Иаҳхылаԥшу инаҭра

Ақьырсиан ныҳәа дуқәа жәаҩа ируакны, Иисус Христос Иира Амш инашьҭаргыланы, иагьынаҟаратәны есышықәса ҿыцла жьырныҳәа 19 рзы иазгәарҭоит Иаҳхылаҧшу Анцәа Инаҭра амш.

Уи амҩаҧгашьалагьы Иисус Христос Иира Амш амҩаҧгашьа акыр еиҧшуп: иаашар ныҳәаны уаха аиҧш ахаатә рфом,  уаххьа  чгьахьала, ахәыӡ, абысҭа уҳәа, ача рыц еиҧшқәоу, ирылхны афатә ҷыда  ҟарҵоит. Убри аҟынтә ари ахьыӡ ҷыдагьы амоуп – Анаҭра уахыктәи аҿбаара. Иара аныҳәа аҽны ауахәамақәа рҟны Анцәа иашьапкра иазку алитургиа мҩаҧысуеит. Абри ашьҭахь азҿлымҳара ду аманы имҩаҧысуеит аӡы аҧшьара. Анцәа Инаҭра аҽны ауахәамаҿы ирыҧшьаз аӡы адин хазҵо рыҩнуҵҟа ҷыдала азхаҵареи апатуи амоуп.

Ақьырсиан дин аҟны ари аныҳәа ҷыдала аҵакы зарҭо уи амш Иисус Христос адгьыл аҿтәи иҧсҭазаараан адунеи аиқәырхаразы, ауаатәыҩса иҟарҵахьаз агәнаҳарақәа иҧсҭазаара ахҭынҵаны рхыхразы раҧхьатәи ишьаҿа акәны ирыҧхьаӡоит азоуп. Ҩеижәижәаба шықәса инарзынаҧшуа Иисус Христос аҧсҭазаара аилашыра инацәыхараны, қыҭа гҿахак аҟны иҧсҭазаара мҩаҧысуан. Аха уи иаанагом  Христос иҧсҭазаара ус баша имҩаҧысуан ҳәа. Аҧшьаҩыра излаҳәо ала уи доуҳала изҳауан, дыҕәҕәахон, имч-илшара, идоуҳа аҟәыҕарақәа рыла игәылирҭәаауан, Анцәа иаҿа ианиҵаз, лахьынҵас ииҭаз ихы-иҧсы ахҭынҵаны ауаатәыҩса реиқәырхара иҽазыҟаиҵон. Абри атәы, иара имаӡа, ихықәкы-игәҭакы макьаназы Иан лыда уаҩы издыруамызт. Аха зегьы ҿҳәарак-ҿҳәарак, аамҭак-аамҭак рымоуп. Абар иааит Иисус Христос илахьынҵамҩа аргама анылара аамҭагьы. Хыхь ишаҳҳәахьоу еиҧш, уи алахьынҵамҩа иалагамҭан, зегьы рзы  ҿырҧшыга  шьаҿан  Христос Инаҭра. Нас уи здыдаз, дызнаҭраны иҟадаз?

Абар ҩеижәижәаба шықәса инарзынаҧшуа, Иара Христос иқәлаз, махҽцәала еилаҳәаны, бнашәырла ичо Иудеиа асакарақәа рҟны доуҳала ишәуаз, аизҳазыҕьара иаҿыз Иоанн Анцәа иҟынтә лахьынҵас, дҵас ишимаз еиҧш, абри аамҭазы ажәлар рахь дкылсны, иҟашәҵахьоу агәнаҳарақәа шәрыхьхәы, наҭрала шәҽышәрыцқьа ҳәа дрылабжьон, адунеии ауаатәҩсеи реиқәырхаҩы иаарлас дааираны дшыҟоу деилиркаауан. Игәра ганы изыӡырҩуаз, аиқәырхаҩы иааира иазыҧшыз рыгәнаҳақәа ирыхьхәны Иордан аӡиас аҟны наҭрала рҽыдрыцқьон, иҟан иааираны иҟоу аиқәырхаҩы Иоанн иакәыз џьызшьозгьы (Иоанн анаҭҩы, аҧхьа иааиз (предтеча) ҳәа хьӡыс изоуз дызусҭаз, иишьахаз, иҭахашьахаз, дызхылҵызи Христос иҭаацәеи реимадара уҳәа ртәы инҭкааны ишәҳардыруеит ҳаҧхьаҟа иазгәарҭараны иҟоу иара имш азы).

Абри аамҭазы Иоанн ауаа аиқәырхаҩы иҧылара, анаҭра иазыҟаиҵарц Анцәа иҟынтә анырра иауит. Зыҧшрак ҟамҵа Иордан аҧшаҳәа ианыҩит адыд бжьы еиҧшыз Иоанн анаҭҩы ибжьы, уи ажәлар дрыҧхьеит анаҭрахь,аҽрыцқьарахь. Ирыҧхьоз еиҧш аиқәырхаҩы иааира, Анцәа Иаҳра аамҭа шааз зныруаз ауаа рацәа Иоанн иахь идәықәлеит, идеизалеит, аиқәырхаҩы иҧылара рҽазыҟаҵо аӡы иҭалан рҽырнаҭуан, рҽыдырыцқьон. Ус аӡиас иаҧныз адәы ааиҩҵәаны еизаны иҟаз рахь иҿааихеит уаанӡа ирымбацыз, ирзымдырӡоз аиқәырхаҩ. Нас Иоанн ихы наиқәкны снаҭ ҳәа иеиҳәеит. «Сара ушҧаснаҭуеи, уара сара сыунаҭыроупе» иҳәан, Иоанн Христос дааникыларц далагеит, аха Иисус имуит. Иоанн иҽирнаҭны, дшааиз еиҧш ашьшьыҳәа асакарахь дхынҳәит. Уи агәнаҳа иманы акәӡам иҽзинаҭыз, иҽзирыцқьаз,уиала агәнаҳа змаз ауаа Анцәа иахь амҩа дирбеит, уи амҩа иалагамҭоуп аҽрыцқьара, агәнаҳарақәа рахьхәра, урҭ уаҳа рыҟамҵара. Христос иҽнаҭны асакарахь данца анаҭҩы ауаа рахь ихы нарханы ҿааиҭит: «Ари зеимаа ашьацҳәа аҧыртлараҵәҟьа иаҧсам сара ара дсымбацызт, дсыздыруамызт, аха ӡыла Иаргьы шәаргьы шәнаҭразы арахь саазышьҭыз «Аҧсы цқьа зхаланы изхатәо иубаз Ҧсы Ҧшьала зҽызнаҭуа иоуп» ҳәа сеиҳәеит.Сара сацәымҩашьо избеит, шаҳаҭрагьы зуеит: Ари Анцәа Иҧа иоуп»

Иаҳхылаҧшу Инаҭра Анцәа ицәырҵра ҳәагьы ахьӡуп. Избанзар,иаҳхылаҧшуа инаҭраан адунеи зегьы иабеит Иҧшьоу Ахҩы р-Ххаҿыкгьы. Аҧа Анцәа Иордан аӡиас аҟны иҽинаҭуан, Аб Анцәа «Уара бзиа избо,сылыҧха зцу Сҧа уоуп» ҳәа Ажәҩан аҟынтә ибжьы рганы шаҳатра иуит, Аҧсы Ҧшьа иҳәыҳәханы Ажәҩан илбааны Иисус Христос ихатәеит.

  В.ҬАНИА

 Агазеҭ «Аҧсны» архив аҟнытә.             

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me