Мшаҧы 19, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image
×

Nota

There was a problem rendering your image gallery. Please make sure that the folder you are using in the Simple Image Gallery Pro plugin tags exists and contains valid image files. The plugin could not locate the folder: media/k2/galleries/267

Ҽаанбзиала, "Лыхнашҭа"!

Лыхнашҭа. Ижәытәӡоу, иссирӡоу, еснагь иҿоу, ҳаҧсадгьыл агәеисырҭа, ҳгәацаҧха! Аҧсуа дзырҿыхо, дзырхәыцуа, аҭоурых ӡыблара далызго, ашҭа-ҧшьахь ҳхьазырҧшуа! Ашҭа гәырҕьа-ччабжьыла иҭәуп. Асасцәа аднакылоит.

Лыхнашҭа иахыҩуеит аҧсуа жәлар рфырхаҵаратә ашәақәа. Гәдоуҭа араион 20 қыҭа хазы-хазы рашҭақәа рҿы еиҿыркааит рхатәы, ақыҭақәа рҭоурых уазҳәо рцәыргақәҵақәа. Раҧхьаӡа акәны ақалақь Афон Ҿыц ахатә ҭыҧ аман, ибзиангьы. Аҧсуаа рынхарҭақәа рҿы ажьи иҟаҵамҭақәа иалкааз аҭыҧ шрымаз аарҧшын. Ажьи қәыҧш джьиуан, икәон. Абиҧарақәа реимадареи аҧсуа жьицәа рҟазареи аҿар ралархәра ҿырҧшыган.

Аныҳәа "Лыхнашҭа" 1983 шықәсазы имҩаҧган. Уи амҩаҧгара аплани асценариеи зҩыз,  аҭоурыхтә наукақәа ркандидат Иури Гәдиса-иҧа Аргәын ажәа ҟәандақәа рыла дыргәаладыршәон. Уи аамҭазы еиҿкааз арадиомонтажи "Лыхнашҭа" аҟынтә Рушьбеи Смыр иажәеинраала "Лыхнашҭа" Аҧсны жәлар рартист Кьасоу Ҳагба даҧхьон.

"Лыхнашҭа" ныҳәа дууп аҧсуа жәлар рзы. Ари Аҧсны зегьы ианыҳәахеит. Аныҳәаҿы ажәлар рынхашьа, рынҵышьа, рҟазшьа, рысасдкылашьа, рнапҟазара, рфольклор, рбаҩхатәра аадырҧшуан. Лыхнашҭазы итрадициан аҽыбҕаҟазацәа рыхәмаррақәа, аҧсуа поетцәа ражәеинраалақәа рыҧхьара, ацәажәара… Аибашьра Аҧсны ианеилга ашьҭахь "Лыхнашҭа" аформақәеи амҩаҧгашьақәеи маҷк рҽырҧсахит, рҽеиҭаркит.

Аныҳәа "Лыхнашҭа" анымҩаҧысуази харада ахара зыдҵаны ирӡыз ауаа ргәалашәара амши еиқәшәеит. Убри инамаданы "Аҧсуаа" зыхьӡыз ацәыргақәҵа еиҿыркааит С.Дбар ихьӡ зху Аҧсны жәлар Рџьынџьтәыла  еибашьра амузеи аусзуҩцәа, 55-ҩык Аҧсны ахы-аҵыхәантә ирӡыз, ишьыз ауаа рпатреҭқәа цәырган. Усҟантәи аамҭазы, Аҧсны жәлар рҧыза Нестор Лакоба инысымҩа инарҭбааны иазааҭгылан.

Ацәыргақәҵаҿы 323 маҭәарқәа цәыргақәҵан. Аныҳәа иаҭааз ари ацәыргақәа иаднаҧхьалоз рацәаҩын.

Аныҳәа "Лыхнашҭа" амҩаҧгаҩцәа Смырҧҳа Рафидеи Аҟалҕьба Абзагәи аконцерт ахәҭа иалагаанӡа амш хьанҭақәа (1937– 1940) ажәлар еизаз иргәаладыршәеит, аҭоурых ахь ихьадырҧшит.

Аҽаҩра аныҳәеи, аконцерти, Лхаа рҭоурыхи еилаӡҩан.

Ажәаҳәацәа, аҽырхәмарцәа, ҳҵас-ҳқьабз иахәаҧшуаз асасцәа рызҵаарақәа нҵәаӡомызт. Уи аамҭазы ицоз арадиомантаж "Лыхнашҭа" ақыҭа зегьы иахыҩуан.

Лыхнашҭа –  Аҧсны аҵеицәеи уара уҵеицәа хьӡырҳәагақәеи рыла ҳаҧсадгьыл агәеисыбжь еиқәтәом. Аҧсуа жәлар рҧыза, адунеи ҳазырдырыз Владислав Григори-иҧа Арӡынба раҧхьа днаргыланы аҵеицәа рабиҧарақәа рыбзоурала еиқәырхоуп ҳаҧсадгьыл Аҧсны.  Аныҳәа "Лыхнашҭа" аҟны рҟазара аадырҧшит: Аҧсны зҽаҧсазтәыз ашәаҳәаратә ансамбль "Риҵа" (асахьаркыратә напхгаҩы Нора Чамагәуа), аҿар рышәаҳәаратә ансамбль "Ахьышьҭра" (анапхгаҩцәа: Есма Гәынбеи Саида Џьениеи), ансамбль "Гәында" (анапхгаҩы Роза Чамагәуа). Ахәаҧшцәа зыршанхаз ашәаҳәаҩцәа: Ферзба Алхас, Абыхәба Алхас, Какалиа Ныгәзар.

Р.Дасаниа ихьӡ зху Гәдоуҭатәи акультуратә Хан аҟны еиҿкаау акәашаратә ансамбльқәа: "Адац" (анапхгаҩы Руслан Дбар), "Аураашьа" (асахьаркыратә напхгаҩы Валери Ҭаниа) рыкәашарақәа рыла аҧсуа милаҭтә ҟазара ддырбон.

Аныҳәа "Лыхнашҭаҿы" Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Бжьаниа Аслан Гьаргь-иҧа ажәлар дрыдныҳәалеит. Агәабзиареи, аҭынчреи, аҭышәынтәалареи ажәлар ирзеиҕьеишьеит.

Аныҳәа "Лыхнашҭа" аиҿкаара анапхгаҩы, Гәдоуҭа араион ахада ихаҭыҧуаҩ Аҩӡба Валери Расим-иҧа иазгәеиҭеит: –  Лыхнашҭа аҧсуа жәлар ирныҳәоу, рҵас, рқьабз, рҟазара ахьаадырҧшуа, аҽаҩра иахьақәныҳәо ныҳәоуп. Ажәлар зегьы аҽаҩраҭагалара аныҳәа рыдныҳәалазааит. Ҳаҧсадгьыл аҧеиҧш ду амазааит!

Лыхнашҭа иҭыҩуаз агәырҕьара ажәлар еиднакылон, урҭ рлафи рашәеи акыраамҭа игон.

Гугуца Џьыкырба

  • {gallery}267{/gallery}
    Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me