Ас еиԥш акреативтә знеишьа зныԥшуа аҿырԥштәқәа руак абаннер аҿы иубон: асахьа убриаҟара аԥсы ахан, уа ианыз аԥҳәызба иԥсабаратәымкәа дшаԥҵоу аилкаара уадаҩын. Сариа Аргәын лажәақәа рыла, аиҿкааҩцәа абри аҩыза азнеишьала ирҭахын адизаинерцәеи амодельерцәеи ргәазҭаҵара шьҭырхыр.
Аԥсны акультура аминистр Даур Ақаҩба, иазгәеиҭеит, ари акыр аџьабаа зҭаху амиалаҭтә маҭәа аиҭашьақәыргылареи аларҵәареи рзы амҩа хара алагамҭоуп ҳәа. Аицлабра алахәылацәеи аиҿкааҩцәеи иҭабуп ҳәа раҳәо, зегьы аманшәалареи ақәҿиареи рзеиӷьеишьеит.
Аицлабраҿы ицәыргоуп аноминациақәа хԥа: иреиӷьу аԥсуа ԥҳәыс маҭәа, иреиӷьу аԥсуа хаҵа маҭәа, иреиӷьу аԥсуа маҭәа, ҳаамҭазтәи аинтерпретациа змоу. Иреиӷьу аҳәса рымаҭәазы аԥхьахә иартәоит 150 000 мааҭ, ахацәа рымаҭәаазы — 100 000 мааҭ, ҳаамҭазтәи аинтерпретациазы — 50 000 мааҭ, адәқьан Fashion House аҿы аба аахәаразы 10 000 мааҭ ицо асертификат ацны.
Иара убасгьы, афестиваль апрограмма иалахәын амузыкатә гәыԥқәа «Абжьыхааи» «Адоуҳаи», урҭ инарынагӡеит амилаҭтә шәақәа.


