Ауаажәларратә палатаҿы имҩаԥган Владислав Арӡынба диижьҭеи 80 шықәса аҵра иазкыз аилатәара

Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы аилатәараҭатә зал аҿы, ауаажәларратә палата аԥшьгарала имҩаԥысит Владислав Григори-иԥа Арӡынба диижьҭеи 80 шықәса аҵра иазкыз аныҳәатә еилатәара.

Аиԥылара далахәын раԥхьатәи ахада иԥшәмаԥҳәыс Светлана Џьергьениа.

Ауаажәларратә палата амаӡаныҟәгаҩ Гәыли Кьычба аиԥылара аартуа инаҵшьны иазгәалҭеит Аԥсны раԥхьатәи ахада игәалашәара аиқәырхара аҵак ду шамоу. Лара лажәақәа рыла ауаажәларратә палатазы иахьатәи ахҭыс аҵак ҷыда амоуп.

«Ҳара ихиоу ажәахәқәа ҳамаӡам, иаҳҭахуп аиԥылара аԥхаарра аҵаны, ҭаацәашәала имҩаԥаҳгар», - лҳәеит Гәыли Кьычба, иагьазгәалҭеит Владислав Арӡынба изкны иҳәоу, иҩу шырацәоу, аха иҵегьы хшыҩзышьҭра зуҭаша иԥсҭазаареи иусуреи рганқәа шыҟоу.

Ауаажәларратә палата алахәыла Леонид Осиа Виачеслав Арӡынба дигәалаиршәоит милаҭтә фырхаҵак иаҳасабала адагьы, гәыла-ԥсыла згәы былуаз уаҩны.

«Иара ибзоурала зхала иҟоу ҳәынҭқаррак аҳасабала ҳтәыла аусура еиҭахацнаркит… Аибашьра аангьы, уи ашьҭахьгьы изныкымкәа ҳаиқәшәахьан. Сара ахаангьы исхашҭуам уи аамсҭашәала иҟаз иҟазшьа» - иҳәеит Осиа.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me