Мшаҧы 25, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аҧсуа иаҧсуара деиқәнархароуп

Кавказ ажәларқәа иџьбароу аҟазшьа рымоуп ҳәа шырҳәогьы, ахынкылара рылоуп. Ирымоуп ачҳара. Ачҳара ҕәҕәа рылан аҧсуа жәларгьы. Ачҳарақәа акуп иҩбоуп. Уи урхар алшоит ахьаа ҕәҕәа ачҳарахь. Мамзаргьы ауаҩы егьа акы дахыццакуазаргьы ичҳаны, дызхыццакуа аҧеиҧшра. Ачҳара инаваргыланы аҧсуаа цәаҩаны ирылан ҳҵас-ҳқьабз иузаҟәымҭхо, ҿырҧшыла ада ажәала иузеиҭамҳәо – аҧсуара. Аҧсуара ауп изыдҳәалоу абырг данцәажәоз илабашьа иаирсыз иааигәара игылаз арҧыс ишьапы  ишалаҟацазгьы, иажәа  еиҧимҟьарц азы ахьаа чҳаны абырг иажәа далгаанӡа ҿымҭ игылара.

Аҧсуара иазкны саб исзеиҭаиҳәахьоу хҭыск абраҟа иаазгоит. Аибашьра ҟалаанӡа акәын. Ақырҭқәа усгьы Аҧсны иахаҧаны иҟан. Ҽнак сашьа еиҳабы ихаҧыц ихьра иалагеит. Ашкол ашҟагьы дымцацызт. Саб даашьҭихын дигеит ахаҧыцхәшәтәырҭахь. Дахьнеигаз ахәыҷы ихаҧыц ыҵхтәуп рҳәеит. Ари заҳаз сашьа аҵәыуара далагеит. Уи аҵәыуара данаҟәымҵӡа, саб диқәыцәҟьеит "иуыхьи уара уаҧсыуаӡами" ҳәа. Ари заҳауаз аҳақьым дқырҭуан. Саб ақырҭшәа бзианы еиликаауеит. Мчыла ақырҭшәа ашкол аҟны ианыддырҵоз ашықәсқәа ирхаану иоуп. Саб ииҳәаз заҳаз сашьа аҵәыуара дааҟәыҵит, уи аҧсуара закәыз еиликаау, мамзаргьы саб дицәшәоу сыздыруам аха. Аҳақьым иакәзар, ауадаҿы иҟаз егьырҭ аҳақьымцәа қырҭбызшәала иреиҳәеит "ижәбома аҧсуаа рхәыҷқәа шырааӡо",– ҳәа.

Уажәы ицәырызгарц исҭаху атема аҟны аҧсуареи ачҳареи алацәажәара абаҭахыз ҳәа згәы иаанаго ҟаларгьы, сгәаанагарала аки-аки узеиҟәымҭхо еидҳәалоуп.

Амҩатә машәырқәа ирызкны аӡәырҩы астатиақәа рыҩхьеит, адырраҭарақәақәагьы ҟарҵахьеит. Абри астатиа авторгьы зныкымкәа уи атема шьҭысххьеит. Срыҿцәажәахьеит амҩақәа рҿы ашәарҭадара ахылаҧшра знапы иану, урҭ имҩаҧырго аусура атәы. Уи акәӡам иахьа хықәкыла сыззааҭгыларц исҭаху. Сазааҭгылоит аҧсҟы зку ҳауаажәлар рхымҩаҧгашьа.

