Мшаҧы 25, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image
×

Nota

There was a problem rendering your image gallery. Please make sure that the folder you are using in the Simple Image Gallery Pro plugin tags exists and contains valid image files. The plugin could not locate the folder: media/k2/galleries/250

АҴЫХӘТӘАНТӘИ АМШ ДАХЫЦЦАКУАЗШӘА

Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан зыҧсҭазаара ҿахҵәаз аурыс поет, ажурналист Александр Бардодым есышықәса Афон Ҿыц анышә дахьамадоу игылоу ибаҟа иаҭаауеит ашколхәыҷқәа, ашәҟәыҩҩцәа, иҩызцәа, инышәынҭраҿы ашәҭқәа ықәырҵоит. Сынтәагьы, Аиааира – 29 шықәса ахыҵра аныҳәа азгәаҭараан еиҧш, уи даниз амш октиабр жәаф рзы ибаҟа иаҭааит, хатәгәаҧхарала Аҧсны ахьчара иааз апоет дыргәаладыршәеит.

Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аҧшьгарала, Аҧсны анапхгара рахаҵгыларала 1984 шықәса рзы Москва, А. М. Горки ихьӡ зху Алитературатә институт аҟны аиҭагаҩ изанааҭ аиуразы ирыдыркылеит Аҧснынтәи гәыҧҩык аҿар. 11-ҩык еидызкылоз агәыҧ конкурсла иалҧшаан. Урҭ дрыцҵаны Москваҟа дышьҭын Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аҟны референтс аус зуаз, ашәҟәыҩҩы, аиҭагаҩ Денис Чачхалиа. 1973 шықәса рзы Алитературатә институт аиҭагара аҟәша иалгаз Денис Чачхалиа, аиҭагара азанааҭ зоураны иҟаз Аҧснытәи аҧсуа ҿар рынхарҭаҭыҧ алхраҿы ирманшәалеит, ихаҭа араҟа иидыруаз, дыздыруаз ахьмаҷҩымыз аҟнытә, ихаҵгылеит. Аҵара ианалагоз аламҭалаз, Денис аҵара данҭаз напхгаҩыс имаз аурыс поет Лев Озеров уҳәа егьырҭгьы иҳәеит аиҭагаҩцәа ргәыҧ харҭәаахарц даҽа ҩыџьа рыла. Идыргалаз Александр Бардодыми Иури Лескиси аҧсуаамызт, аҧсуа милаҭтә кадрқәа ҳәа иузыҧхьаӡомызт. Аҭагылазаашьа убас ишьақәгылеит, Денис Чачхалиа Аҧсныҟа адырра риҭеит, ианазыразха аҵыхәтәан аҷкәынцәа аҩыџьагьы рыдыркылеит.

Алекциақәа ирыҧхьон еицырдыруа аҵарауаа, ашәҟәыҩҩцәа, Денис Чачхалиа иакәзар, аҧсуа поезиеи апрозеи рырҿиаратә семинар напхгара аиҭон, агәыҧ дырхылаҧшуан. Александр Бардодыми Иури Лескиси аҧсуа бызшәа аҵара иазҿлымҳан. Агәыҧ аҟны аҧсуа бызшәа дырзаҧхьон афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Ирина Басариа. Аамҭа цацыҧхьаӡа аҷкәынцәа аҩыџьа, еиҳаракгьы Александр, Аҧсны аҭоурых, абызшәа, алитература, аҧсуара уҳәа дрызҿлымҳан. Алитература аҧшаараҿы дицхраауан, дымҩақәиҵон Денис Чачхалиа. Иааидкыланы, апрограммаҿы иарбаз днахыҳәҳәаны агәыҧ еиднакылоз Аҧсны аҭоурых, архитектура, ақьырсианра аҭоурых, аетнографиа, абзазара, аҧсуа ажәақәа ретимологиа уҳәа дырзаҧхьон, ихаҭа имҩаҧигоз аҭҵаарақәа рыӡбахә реиҳәон, абиблиотекақәа рҟны ахыҵхыраҭқәа ирызхьаҧшырц зҭахыз мҩақәиҵон. Абасала, Аҧсны ашҟа аинтерес рызцәырҵуан, есааира иаднаҧхьалон. Аҧсны иазкны аҭоурыхтә ҧхьарақәагьы мҩаҧыргон. Анапхгаҩы заа аматериал риҭон, рҽазыҟаҵаны иқәгылон. Алеқсандр Бардодыми Иури Лескиси лассы-лассы Денис дахьынхоз инеиуан, аконсультациақәа риҭон. Александр оумакала зегьы дрызҿлымҳан аҟнытә, иабжьигеит аҧхынтәи аҧсшьарақәа раан Аҧсны даҭаар, иибо-иаҳауа шырацәахо, илаҧшҳәаа шдырҭбаауа, аҵараҿгьы ишихәо.

