Аԥсны ахәыҷра амҩақәҵаҩцәа» – ааӡараҿы абжьгаҩцәас аҟалареи Аԥсны ашколқәа рҿы аҵарадырратә усура иҿыцу аҩаӡарахь анагареи зылшо аҟыбаҩ злоу аспециалистцәа рыԥшаареи разыҟаҵареи иазырхоу апроект ауп. Ихадоу акритериақәа иреиуоуп аԥсуа бызшәа адырра.
Уи иалахәын хгәыԥкны еихшаз 24-ҩык азыҳәаҩцәа. Дара рзанааҭтә ҟазара аадырԥшуан апедагогикатә дҵақәеи аинновациатә ӡбарақәеи нагӡо ҳәа аанацҳауеит Аҵара аминистрра.
Ақәгыларақәа ахәшьара рырҭон Аԥсни Урыстәылеи иналукааша рспециалистцәа злахәыз аексперттә жиури.
Аконкурс Аԥсны ахәыҷра амҩақәҵаҩцәа» ахықәкы хадақәа иреиуоуп ауаажәларра аҵарадырра асистема аресурсқәеи аихьӡарақәеи дырбара аганахьала асоциалтә ҵакы змоу апроектқәа радыԥхьалара; Аԥсны ахеиԥҵараиурҭақәа рааӡаратә потенциал ашьҭыхра; Итрадициатә ааӡара азҵаарақәа, апедагогикатә, асоциокультуратә усура, иара убас иҿыцу апсихологиа-педагогикатә методикақәа, аҵаҩцәа традициала рааӡара аганахьала атехнологиақәа, иреиӷьу аинновацатә ԥышәа аларҵәара.
Аконкурс аиҿкаара рхахьы иргеит: – Ареспублика Аԥсны аҵара Аминистрреи, Урыстәыла аҵара Аминистрреи, «Урыстәылатәи ахәыҷтәы-қәыԥштә центри».