Абри аматериал аҟны ачҳара атема баша ицәырсымгаӡеит. Иахьа ҳауаажәлар маҷк ачҳара рыцәмаҷхо иалагеит. Ақәыҧш инаиркны, зыуаҩыбжара инҭысхьу рҟынӡа, секундк иадамхаргьы амҩаҿ џьара ҧынгылак роур, иаангылап ҳәагьы ргәы иҭаӡам. Убри аан, амҩатә ҧҟарақәа шеиларго лабҿаба зегьы ишырбогьы, дара рхаҭақәагьы ишырдыруагьы, акгьы ҟамлаӡазшәа рымҩа иацырҵоит. Ҿырҧштәыс иаазгоит ҩымчыбжьаҟа раҧхьа ахәыҷтәы хәышәтәырҭа азааигәара иҟоу асветофор аҟны акымкәа-ҩбамкәа амашьынақәа реиҿасра атәы. Амашәыр ҟалеит, хымҧада амҩаҿы амҩасра аамҭала иаанкылахеит, амашьынақәа рацәахеит. Убри аан, ари  амҩаҟны ҩ-хырхарҭакны амашьынақәа еивысыртә еиҧш ауп алшара шыҟоу. Избанзар, уаҟа амҩа аҽарҭшәоит, егьа ҟауҵаргьы аҧҟара еиламгакәа уаҧхьаҟа еиҭаҵшьа умам. Амашәыр иахҟьаны еикәаҕҕа еишьҭагылаз амашьынақәа рыгәҭа сақәшәеит саргьы. Аццакреи, аҧҟара аилагареи иахылҿиааз амашәыр лабҿаба избоз шыҟазгьы, уи иааннакылаз маҷыҩхеит. Амҩа маҷк иҭацәаанӡа аҧшра рылымшеит, раҧхьаҟа иааиуаз амашьынақәа ирҿаланы идәықәлеит. Аҧсуа ичҳара захьӡу дара рзы иҟамлеит. Убарҭ рхыҧхьаӡараҿы дыҟан хҧаҟа-ҧшьбаҟа шықәса зхыҵуаз ахәыҷы дызватәаз ахаҵагьы. Абри ауаҩ ихы дацәымшәозаргьы иватәаз  ахәыҷы машәыр ихьып ҳәа дшәаны даанымгылазар, агәра шәсыргоит уи аҧхьаҟагьы акгьы дшааннамкыло…

Аҧсҟы зку ҳауаажәлар рхымҩаҧгашьа иацҵо иаазгоит даҽа ҿырҧштәқәакгьы. Ҧыҭҩык рзы амҩаҿы аҧҟара шьақәзыргыло асветофорқәа зынӡаск акгьы аанагаӡом. Аҟаҧшьгьы, аиаҵәагьы, аҩеижьгьы дара рзы акоуп, аҧшшәқәа рзеилмырго сыздыруам аха… Асветофор дақәгәыҕны ашьаҟауаҩ амҩа еихысҵәоит ҳәа дандәықәла, еибгала имҩахь дзымцар ҟалап! Хымҧада, амҩаҿы амашәыр ҟамлар ауӡом. Еиуеиҧшым аҭагылазаашьақәа ҟалоит. Аха, амашьына аҧсҟы зку идырны аҧҟара анеилаиго, уи иахҟьаны ауааҧсыра анҭахо, уи машәыруп ҳәа иҧхьаӡатәым, идырны ауаҩы дишьит ауп иаанаго. Еиҳараӡакгьы ашколқәа рааигәара иҟоу асветофорқәа рҟны ашәарҭара ҕәҕәа ацуп. Зныкымкәа-ҩынтәымкәа лабҿаба избахьеит ахәыҷқәа аҧсра ианацәынхо, иара амашәыргьы ианақәшәо.

Зны-зынла амашьына аҧсҟы зку ауааҧсыра убас рхы мҩаҧыргоит, цас иҟарҵоушәа. Иахьаарықәшәо, аҧҟара иақәшәо иақәымшәо агәхьаа мкӡакәа, рмашьынақәа наргыланы ицоит. Рыцҳарас иҟалаз, аӡәык ҩыџьак ракәӡам ус зхы мҩаҧызго. Аҕьырак зегьы ус рхы амҩаҧгара иалагеит. Аӡәи-аӡәи ҳаиҿыҧшуазар акәхап… 

Аҧсуаа аизҳара, аиҵыҵра Анцәа иҳаиҭааит! Ҳаазқәылаз ачарақәа рхыҧхьаӡара убриаҟара ирацәахеит, асабшалеи амҽышалеи мацара акәымкәа, есҽынгьы ачарақәа руа иалагеит, уи даара игәахәара дууп. Аизҳара, аиҵыҵра иатәуп. Аҧсуа ачара аниуаз Анцәа диҳәон, игәырҕьара ашҟа имҩахыҵыз зегьы еибгала, машәыр рықәымкәан рыҩныҟақәа рахь ихынҳәырц азы. Ачара ашьҭахь аӡә машәырк имыхькәа еилгазар, убасҟан игәырҕьара нагӡахеит рҳәон.

