Арежиссиор Мадина Аргәын, Ашықәс ҿыцазтәи лықәыргыламҭа «Быбыш» иҵаулоу, иссиру алакә адунеи ахь ныҟәараны иаатит, уа ихадоу мчуп ақьиара.
Афырхаҵа хада, аҷкәын Быбыш (ароль наигӡоит Гәыдиса Ҭодуа), Аҵаа Бабаду димаҭоуп. Аха «иџьашьахәу» ихылҵшьҭра анашанатә лабашьақәа рыла акәӡам ишааԥшуа, уи игәы ацқьарала ауп ишцәырго. Быбыш ахәаԥшҩы иҿаԥхьа дықәгылоит агәымшәареи агәшаҭареи зло иакәны. Уи ҳицны ҳаргьы аџьашьахәқәа ахьымҩаԥысуа аҭыԥ ҳалаԥшуеит.
Аԥсны Ахада Бадра Гәынба иҟаиҵаз ааԥхьарала аспектакль иаҭааит Аҟәатәи аҳәынҭқарратә лицеи-интернат ааӡамҭацәа, иара убас Очамчыратәии Калдахәаратәии ашкол-интернатқәа рааӡамҭацәа.
Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура анапхгаҩы Алхас Ҷолокәуа ишазгәеиҭаз ала, Бадра Гәынба инеиԥынкыланы абар шьҭа ҩышықәса ҵуеит ашкол-интернатқәа рааӡамҭацәа рахь ари аҩыза азҿлымҳара ааирԥшуеижьҭеи.
«Иҳараку ацәаныррақәеи Ашықәс ҿыцтәи агәалаҟазаареи рыдагьы, ас еиԥш аиԥыларақәа еиҵагыло аҿар амилаҭтә культура иаднаԥхьалоит. Ахәыҷқәа рхатәы бызшәала ицәажәо алакә абзоурала амилаҭтә театр ахь абзиабара рызцәырҵуеит, рдацқәа рахь ихьанарԥшуеит», — ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Алхас Ҷолокәуа.


