Жәлар Реизара адепутат Инар Саӡба аинформациатә маҵзура «Аԥсныпресс»ахь адырра ҟаиҵеит апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны иазԥхьагәаҭоуп ихадоу ҩ-технологиак: атекст ажәаҳәахьы аиагареи,ажәаҳәа атекст ахь аиагареи.
«Ари иҿыцу алагала иалнаршоит авидеонҵамҭақәа иаразнак реиҭагара, ахатәы бызшәа есыҽнытәи амобилтә программақәа рҿы ахархәара», – ҳәа азгәеиҭеит Саӡба.
Адепутат иазгәеиҭеит аҿар рзы ари апроект астратегиатә ҵакы шамоу, иҳәеит иԥсабаратәым ахдырра аԥсуа бызшәа аҵаразы ашьаҭа шаԥнаҵо, ажәақәа ииашаны рҳәашьа шунарбо.
«Атехникатә аспект хаданы иҟалоит API амыругақәа, уи иалнаршоит иԥсабаратәым ахдырра зхы иазырхәо рхала амилаҭтә платформақәа рҿы аиҭагареи абжьы ахаҵареи рфункциақәа ралагалара», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит иара.
Адепутат игәаанагарала, ари ахҭыс адунеизегьтәи ацифратә ԥсҭазаараҿы абызшәа иактиву мыруганы иҟанаҵоит.
Аԥсны Ахада Бадра Гәынбеи Урыстәыла Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенкои реиԥылараҿы амилаҭтә бызшәа ацифрахь аиагара азҵаара иалацәажәеит.


