Ажәлар рыбзиабара зцыз

Аԥсны Аҳәынҭқарра раԥхьатәи Ахада – Владислав Арӡынба 80-шықәса ихыҵра инамаданы Аԥсны ахи-аҵыхәеи ирылаҳәоуп 2025 ш. Владислав Арӡынба ишықәсны.

Иарбан милаҭзаалак рҭоурых аҿы иалыркаауеит жәларык раҳсаб ала дара шьақәгыланы, иҿианы, рхатәы ҳәынҭқарра рыманы рыҟалараҿы алагала ду ҟазҵаз, бираҟҵас ираԥхьагылаз, ианаҭахыз зажәа ҟәыӷала изыхьчоз, ианамуӡах абџьар шьҭыхны «Шәнеибац» ҳәа зыбжьы ҿаца нарганы, аԥсадгьыл ахьчаразы ԥхьаҟа ирыԥхьоз, зхы иамеигӡоз аԥызацәа. Ус иҟаз аԥызацәа рылиаауан аԥсуаа наџьнатә аахыс. Аԥсуа ҳәынҭқарра аиҿкаара зылшаз-Леон Аҩбатәи, жәлар реиқәырхараз амҩақәа азызыԥшаауаз, рхақәиҭраз зхы иамеигӡоз – Нестор Лакоба уҳәа... Дара ажәлар ирылиаауан, ажәларгьы еицҿакны рнапы иқәыргыланы ахадарахьы инаргон.
«Уара иулшоит ҳаԥхьагылара! – ҳәа наиаҳәаны, рбираҟ наидыркуан ажәлар иалыркаауаз рԥа иаша. Урҭ иагьрылшон рыжәлар реидкылара, рыхьчара, рмырӡра.
Еиуеиԥшым аамҭақәа раан, аҭоурых ду змоу Ешыра ақыҭа иалиаахьан аҵеицәа хьӡырҳәагақәа: Озбақь Маан, Кьахьба Ҳаџьараҭ, аԥырҩы аԥсуа фырԥҳәызба – Мери Аҩӡԥҳа уҳәа аӡәырҩы. Иара убас, Аԥсны алахьынҵа даҽазныкгьы аӡбара анаҭахха, Аԥсны аҵеицәа драԥхьагылан Ешыра ииз, иааӡаз, зыԥсадгьыли зыуаажәлари рԥеиԥш лахьынҵас изауз – Аԥсны-дгьыл аҵеи лаша – Владислав Арӡынба.
1945ш. лаҵарамза 14 рзы Ешыра ақыҭан, хьӡи-ԥшеи згымыз аԥсуа ҭаацәараҿы диит, Аԥсны Аҳәынҭқарра раԥхьатәи ахада, Аԥсны афырхаҵа Владислав Арӡынба. Владислав иқыҭан абжьаратә школ даналга, дҭалоит Аҟәатәи арҵаҩратә институт аҭоурых-филалогиатә факультет. Убри ашьҭахь иҵара иациҵоит СССР аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа иатәыз Мрагылараҭҵааратә аинститут аспирантураҿы. Уи уа инеиԥынкыланы 20 шықәса аус иуит,наукатә усзуҩыс. Араҟа уи ихьчеит акандидаттә диссертациа, иаԥиҵеит еицырдыруа амонографиа «Ажәытәӡатәи Анатолиа ақьабзқәеи амифқәеи», икьыԥхьит хыԥхьаӡара рацәала хеттологиа иадҳәалоу аусумҭақәа.
1988 ш. рзы даарыԥхьоит Аԥсныҟа, аусура далагоит Д.И.Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуа бызшәеи, алитературеи, аҭоурыхи ринститут аҟны.

1988 ш. Владислав Арӡынба далырхуеит Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет адепутатс. 1989 шықәсазы СССР жәлар рдепутатс, иара убас далырхуеит автономтә ҟаларақәа рҳәынҭқарратәи рзинтә статус азы акомиссиа ахантәаҩыс, далахәын СССР Иреиҳаӡоу Асовет Апрезидиум. Убарҭ ашықәсқәа рзы Владислав Арӡынба адунеи зегьы идирҳаит Аԥсни аԥсуааи зҭагылаз арыцҳарақәа. Иара илшаз рацәоуп зхыԥхьаӡара маҷыз амилаҭқәа, автономиатә республикақәа рзинқәа рыхьчаразы.1990 шықәсазы Владислав Арӡынба далырхуеит Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет ахантәаҩыс.
1992 шықәса, нанҳәа 14 бџьарла деиқәных ҳ-Аԥсадгьыл дақәлоит ақырҭуа қәылаҩ, Владислав Арӡынба ижәлар драԥхьагылеит Аԥсны Ахақәиҭраз Ақәԥаразы. «Шәнеибац!» – ҳәа ибжьы анга, ҳажәлар аӡәк еиԥш еидгылт. Аԥсуа жәлар ргәы арӷәӷәон Владислав игәымшәара, адунеи аршанхон ихшыҩҵарра. Ҳаибашьцәа аиааира дзыргаз иркыз абџьар акәӡам, иаадырԥшыз агәымшәареи аидгылареи, ирылаз рдоуҳатә мчи роуп.
«Хьӡы игарцоуп ахаҵа дзиуа!» Аибашьраан ҳ-Аԥсалгьыл рхы ақәырҵеит зықьҩыла Аԥсны аҵеицәа, урҭ ирывагылан ирыцеибашьуаз Нхыҵ-Кавказаа, Алада Урыстәылаа аказакцәа, аҳәаанырцәтәи аԥсуаа, абазақәа, адыга хылҵшьҭрақәа уҳәа убас егьырҭгьы. Ҳаԥсадгьыл ацәыӡ дуқәа шаиузгьы, аӡәк еиԥш еихон ԥхьаҟа. Аиааирахь!
Аибашьраҿы ииуан ашәақәа, ажәеинраалақәа. Урҭ ашәақәа еиднакылоит иахьа Владислав Арӡынба игәалашәара иазку амузыкатә фильм – «Ҳара ҳаруаа реиҳабы.
Владислав Арӡынба инапы иҵыҵыз адокументқәа ирыԥхьахьоу, иҿцәажәарақәа ирзыӡырҩхьоу ирбарҭоуп аԥсҭбара дуқәеи, ашьеи алаӷырӡи зцыз 413 мши-ҵхи имҩаԥысуаз ахҭысқәа шидикылоз. Убри аамҭазы, анацәа ргәыӷра идырҳәалон Владислав Арӡынба. Абар аҵарауаҩ – Аԥсны Афырхаҵа Ҭамара Шьаҟрыл-ԥҳа лажәақәа «Дқәыԥшны, илиршаз џьашьатәны, сара уи иҟынтәи исоуз аҳамҭа еиҳау аҳамҭа, ахаан иҟамлаӡацт. Уи – Аԥсны ахақәиҭра ауп! Сара ахаан аӡәгьы иҿаԥхьа сымхырхәац, аха сшьамхышгылоит Владислав иҿаԥхьа».

