Асахьаҭыхҩы Баҭал Џьапуа.
Аԥараҿырпы хыхьтәи агәҭаны Аԥсны Аҳәынҭқарра агерб асахьа ануп, уи аҵаҟа аԥсышәала иануп аҩыра «Аԥсны Абанк», агерб аханы игьежьыбжаны иарбоуп аԥараҿырпы аноминал: 25 ԥсар. Аԥараҿырпы ҵаҟатәи ахәҭаҿы шрифт ссала иануп хә-цәаҳәак «Аԥсны Абанк» ҳәа, иара убас ианҭыжьыз ашықәс.
Ареверс аҿы, агәҭантәи ахәҭаҿы иаарԥшуп ажәытә Диоскуриада абҩатә ԥара (иахьатәи Аҟәа) – дихалк ҳера ҟалаанӡа II ашәышықәса анҵәамҭеи I ашәышықәса алагамҭеи рзы. Асахьа иасиужет хаданы иҟоуп аргонавтаа «Ахьтәы уасцәа» иашьҭаланы рныҟәарақәа ирылахәыз амифтә персонажцәа, аишьцәа Диоскураа рхылԥақәа. Ахылԥақәа рханы ф-шәахәак змоу «понтиатәи» аеҵәақәа ануп. Аԥараҿырпы асахьа акәаԥтә орнамент акәыршоуп.