Аха заҟантә иҟалахьоузеи ахҭысқәа, арыжәтә иахҟьаны Аҧсны ахы-аҵыхәа иахыҵәахьоу игәыҭшьаагоу арыцҳара дуқәа. Иаҳҳәозар, зчара аҽны иҭахаз аҭаца, уи лҩыза, ахәыҷы ҧшқа. Ари ахлымӡаах ҟалеижьҭеи акыр шықәсқәа шыҵхьоугьы изхашҭхьоу маҷҩуп. Ус еиҧш шаҟа…

Ачараҿы ауаҩы дкәашоит, дшәаҳәоит, иқьаф ҟаиҵоит – еилкаау усуп. Аха убри аан изаҭахузеи ушьапы узықәымгыло ижәны, амашьына аҧсҟы кны амҩа ақәлара. Ааигәа чарак аҟны сыҟан. Ҳааигәара итәаз, зыуаҩыбжара инҭысхьаз хацәақәак рҽадцаланы аҩыжәра иаҿын. Хаҭала сара урҭ зусҭцәоу сыздыруамызт. Аха иҳадтәалаз ҧҳәыск дареи лареи еибадыруан. Руаӡәк иахь лхы налырхан "уара амашьына аҧсҟы укӡами?" ҳәа диазҵааит. "Искыми, уи абасҧырхагоу", – иҳәеит. Анаҩс рцәажәарала еилыскааит уи ауаҩ иҭаацәагьы шицыз. Абраҟа ицәырҵуеит азҵаара, ауаҩҧсы ихы дацәымшәозаргьы, схарала даҽа шьоукы ҭахоит ҳәа дымхәыцуазаргьы, иҭаацәа машәыр рыхьыр ҳәа дымшәозар, иҟоума даҽа мчык уи днызкыло?!

Аиашазы, иахсырҟьацәозаргьы сыздыруам, аха "аӡы иагоз аҳәҳәабжь иаҳаӡом" ҳәа ирҳәо аҟны ҳааины ҳаҟоуп аҧсуаа. Иахьа ҳамҩақәа рҟны анҵәара иаҿуп ҳауаажәлар. Урҭ амашәырқәа маҷк иадамхаргьы раанкыларазы доусы ҳаҩнаҭақәа рҿы аус аауроуп. Амашьына арныҟәцара акультура ҳауаажәлар ирылаҳааӡароуп. Уи азы аус утәуп зегьы раҧхьаӡа иргылан ахәыҷбаҳчақәа рҟны, ашколқәа рҟны, аҵараиурҭақәа рҟны. Убри инаваргыланы амашьына аҧсҟы зку ауаажәлар рыхдырра ыҟазароуп. Зыуаҩыбжара инҭысхьоу ауаҩы ижәны амашьына дақәтәозар, ҿырҧшыс идҳарбои еиҵагыло аҿар. 

Абри астатиа аҩра саналагоз аҧсуара атәгьы баша исымҳәаӡеит. Аҧсуаа рзы иреиҳау закәанын раҧсуара. Аҧсуаа ахьыҟазаалакгьы аихаҵгылара рылан, ахымҩаҧгашьа рдыруан. Иҟоуп лафк, ҩыџьа аҧсуаа Аҧсны анҭыҵ адәыҕба аҭалара аҟны ианеиқәшәаз атәы. Уара уца сара сца ҳәа ишеибапатуаз рдәыҕба цеит рҳәоит. Уи лафны иҳәоуп, аха убраҟагьы аҧсуа ихымҩаҧгашьа аарҧшуп. Амҩаҿы ахымҩаҧгашьагьы ҧсуароуп. Убраҟагьы иаарҧштәуп аламыс апату. Раҧхьа ицо ҳәа ҳаижәыланы акәымкәан, ачҳара аарҧшны, адәыҕба иҭалоз реиҧш ҳааизыҧшны ҳаибапатур, убри ауп амҩатә культурагьы. Аҧсуа  иаҧсуара деиқәнархароуп.  Уи еиҳау закәани ҧҟареи иара изы иҟаӡам.


Ш. Торчуа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me