2025 шықәсазы амҩатә машәырқәа 152 ҟалеит ҳәа адырра ҟаиҵеит апрокурор хада аколлегиа аилатәараҿы

Амҩатә машәыр иахҟьаны 50-ҩык ҭахеит.

«Амҩатә машәырқәа 80 рыла ашьаус хацыркуп. 2024 шықәсазы амҩатә машәырқәа 161 ҟалеит, уи иахҟьаны иҭахеит 48-ҩык. Атәыла амҩақәа рҿы аҭагылазаашьа даара иуадаҩуп», - ҳәа иҳәеит Адгәыр Агрба.

Агрба ас еиԥш иҟоу арбагақәа ҵаҵӷәыс ирымоуп ҳәа иазгәеиҭеит ижәны амашьына аныҟәцара, аццакра, амҩатә ԥҟарақәа реилагара.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me