амедицинатә цхыраара рыҭаразы аҳәаанырцә рышьҭра.

Апрограмма анагӡаразы 2026 шықәсазы аҳәынҭқарратә биуџьет аԥаратә хархәагақәа рҟынтәи иазоужьхоит 205 млн мааҭ.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me