1994 шықәса ноиабр 26 рзы Владислав Арӡынба далырхит Ареспублика Аԥсны Ахадас, 1999 шықәсазы даҽазныкгьы игәра ганы Аԥсны жәлар деиҭалырхуеит.
Аиааира ду ашьҭахь, ҳажәлар рҿаԥхьа ишьҭан иуадаҩыз аԥышәаратә аамҭа, аха ҳажәлар ргәы камҳаит, ршьамхы адмырсит, рхы ладмырҟәит аӡәгьы иҿаԥхьа. Избанзар урҭ дрыман ахада, зыгәра ргоз аԥхьагыла, жәлар рыбзиабара зцыз. Урҭ дреиуан шәытара знымыз, ицқьаз, аҵарадырра анаҩсгьы зыламыси, зыуаҩреи ҳаракыз – Ахьы Владислав.
Владислав Арӡынба Аԥсны Актәи ахада, аҭоурыхҭҵааҩ, ажәытәӡатәи Азиа Маҷ ажәларқәа рмифологиеи ркультуреи рдырҩы, аԥсуа-адыгатә Нарҭтә ҳәамҭақәа рыҭҵааҩы, аҭоурыхтә наукақәа рдоктор, апрофссор, Аԥснытәи Анаукақәа ракадемиа академик Аԥсны афырхаҵа, «Ахьӡ-аԥша» 1-тәи аҩаӡара занашьоу, наунагӡа уи аԥсуа жәлар драԥхьагыланы, мраҵас дырхаԥхо даанхоит!
Ҳазну ашықәс хәажәкыра 4 рзы иҵит 15 шықәса ахааназ ԥсра зқәым, Аԥсны ахақәиҭреи, ахьыԥшымреи разхаҵара ауасхыр азышьҭазҵаз, Аԥсны жәлар рԥыза, раԥхьатәи Ахада – Владислав Арӡынба цәала-жьыла дҳалагыламижьҭеи. Уи иԥсра гәырҩа дуны иаанхеит ҳауаажәлар ргәаҵаҿы.
Владислав иахьа ижәлар рыгәҭа дгылазҭгьы, инаскьеигон 80-тәи ааԥынра. Ари еиԥш иҟоу ауаа ашәышықәсақәа рахьтә знык ауп ианиуа. Ҳ-Аԥсны ԥшӡа иалиалааит Владислав еиԥш зыхшыҩ ҵару, агәаӷьра злоу, хара иԥшуа жәлар рԥызацәа.
Ԥсуак дыҟанаҵы ахаан хашҭра иқәым Аԥсны ахақәиҭраз зхы иамеигӡаз, зыԥсадгьыли зыуаажәлари еиқәзырхаз, Абраскьыл илымшаз зылзыршаз, Владислав Арӡынба. Уи наӡаӡа даанхоит жәлар ргәалашәараҿы еицакра зқәым ҭоурыхтә фырхаҵаны. Уи инапала иичаԥаз абаҟа еиҳау баҟа ҟалашам!

Жәлар рԥыза Владислав

Даараӡа сазыгәдууп Аҟәа араион,
Араҟа есымша Афырхацәа ииуан.
Сухыҽхәоит ақыҭа Ешыра.
Уҵеицәа ахьалагылаз амцашыра.

Ешыраа фырхацәан ҭоурыхла,
Ирҿагылон ақәылацәа бџьаршьҭыхла!
Ешыра иалҵыз Аԥсны аҵеицәа,
Есааира иԥишәон Анцәа!

Аӷа данҳақәла деиқәных бџьарла,
Аԥсны итәитәырц еибашьрала.
Иҿагылт ҳаԥсадгьыл ахьаа зныруаз –
Аԥсны аҵеицәа згәы цҳафыруаз!

Ҳажәлар драԥхьагылт Аԥсны зыхьчоз –
Владислав Арӡынба зыгәра ргаз!
Ақәылаҩ дыԥхьацан, Аиааира ҳзаазгаз
«Сыԥсҭазаара аҵакы Аԥсны Ахақәиҭроуп!» – зҳәаз.

Ешыра ашкол 100-шықәса ахыҵит,
Владислав Ду ихьӡ ахырҵеит!
Анцәа иаҳзишаз ҳмилаҭ Рԥыза
Аԥсны иилааит Владислав иҩызцәа!

Зинаида Сабақьиаԥҳа

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me