Александр Бардодым раҧхьатәи аҧсшьара мшқәа ирхимгеит, иҩызцәа, аҧсуа ҿар рхаҭарнакцәа дрыцны Аҧсныҟа ихы ирхеит. Аҟәа инаркны Аҧсны аҭыҧ ҧшӡарақәа акыр ибеит, аҭоурыхтә ҭыҧқәа дырҭааит, аҩызцәа ҿыцқәа ирҳаит. Афонҿыцтәи аҳаҧы дыхнахит. Гиви Смыри Руслан Ҧандариеи дырзааигәахеит, аиҩызара ҷыдагьы рыбжьалеит. Иибарц ииҭахыз ҳәаа амамызт. Дыртәыртәит аҧсуа ҵасқәа, ақьабзқәа, аҧсуара иаҵанакуа аҟазшьақәа. Иҩызцәа дрыцны дцон ачарақәа рахь, днеиуан аҧсрақәа рҟны. Аҧсуаа рынхашьа-рынҵышьа, рбзазашьа еиликаауан. Есааира иҩызцәагьы рхыҧхьаӡара иацлон. Есышықәса знык, ма ҩынтә Аҧсныҟа дмаар иуамызт, ибжьаижьуамызт. Иныҟәарақәа раан Аҧсны ахы-аҵыхәа дахысит, ақалақьқәеи, араионқәеи, ақыҭақәеи, аҳаблақәеи рҭаарала иҿаҧхьа дунеи ҿыцк аатуан. Аҧсны атәылауаҩык иеиҧш ихы ишьо дҟалеит, агәыблрагьы икит. 1989 шықәса рзы Аҧсны ашәарҭара ианҭагыла – Аалӡга аӡиас аҟны наҟ-ааҟ ақырҭқәеи аҧсуааи реиҿагылараан дыҟан, аидысларақәа раан аҧсуаа дрыдгылеит.

Москва ииз, иааӡаз, ара абжьаратә школ иалгаз Александр Бардодым алитературатә институт иҭалара машәырны иҟамлаӡеит. Даныхәыҷыз инаркны алитература дазҿлымҳан, ирацәаны даҧхьон, иныбжьаршә-аабжьаршәны ажәеинраалақәагьы иҩуан. Алитературатә институт иҭалара аамҭазы, аиҭагаҩцәа ргәыҧ ыҟоуп ҳәа аниаҳа, дақәшаҳаҭхеит, Кавкази, уи аҭоурыхи, акультуреи дызларызҿлымҳаз ала. Агәыҧ ашҟа инарҧхьон, рҧыларақәа рзеиҿыркаауан Москва инхо аҧсуа рҿиаратә интеллигенциа рхаҭарнакцәа, Аҧснынтәи инеилон аҵарауааи ашәҟәыҩҩцәеи. Александр Аҧсны аҭоурыхи акультуреи инарҭбааны еиликаартә аҭагылазаашьа иоуан, иааџьоушьартә игәникылон, агәаҳәара дугьы иман. Аиҧыларақәа гәацҧыҳәарала ихы рылаирхәуан. Абас ихигон Москватәи аурыс ҷкәын иҵарашықәсқәа.

