Мшаҧы 20, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Ахатәы бызшәа гәцарактәуп

Жьҭаара 24 инаркны 28-нӡа Аҧсны ашколқәа зегьы рҟны имҩаҧыргоит, шьҭа итрадицианы ишьақәгылаз "Аҧсуа бызшәа амчыбжь". Аҧсуа бызшәа аӡыргара  хықәкыс измоу аусмҩаҧгатә еснагь азҿлымҳара бзиа амоуп.

Уи инамаданы хаҭала Аҟәа ақалақь иаҵанакуа ашколқәа рҟны "Аҧсуа бызшәа амчыбжь" шымҩаҧысуаз аилкаараз, ҳара ҳлыҿцәажәеит Аҟәа ақалақь Ахадара аҵара аусбарҭа аҧсуа бызшәеи алитературеи рспециалист хада Нонна Ломиа-ҧҳа.

Уи лажәақәа рыла, "Аҧсуа бызшәа амчыбжь" раҧхьатәи амш аан ашколқәа зегьы рҟны еиуеиҧшымкәа аартра хацдыркит. Ажәакала, жьҭаара 24 – амчыбжь аартра ала имҩаҧысит. Анаҩс амчыбжь еихшан еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рыла: асахьаркыратә ҧхьара, апоезиеи апрозатә рҿиамҭақәеи исахьаркны рыҧхьара; Аҧсадгьыли абызшәеи ирызку ахыҭҳәаақәа рыҩра; иаарту аурокқәа рымҩаҧгара; хаҭала ашәҟәыҩҩцәа – аиубилиарцәа ирызкыз аҭӡыгазеҭқәа реиҿкаара уҳәа убас егьырҭгьы.

Нонна Ломиа-ҧҳа хаҭала, лара дызҭааз ашколқәа даара еиҿкааны "Аҧсуа бызшәа амчбжь" шымҩаҧыргаз азгәаҭо, гәахәарыла иаҳзеиҭалҳәон, "Ахатәы бызшәа милаҭ еиқәырхагоуп", "Аҧсуа бызшәада иҧшӡам Аҧсынра" уҳәа зыхьӡыз атемақәа рыла арҵаҩцәа ҿарацәа иаарту аурокқәа шымҩаҧыргаз. Арҭ амшқәа рзы, ашколхәыҷқәа Д.Гәлиа Иҩны-амузеи ишаҭааз, иара убас уи  ибаҟаҿы ашәҭқәа шышьҭарҵаз.

Хаҭала, иаарту аурокқәа бзианы имҩаҧызгаз, иалкаахаз арҵаҩцәа ҿарацәа дрызгәдуны рыӡбахә ҳалҳәеит Нонна Ломиа-ҧҳа. Урҭ иреиуоуп: Аҟәатәи аҧшьбатәи абжьаратә школ арҵаҩы Сасрыҟәа Џьопуа. Аҟәатәи ахәбатәи абжьаратә школ арҵаҩцәа: Саида Смыр, Асҭанда Чагәаа, Валиса Кәткаа. Аҟәатәи афбатәи абжьаратә школ арҵаҩцәа: Есма Сангәлиа, Аелита Ҳашба, Милена Ломиа, Аҟәатәи ажәабатәи абжьаратә школ арҵаҩы Инга Конџьариа уҳәа убас егьырҭгьы.

Аҟәа ақалақь Ахадара аҵара аусбарҭа аҧсуа бызшәеи алитературеи рспециалист хада инаҵшьны иазгәалҭеит, хаҭала, Аҟәатәи ажәиҧшьтәи абжьаратә школ аҟны аҧсуа сектор мацара акәымкәан, ари аусмҩаҧгатә аурыс сектор аҿы аҵара зҵо ашколхәыҷқәагьы шалахәыз. Ари ашкол аиҵбыратә классқәа рҿы аҵара зҵо ахәыҷқәа рымчала иқәдыргылеит алакә "Колобок". Уи гәахәарыла ирыдыркылеит.

Хаҭала Нонна Ломиа-ҧҳа шықәсы рацәала аус ахьылуаз Аҟәатәи ахәбатәи абжьаратә школ ахь данымҩахыҵуаз напҭацәыла дымнеит, ахәыҷқәа ирызналгеит хыҧхьаӡара рацәала аҧсуа шәҟәыҩҩцәа  рышәҟәқәа,  ажурналқәа: "Амцабз", "Аҟазара", "Алашара", агазеҭқәа "Аҧсны", "Аамҭа".

Ҳаиҿцәажәара хыркәшо уи иазгәалҭеит, аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы апандемиа иахҟьаны "Аҧсуа бызшәа амчыбжь" инарҭбааны амҩаҧгара алшара шыҟамыз. Аха сынтәа уи амҩаҧгара еиҿкаара бзиалеи, мҽхакы ҭбаалеи инхарҭәааны амҩаҧгара шеиҿкаахаз.

"Аҧсуа бызшәа еснагь игәцарактәуп, иазхьаҧшлатәуп, иӡыргалатәуп. Хатәы бызшәала еснагь ҳцәажәозароуп, ҳбызшәа, ҳаҧсадгьыл, ҳажәлар рыбзиабара, ргәыбылра ҳацзароуп, иҳалазароуп, аҿар рыларҵәара ҳазҿлымҳазароуп. Ус ҳагьацныҟәоит, аха, хаҭала, "Аҧсуа бызшәа амчыбжь" ҳәа ҷыдала уи иазку амчыбжь азы еиҳа инарҵауланы, мҽхакы ҭбаала насгьы конкурс ҳасабла имҩаҧаагоит, ус еиҧш амҩаҧгашьа ахәыҷқәа ирнаҭо рацәоуп, еиҳа гәцаракрала ирыдыркылоит", – лҳәеит уи.

"Аҧсуа бызшәа амчыбжь" ахыркәшара ашьҭахь, зхы бзианы иаазырҧшыз, школцыҧхьаӡа иалкаахаз ахәыҷқәа иранаршьеит аҳамҭақәеи аҳаҭыртә бҕьыцқәеи.


Алиса Гәажә-ԥҳа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me