«Акы, ҩба, хԥа, аԥсаӡ улаша!»

Аҟәа, Ахақәиҭра ашҭаҿы иаадыртит атәыла аԥсаӡ хада.

Аԥсаӡ ссир сынтәа иҿыцуп, уи ԥыхьатәи аасҭа 12 метра еиҳауп. Иаразы ахәмаргақәа ҿыц иаархәеит.

Традициала ишаԥу еиԥш ашҭа ашықәс ҿыц иаздырхиеит, иаадыртит еиуеиԥшым афатә хаақәа рыҭиирҭақәа, афото ахьҭырхуа аҭыԥқәа, имаҩаԥысуеит аныҳәатә концерт, уи иалахәуп аԥсуа естрада артистцәа, ахореографиатә коллективқәа.

Иара убас, аҳҭнықалақь аҳаблақәа жәба рҟны аԥсаҵлақәа дырхҩоит, еиҿкаахоит аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me