Мшаҧы 26, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Агәымшәа Роман

Роман Владимир-иҧа Ҵереҭели диит 1973 шықәса сентиабр 13, рзы Очамчыра араион Тамшь ақыҭан. Тамшьтәи абжьаратә школ даналга,  дҭалоит азанааҭ-техникатә аҵараиурҭа  (Қарҭтәи афилиал). Ибзианы далгоит 1990 шықәсазы. Ашьҭахь аррамаҵура ихигон Агәыӡера, командирс диман Гари Бигәаа.

Роман дҿырҧшыган аррамаҵураҿы, – «имаашьоз, иааӡаз, ламысла  идырҵоз зегьы наигӡон, ахәыҷы бзиа дҩашьом» – иҳәалон икомандиргьы зны-зынла. Роман уи иныҧшит аибашьраҿгьы…

Роман аррамаҵура ихигеижьҭеи мызкы акәын иҵуаз. Ааҩны дшыҟаз  уаҩы изхамҵоз аибашьра, ҵысит  Аҧсны, 1992 шықәса 14 август рзы.

Агәымшәа Роман,  иҟалап зегь раҧхьа абџьар шьҭызхыз» ҳәа азуҳәар иашахар. Убас иагьыҟалеит.

Раҧхьатәи атанк иааиуаз ицәцазаргьы, аҩбатәи ус имышьҭит. Зегь раҧхьа уи иҭаирхеит аҕа итанк, Тамшь ақыҭан аӡиас Ҭоумышь ацҳаҿы инаӡаанӡа.

Ауха аҵх иҽалак дымшәакәа, атанк дҭаланы иҭигеит абџьарқәа, иара убас аџьаҧҳаны, адипломат, уаҟа иҭан ахсаала ду, Аҧсны аҭыҧқәа, амҩа уқәызҵоз. Ари, сара исзеиҭеиҳәеит иара дызбаз аибашьҩы, иҩыза Зураб (Гәыда) Ануа.

Ари раҧхьатәи ифырхаҵара акәын. Роман джәылон, ахьаҵра издырӡомызт. Деибашьуан тамшьаа рыҷкәынцәа дрылагыланы: Тамшь, Ҭоумышь, Лабра, Кәачара, Аҭара. Хьыӡла-ҧшала иҧсадгьыл аҿаҧхьа  иуалҧшьа инаигӡон.

Аха дҭамхар амуит, иҩызцәа рыгәҭаны, амҩа ишықәыз – Галҟа ҧшыхәра ишцоз, иахьанӡагьы еилкаам аҭагылазаашьаҿы.

Иеиҳабацәа аҧшыхәра ианцоз дзыццоз, аибашьраҿы дырҵахьан: имаашьоз, имшәоз лакәын, зегьы  ирҭахын ицныҟәара. Ирдыруан дзызцоз аус намыгӡакәа дшымгьежьуаз. Афырхаҵарақәа акырџьара иааирҧшит иҩызцәа рыгәҭаны. Ихәмарны изҿырҭлон – Пилсан (хьыӡ ҷыданы иарҳәон), еиҭах ухымҭа иаургеит акәу. Аӡәы иоума илаушьҭыз, автоматқәа ҩба роуп иуку?! – Шәаасҟәаҵлеи, аӡәа-ӡәала еиҳа еиҕьуп, дара акреилызкаауа дрылазар «иуасақәа» иманы иааҧҭрахьы инҭеицалап» – инараҭеикуан, дыччо.  «Катран» еиднакылоз агәыҧ  данырбалакь: «Ҳахьшьыцба «ухиома?» анырҳәалакь, дааччаны – «сыхиамкәа – ара сыҟами», – ҳәа ишьапқәа ааидыҧсаланы, инапы шьҭыхны, дыччо арраҿы ишаҧу ала инапы ихы инадылкыоан. Нас драҧгыланы аҧшәыхәра дцалон. Уи анаҩсан дахьӡар акәын ажәылара. Уи аҿгьы даҧхьагылан афырхаҵа гәы зызҭаз Роман. 21 шықәса ирҭагылаз арҧыс акырынтә иҩызцәа ивыршьаахьан. Лашькьындар (Цхьынҵҟар) аныргоз уи далан Мушьни Хәарцкьиа игәыҧ.

Ицон аибашьра ҕәҕәа. Иузымҧхьаӡоз  ақырҭуа фашистцәа ртанкқәа жәылон, аха рҽаҵадырхомызт ҳфырхацәа, иҧыржәон акакала.

Убасҟан Романи Мушьни Хәарцкьиеи џьарак иеиватәан аҭабиаҿы. Рҩыџьагьы фырхацәан. Усҟан Кәачара ргахьан, ииасит Цхьынҵҟарҟа Бзиа еибабеит – сфырхаҵа хәыҷы «аҭауад»-ҳәа акәын  Мушьни Роман  ишиеиҳәоз. Мушьни ихымҭа атанкқәа шҭанархоз ибахьан Роман, иҿиҵааз рацәан, иҟалап убри ихымҭақәа рыла, афырхаҵа  иоузар аҧышәа.

