Аԥсны еизгоу акоманда «Фантасмагорцы» афестиваль «КиВиН-2026» иалахәуп

Ҳлафҳәаҩцәа рықәгылара мҩаԥысит актәи амш аан, ажьырныҳәамза 16 рзы.

«Аԥсныпресс» аинтервиу аҭо, акоманда анапхгаҩы Михаил Ҵкәуа иҳәеит, раԥхьатәи амш азы ақәгылара ахатә кәамаҵамарақәа шамоугьы, арԥарцәа рхы бзианы ишаадырԥшыз.

«Афестиваль алахәылацәеи Иреиҳаӡоу алига аредакторцәеи рыла ишьақәгылаз ахәаԥшцәа, аԥсуа лафҳҳәаҩцәа гәыкала ирыдыркылеит. Анапеинҟьабжь иарҵабыргуан акоманда ақәҿиара, ахәаԥшцәа 30 секунд инарзынаԥшуа акоманда аурышьҭуамызт. Ари аматериал аҩаӡара ҳаракы аазырԥшуа акакәны иԥхьаӡоуп», – ҳәа ациҵеит иара.

Ажьырныҳәамза 23 рҟынӡа афестиваль актәи ахәҭа мҩаԥыслоит. Зынӡа афестиваль рхы аладырхәуеит шәкыла аколлективқәа, урҭ Урыстәылеи аҳәаанырцәтәи атәылақәа жәпаки рҟынтә иааз алафҳәаҩцәа рыла ишьақәгылоуп.

«Ҳара 35-тәи аномер ала ҳақәгылеит. Уажәы алҵшәақәа ҳарзыԥшуп, аха аусурақәа хҳаркәшом, апрограмма ҳаиҭахәаԥшуеит, аномерқәа ҳарҽеилоит, анаҩстәи аетап ҳҽазыҟаҳҵалоит», - иҳәеит акоманда «Фантасмагорцы» анапхгаҩы.

Актәи аетап алцҵшәақәа хара имгакәа ирылаҳәахоит. Аҩбатәи аетап аан еилкаахоит ателехәаԥшратә лигахь инашьҭхо, уи мҩаԥгахоит ажьырныҳәамза 25-26 рзы.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me