Мшаҧы 16, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аминистрцәа Реилазаара аилатәара

Ааигәа имҩаҧысит Аҧсны Аминистрцәа Реилазаара аилатәара. Амшхәаҧштә аҟны иқәгылаз азҵаарақәа рахьынтә зегьы реиҳа инарҭбааны иазааҭгылан 2023 шықәсазтәи Аҳәынҭқарратә биуџьет азы азакәан апроект. Уи азы ажәахә ҟаиҵеит Аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба.

2023 шықәсазтәи аҳәынҭқарратә биуџьет аиндикативтә план аҟны ахашәала иартәоит 12,5 миллиард мааҭ, ахарџь – 14,2 миллиард мааҭ. Адефицит акәзар, иартәоит 1,7 миллиард мааҭ. Афинансқәа рминистр Владимир Делба  иажәақәа рыла, ари адефицит ауаҩы дзыцәшәаша акы акәым. "Уи ҳара ҳамч зықәхаша ауп, хлаҧшра аҭара ҳалшартә иҟоуп", – иҳәеит уи. Иара убасгьы иазгәеиҭеит ҵыҧхи сынтәеи ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрреи аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилаки русура бзиа иалҵшәаны абиуџьет иазгәаҭамыз ахашәала шаланагалаз.

Аныхтә аганахьала Аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ иазгәеиҭеит 1,6 миллиард мааҭ хырхарҭала ишазоужьхо аҭыҧантәи абиуџьети, иҳәынҭқарратәу ибиуџьеттәым афондқәеи рбиуџьетқәа рҭышәныртәалара.

2023  шықәсазы аиҳабырабжьаратә еиқәышаҳаҭра инақәыршәаны ауалафахәқәа рышьҭыхра азгәаҭоуп. Уахь иаҵанакуеит ануҵҟатәи аусқәа рминистрра, аҩҳәынҭқарратә усбарҭақәа русзуҩцәа, асоциалтә усхк уҳәа акыр ахырхарҭақәа.  

 Иааиуа ашықәс азы Аҳәынҭқарратә биуџьет аҟны иарбоуп хырхарҭала 16 программа. Уи ахарџь иартәоит 770 миллион мааҭ инареиҳаны. Уахь иаҵанакуеит амҩақәа рҟны аилагарақәа раан афотои авидеои ҭазыҩуа амаругақәа. Урҭ раахәаразы иазоужьхоит 40 миллион мааҭ, ақыҭа нхамҩа аҿиаразы – 100 миллион мааҭ,  анаплак маҷқәеи абжьаратә наплакқәеи ацхыраара рыҭаразы иазоужьхоит 50 миллион мааҭ. Иара убасгьы Аҧсны агәабзиарахьчара аминистрра  апрограммақәа 9 ирзоужьхоит – 384 миллион мааҭ. Агәабзиарахьчара аминистрра дазааҭгыло афинансқәа рминистр Владимир Делба иазгәеиҭеит иаҳхысыз ашықәсқәа рылҵшәақәа рыла ишазгәарҭаз ахәшәқәа, амедицинатә маругақәа уҳәа рҭахрақәа еиҳа-еиҳа ишацло. "Убри аҟнытә, иазаҳаҧхьаӡоит амедицинатә программақәа рхарџьқәа реизырҳара. Иара убасгьы еиҳахоит  ауааҧсыра  Аҧсны анҭыҵ рыхәышәтәра иадҳәалоу ахарџьқәагьы", – иҳәеит уи.

2023 шықәсазы иазгәаҳҭараны иҟоу Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы  Аиааира 30 шықәса ахыҵра азгәаҭара иадҳәалоу аусмҩаҧгатәқәа рзы иазоужьуп 150 миллион мааҭ.

Наӡаӡе  лымҩаду аҩны аномер 3 аҟны иҟоу аҩнеихагыла аҭагылазаашьа ахьуашәшәыроу азы, уаҟа инхо ауааҧсыра анхарҭа ҭыҧқәа рзыҧшааразы иазоужьхоит 350 миллион мааҭ, афымцанхамҩа ацхырааразы –  150 миллион мааҭ, инарзынаҧшуа.

Аҧсны Аминистрцәа Реилазаара аилатәараҿы ишьақәдырҕәҕәеит иҳәынҭқарратәу ибиуџьеттәым афондқәа 2023  шықәсазтәи рбиуџьетқәа.

Аминистрцәа Реилазаараҿы ишьақәырҕәҕәан 2023 шықәсазтәи ақыҭанхамҩа аҿиаразы хырхарҭалатәи апрограмма. Уи азы ажәахә ҟаиҵеит Аҧыза-министр актәи ихаҭыҧуаҩ, ақыҭа нхамҩа аминистр  Беслан Џьопуа.

Аминистрцәа реилазаараҿы ирзааҭгылан егьырҭ азҵаарақәагьы.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me