Атурнир аихшьалақәа рыла актәи аҭыԥ ааннакылеит агәыԥ «Аԥсар», аҩбатәи аҭыԥ ааннакылеит агәыԥ «Ҷлоу», ахԥатәи аҭыԥ агеит Кәтолтәи агәыԥ.
Ашколхәыҷқәа рыбжьара, Аҟәатәи абжьаратәи школқәа №1, №5 ргәыԥқәа афиналтә матч аҿы еиқәшәеит. 18 шықәса зхымҵыц аспортсменцәа рыбжьара аиааира ргеит ашкол №5 аҵаҩцәа, араӡны медалқәа ранашьахеит ашкол №1 аҵаҩцәа. Аџьазтә медалқәа ранашьахеит агәыԥ «Дәрыԥшь».
Атурнир аԥхьахәтә фонд 400 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡеит. Аиааира згаз иранашьан ииасуа ахраҿа, амедалқәа, аҳаҭыртә шәҟәқәа.
Зынӡа сынтәа имҩаԥгаз ачемпионат рхы аладырхәит 100-ҩык инареиҳаны аспортсменцәа.