Мушьни дивыршьааит Роман. Уи нахыс Роман игәымшәара, ихымшаҭара акы дахәаҧшуа дҟамлеит. Иара иуалҧшьа анаҩсгьы дизацлеит Мушьни. Инаигӡон ҩыџьа руалҧшьа, аҽны иҭаирхеит аҕацәа ртанк. Иашьа Рамин Ҵереҭели иакәзар, атанк иақәтәаз иаанкылашьа рымамызт. Избанзар арҭ аҷкәынцәа зегь раҧхьа Мушьни Хәарцкьиа дара рыҩнаҭаҿы дымҩахыҵит.

Акыраамҭагьы Роман иҩнаҭаҿы акәын апартизанцәа, аибашьцәа ахьеизоз, акрахьырфоз. Роман иҭаацәа дыргәаладыршәоит Мушьни: иажәақәа рыла «Абааҧсы шәашҭақәа шәырмеигӡан, аҭабиақәа шәжы, ҳаирпланк аахыларгьы, иааигәоуп аҽыҵәахра азыҳәа». «Бзиарак ҟаланы аибашьра ҳзалҵыр шәарҭ шәеиҧш иҟоу аҭаацәа шәсхашҭран, сыҟаӡам»… «Ех, уи аҩыза ҳзырбазеи, ма руаӡәк дынхарауааз» – рылаҕырӡқәа аахыжжуеит Роман иҭаацәа.

Мушьнии Романи еицеибашьуан Тамшь, Кәачара, Лабра, Цхьынҵҟар. Уаанӡа Роман  деибашьуан Ҭоумышь, Кындыҕ, Ануаархәы. Хьыӡла-ҧшала, уи инаигӡон иуалҧшьа иҧсадгьыл.

«Зегьы ҳшәаны абнахь ҳцон, аҽыҵәахра аҳаблаҿы – уахынла ҳаауан, аҩныҟа» – дцәажәон иан.

Ари аибашьра алагамҭаз ауп, август 17 аҽны.

 Дук мырҵыкәа, акрыфарагь ҳахьымӡеит, машьынак  агәашә иаадгылт. Роман амашьына аниба дыҩны агәашә ахь днеит. Уи амашьына зтәыз иаб иашьа иакәыз џьишьеит, аха уи акәымхеит. Амашьына иааҭыҵит ақырҭцәа, Роман ишьҭахьҟа дымгьежьит, «сыршьыргьы сыршьааит», ҳәа дырҧылт агәымшәара аарҧшны. Агәашә аҿы ианын ақырҭуа жәла, аха урысшәала ицәажәон. Ус иазҵааит: – «Иабаҟоу уҭаацәа?» Аҭак риҭеит имӡакәа. «Абнахь ицеит рҽырҵәахырц, иршьуеит азы». – Иааччан ус рҳәеит; «аӡәгьы шәишьӡом, амала ҳашьҭахьҟа иаауеит абжьысцәа, ақәылаҩцәа, убарҭ шәҽырцәышәыхьча, ҳара хара ҳцоит, иаҳҳәаз раҳәа». Руаӡәк дҵааит: «уара узусҭада?» – «Сара саҧсуами, ара сиит – Аҧсынтәыла», – инараҭаикит, дыччо, дымшәакәа Роман. – «Ҳара ҳцоит, амҩа ҳамоуп, ҳашьа хәыҷы, ахатәы убызшәа ҳәо уаҳҧылароуп ҳаныгьежьуа» – рҳәан, ибҕа инас-ҩасын бзиала ҳәа наиаҳәаны инеиҧырҵит.

Арҭ ажәақәа мцрак рылам уи ахҭыс иақәшәаз, аҵеџь  аӡы ҭызтоз Нонна Гагәуа.

Нонна Гагәуа аибашьра далахәын, иланашьоуп «Агәымшәаразы» амедал…

«Уи аҽны инаркны Тамшь еиҳа-еиҳа ирацәахон атанкқәа, абзарбзанқәа  рыбжьқәа»,– дсацәажәон Роман иан Диана. Лцәажәараҿы  уажәы-уажәы дылгәалалыршәон Мушьни. Ашьыжь ицон ҧшыхәра, Роман диманы, убарҭ убриаҟара бзиа еибабеит, иааиҧыршәомызт. Роман убри аҟара игәра игон. Амш аныцәгьаз, ибааӡаны ианааиуаз, ркьаҿқәа иаразнак иаарымхны ауаџьаҟ аҧхьа, аҟәардәқәа ргыланы заҟантә исырбахьаз. Иара уи дацәыҧхашьаны «сан, шәҳаргәамҵит» иҳәалон. – «Знык аибашьра иааилганы иҟалар шәара шәҩыза аҭаацәара шәысхашҭраны сҟалом, исылшогьы жәбап, ҳәа дцәажәон. Ех, Лиуда заҟа  узымҳәозеи, изоуҳәо дыҟазар, акыр ҳақәындаз  Мушьни дҭахозма.

Мушьни данҭахоз Романгьы уа диватәан. Роман дыҳәҳәон «иҟашәҵаз закәызеи?» ҳәа, дырзынкыломызт, ихцәы даханы иҵихуан, иҟаиҵара дақәшәомызт.

Роман Ҵереҭели ианашьоуп «Леон иорден».


Л. Ҵереҭели

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me