 1991 шықәса рзы Саша иреиҳау аҵараиурҭа далгеит. 1991-1992 шықәсқәа раан аус иуан есымчыбжьатәи агазеҭ «Куранты» аредакциаҿы корреспондент ҷыдас. Аинститут данҭазгьы, даналгагьы иажәеинраалақәа ркьыҧхьуан ажурналқәеи апоезиатә еизгақәеи рҟны. Саша аҧсҭазаараҿы зегьы дрыхьӡалар иҭахын, избанзар уи дзызҿлымҳаз, инапы злакыз рацәан. Есқьынагьы арҿиара агәацҧыҳәара иман, ибаҩхатәра ҷыда иахылҵуан ажәеинраала ссирқәа. Саша акыр иҭиҵаауан Аҧсны аҭоурых, аҧсуа жәлар рҵас, рқьабз, рмилаҭтә традициақәа ҭиҵаауан Кавказ зегьы иаҿырҧшны, иара доуҳала игәаҧхоз, дхызхуаз рацәан. Убри азы акәхап Аҧсны аҩбатәи сыҧсадгьыл ауп ҳәа изишьозгьы.

Аҧсни аҧсуа жәлари ашәарҭара ду ианҭагыла – Қырҭтәыла ар Аҧсны рымпыҵархаларц ианақәла, 1992 шықәса август 14 амш Саша, аҧсуак иеиҧш, ихы-игәы аҟынӡа инеит, хьаасгьы ишьҭихит, даргәаҭеит. Иаҳаз ажәабжь игәаҧсахы еибанаркит. Лакҩакра ҟамҵа, Саша иӡбит ега ҧынгыла дрыниаргьы Аҧсныҟа ддәықәларц. Ихәыцшьа зеиҧшраз ала, бзиа иибоз Аҧсны дыҟамзар ауамызт, ахақәиҭра иазықәҧоз аҧсуа жәлар дрылагылазар акәын, идыруан аиаша дара рганахь ишыҟаз, убри аиаша ауп иаргьы ихьчарц ииҭахыз.

Абар, Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан зыҩшьапык зцәыӡыз, Аҧсны Афырхаҵа Руслан Харабуа Александр Бардодым дшигәалаиршәо: «Сашеи сареи ҳаибадырит 1992 шықәса август 14 рзы, Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет ар Аҧсны иақәлеит ҳәа ажәабжь Москва ианрылаҩ аҽны. Москва аҵара зҵоз, инхоз, аус зуаз аҧсуаа рахьтә аӡәырҩы ҳџьынџьуаа руаӡәк икафе аҟны ҳаизеит. Убраҟоуп сара Саша раҧхьаӡа дахьызбаз… Адырҩаҽны 7-ҩык еидызкылоз ҳгәыҧ, Бардодымгьы далахәны, Новочеркасскҟа амҩа ҳақәлеит, уантә Черкесскҟа ҳцаразы, нас ашьха ҳхыҵыр ауан Аҧсныҟа. Аҧсны анеиразы даҽа лшарак ыҟамызт, избанзар, ҳара ҳхаҭақәагьы ҳгәы злаҩоз ала, «Мхедриони» агвардиа иалаз Аҧсни Урыстәылеи рҳәааҿ, Ҧсоу аӡиас аҟны игылахьан. Новочеркасскҟа амҩа ҳахьықәыз, адәыҕбаҿы аибашьра аӡбахә акәын ҳазлацәажәоз. Ҳәарада, ҳгәы ирҕәҕәон Саша: ихатәы жәеинралақәеи ихаҭа еиҭеигаз аҧсуа поетцәа ражәеинраалақәеи дҳазрыҧхьон, иара убас аҧсышәалагьы дрыҧхьон…

100-ҩык еидызкылоз хатәгәаҧхарала зҽеизызкыз ачерқесқәа ргәыҧ ҳалахәны Грозныиҟа ҳцеит, уа ачеченқәеи, аҟабардақәеи, абазақәеи, адыгақәеи, ачерқесқәеи, аҧсуааи 250-ҩык рҟынӡа рҽеидыркылахьан.

