Афестиваль «Амандарина» аҳәаақәа ирҭагӡаны Аҟәа имҩаԥысуаз амилаҭтә маҭәа аицлабраҿы аиааира згаз рыхьӡ ҳәоуп

15 модель иӡырыргеит итрадициатәу аԥсуа маҭәа, иара убас, урҭ ҳаамҭазтәи аинтерпретациа рзыруит.

Зусумҭақәа ӡырызгаз адизаинерцәа иреиуоуп Сабрина Ԥкьын, Кадыр Тәанба, Ника Берзениа, Салима Ҳашыг, Сарида Ҵәыџьба, Ҳамида Цәеиба, иара убас абренд «Аԥса».

Амилаҭ маҭәа ахәшьара арҭон аӡбаҩцәа - Маиа Гьерзмаа, Инга Шамба, Алхас Аргәын, Даур Ақаҩба, Марианна Амҷба, Мадина Ҷанба, Илона Занҭариа.

Аноминациа «иреиӷьу аԥсуа ԥҳәыс маҭәа» аҿы аиааира лгеит Сабрина Ԥкьын, 150 нызықь мааҭ аԥаратә ҳамҭа лоуит.

Аноминациа «иреиӷьу аԥсуа хаҵа маҭәа» аҿы даиааит Кадыр Тәанба, 100 нызықь мааҭ аԥаратә ҳамҭа иоуит.

Аноминациа «иреиӷьу аԥсуа маҭәа, ҳаамҭазтәи аинтерпретациа змоу» аҿы аиааира ргеит: Ника Берзениа, Салима Ҳашыг, Сарида Ҵәыџьба, урҭ 50 нызықь мааҭ аԥаратә ҳамҭақәа ранашьаан. Аӡбаҩцәа,иара убасгьы, иазгәарҭеит Ҳамида Цәеиба лусумҭа.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me