Аха иҟоуп ахәыҷқәа ари аныҳәа даҽа гәалаҟазаарак зызцәырнаго. Урҭ зани заби рыда изызҳауа ахәыҷқәа роуп. Аҟәа ақалақь аҿы 17-ҩык аеҭымцәа ыҟоуп. Ишьақәгылахьоу атрадициала, Ашықәс ҿыц аламҭалазы урҭ аҳҭнықалақь ахадарахь ааԥхьара рырҭоит, иргәаладыршәоит аџьашьахә ҟалар шалшо.
Сынтәа аҳҭнықалақь ахада Ҭемыр Агрба ибзоурала, иааиуа аныҳәақәа рзы аеҭымцәа зегьы 20 нызықь мааҭ рыҭахоит, урҭ ахада ихатә ԥарақәа роуп.
«Ҳара ҳзы иҟам, атәым хәыҷқәа. Шәара шәоуп ҳԥеиԥш, ҳшәықәгәыӷуеит, есымшагьы ҳшәыдгылоит», – ҳәа азгәеиҭеит Ҭемыр Агрба.