Хатәгәаҧхарала амҩа иқәлоз, ҭеиҭҧшлеи ҟазшьалаеи дрылукаауан Саша, еснагь иныҟәигоз ихҭарҧеиқәаҵәа ихан. Иблақәа оумашәа иҭыҧхаауан…

Москватәи ҳгәыҧ еиуаз рахьтә Саша заҵәык иоуп абџьар зауз, иаразнакгьы Шамиль игәыҧ далалеит. Рыцҳарас иҟалаз, уи нахыс ҳамҩақәа рҽеиҟәырҭхеит, сара ачеченцәа ргәыҧ сацны, заа ашьха схыҵит…

Аҵыхәтәан Саша дызбеит Гәдоуҭа, дызлаз агәыҧ Ешыраҟа ицон… Сентиабр 9 рзы Саша иҧсҭазаара ҿахҵәеит» («Черкесский мир» №2, 1998 ш.).

Аҧсуа жәлар ахақәиҭразы рықәҧара аҽалархәра иахьынӡеиҭахыз имаӡакәа зыҧсҭазаара ҿахҵәаз аурыс поет, ажурналист Александр Бардодым гәык-ҧсыкала иҭахын Аҧсны ахақәиҭтәра амш иаргьы ибар, далагәырҕьар. Аха...

Оумашәа бзиа иибоз Аҧсны, аҧсуа дгьыл аҟны зыҧсҭазаара ҿахҵәаз аурыс ҷкәын, апатриот Саша Бардодым анышә дамадоуп Афон Ҿыц.

1994 ш. сентиабр 27 рзы иҭыҵыз Аҧсны Иреиҳаӡоу Асовет Ахантәаҩы В. Г. Арӡынба Иусҧҟала Александр Бардодым ианашьоуп Леон иорден.

1993 ш. рзы Москватәи аҭыжьырҭа «Знание» аҟны хазы иҭыҵит Алеқсандр Бардодым иажәеинраалақәа реизга «Прорваться за грань» зыхьӡу. Араҟа иаарҧшуп апоет ирҿиамҭа еиуеиҧшым аганқәа. Аизга иацуп Саша ибзианы дыздыруаз Алитературатә институт аҟны злекциақәа дырзыӡырҩуаз аурыс поет Лев Озеров иаҧхьажәа.

«Ааигәа санҵамҭақәа згәылоу стетрад сахьагәылаҧшыз избеит Алитературатә институт аҟны имҩаҧызгоз асеминар ишадҳәалаз. Иагәылаз рахьтә исҧшааит 1988 шықәсазтәи анҵамҭа. «Адександр Бардодым: дҭынчуп, агәаҕьра илоуп. Еиҿагылома? Мап, ҟазшьоуп. Ари хамаҧагьараӡам, ҧагьароуп. Иубартә иҟоуп дышромантику. Избоит: ақәҿиарақәа иоуеит аҧсуа бызшәеи аҧсуа поетцәа рҩымҭақәа реиҭагареи рҟны. Уи гәаартыла бзиа ибеит Аҧсны, Аҧсны иашьагәыҭу ишазырҳәо – аҧсы атәыла…

Александр Бардодым Аҧсны акырынтә даҭаахьан, атәыла ҭиҵаауан, иара убас жәлар рашәақәа, абзазашьа. Уи аамҭа-аамҭала акурорт ахь, гастроль ҳасабла инеиуаз иакәмызт, иҽазҵәылхны ауаа дрыҿцәажәон, дырҩызан. Аҧсуа ҭоурыхи алитературатә ҧышәеи даҽаӡәы диеиҧшымкәа инарҭбааны акраамҭа рҵара гәҭакыс иман» («Прорваться за грань», ад. 5).

