Иандекс абжьы ахархәаразтәи амаҵзураҿы аԥсуа бызшәа ҭагалахоит ҳәа Аԥсны Ахада иҳалаиҳәаз ажәабжь угәы шьҭнахуеит ҳәа азгәалҭеит аҵарауаҩ Риҵа Сақаниаԥҳа

Аплатформа Иандекс аҿы абжьы ахархәаразтәи амаҵзураҿы аԥсуа бызшәа ҭагалахоит ҳәа Аԥсны Ахада Бадра Гәынба иахьа иҳалаиҳәаз ажәабжь даара угәы шьҭнахуеит ҳәа азгәалҭеит абызшәадырҩы, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аусзуҩы Риҵа Сақаниаԥҳа.

Иахьа телехәаԥшрала иқәгылараҿы Аԥсны Ахада иҳәеит Москва имҩаԥысыз Сергеи Кириенкои иареи реиԥылараҿы ари азҵаара шышьҭихыз уи адгыларагь шиуз.

Риҵа Сақаниаԥҳа иазгәалҭеит ииашоуп ҳәа ишылыԥхьаӡо ҳбызшәа аҿиара аус аҿы ҳаамҭазтәи атехнологиақәа рхархәара. Аҵарауаҩ илҳәеит лхаҭа дшалахәу иԥсабаратәым ахдырра аԥсшәа аларҵәаразы ажурналист Анна Гәниаԥҳа аус здылуыло апроект.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me