Аурыс поет иблала абас дыҟан Александр Бардодым. Ҵабыргны, Саша иҭаацәа рҟынтә иоуз ааӡара бзиа иациҵеит, ихаирҭәааит Алитературатә институт аҟны. Згәы ҭбаау, ақьиара злоу аурыс интеллигент ишиаҭәоу ихы ааирҧшит. Аурыс жәлар ду рхаҭарнак, аамсҭашәала зхы мҩаҧызгоз, бзиа иибоз аҧсуа жәлар қьиарала дырзыҟан, гәыла-ҧсыла дырзааигәан, убри азоуп ашәарҭара ианҭагылагьы рыхьчара аҭахны изиҧхьаӡа. Уи ала даҽазныкгьы иааирҧшит Аҧсни аҧсуааи дшырзыҟаз, иҧсы цқьагьы рыхҭниҵеит.

Алеқсандр Бардодым ипоезиатә ҭынха – иажәеинраалақәа еидызкылаз аҩбатәи ашәҟәы «След крыла» ҭыҵит 1999 ш. рзы, Аҟәа, ашәҟәҭыжьырҭа «Алашара» аҟны. Сахьала еиқәлыршәеит, илҩычеит апоет иан Маргарита Бардодым. Аизга иагәылалеит еиуеиҧшым ашықәсқәа раан иҩу ажәеинраалақәа, иара убас аҧсуа поетцәа Б. Шьынқәба, Ан. Аџьынџьал, М. Лашәриа, Т. Аџьба уҳәа ражәеинраалақәа реиҭагақәа. 2011 ш. рзы акәзар, Аҟәа иҭыжьын ишәҟәы «Раскаленное время» (Ажәеинраалақәеи агәҭахәыцрақәеи). 1999 ш. рзы Москва, АЛМА-ПРЕСС иҭнажьыз «Аурыс поезиа антологиа, ХХ ашәышықәса» иагәылалеит А. Бардодым иажәеинраалақәа.

Александр Бардодым Аҧсни аҧсуааи дшырзыҟаз ааҧшуеит ирҿиамҭаҿгьы, иреиҕьу иажәеинраалақәа Аҧсни аҧсуааи ирызкуп.

Апоет 1992 шықәса август 15 рзы Аҧсныҟа амҩа дықәлараны даныҟаз аламҭалаз – август 14 ауха ииҩыз ажәеинраалақәа руак аҿы иҟоуп абас еиҧш ацәаҳәа: «Чувствую: скоро настанет последний день…» Аҵыхәтәантәи имш дахыццакуазшәа, апоет иуахҭа шааигәахахьаз ала, заа цәалашәарак изцәырҵәхьан, ахгьы инардырхьан. Александр Бардодым дышзыхнымҳәуаз агәра гаҵәҟьаны дыҟазаргьы, шьҭахьҟа дхьаҵуамызт. Убас ишаз уаҩын, иаҭаххозар бзиа иибаз ажәлари атәылеи ихы шрықәиҵоз гәынхәҵысҭала игәы иҵанаҳәон. Ҟазшьала убас дыҟан – аагылашьа имаӡамызт, ашәарҭара иҭагылаз Аҧсны дзацәыхарахомызт, аҧсуа дгьыл аҟны дыҟазар акәын. Наунагӡа аҧсуа дгьыл аҟны дагьаанхеит, иқәҧсоу анышә изыбымбылхааит. Аҧсни аҧсуа жәлари ахаангьы дырхашҭуам.

Виктори Маргаритеи аибашьра анеилга нхара Афонҿыцҟа ииасуеит, ашьҭахь – Аҟәаҟа. Рыҷкәын дызмадоу адгьыл аҟны анхара еиҕьаршьеит, насгьы лассы-лассы Саша иҳаҭгәын иаҭаауан, уи ала ргәы дырҕәҕәон. Аҳҭны-қалақь аҟны алитературатә, акультуратә ҧсҭазаара иалагылан, аҧсуа шәҟәыҩҩцәа ирзааигәан, аигәныҩреи аиҭанеиааиреи рыбжьан. Аха Виктор изцәырҵыз ачымазара иахҟьаны аамҭақәак рышьҭахь идунеи иҧсахит. Маргарита лакәзар, лгәабзиара лыцәмаҷуп.

Абас иҟоуп Бардодымаа рҭаацәара.


В.Аҧҳазоу

  • {gallery}250{/gallery}
    Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me