Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба апроект «Аԥсны иҿыцу амедиа» алахәылацәа дырԥылеит

«Ҳтәылазы ари акрызҵазкуа проектуп. Еилкаауп, ҳазҭагылоу аамҭазы аҳәынҭқарра аҩныҵҟа аҭышәынтәалараҿы еиԥш, ҳтәыла аҳәаанырцә аӡыргараҿгьы ихадоу ахырхарҭақәа ишреиуоу аинформациа.

Акыр иаԥсоу аҩызцәа, иахьа ишьақәгылоит аԥсуа журналистика амаҵ азызуша, уи атрадициа бзиақәа еиқәырханы еихазҳаша абиԥара ҿыц.

Ҳаамҭа иақәшәо аинформациатә технологиақәа рхархәарала амедиа ҳарҿиалароуп. Шәколлегацәеи шәареи шәоуп изылшо, ҳҳәынҭқарра абжьы ҿацаӡа адунеи иқәынхо миллионҩыла ауаа рҟынӡа анагара.

Аԥсны зеиԥшыҟам атрадициақәа амоуп, ибеиоуп акультура, аҭоурых, даҽа ҳәынҭқаррак иалаҩашьом, хымԥада, уи ахыҽхәара аҭахуп, ииашаны иахәҭоу аҩаӡара аманы ҳзырԥшӡо ӡыргалатәуп», – иҳәеит аҳәынҭқарра ахада.

Бадра Гәынба иара убасгьы ҭабуп ҳәа реиҳәеит аԥсуа журналистцәа рԥышәа рымардарц Аԥсныҟа иааз, урыстәылатәи аекспертцәа Ернест Мацкиавичиус, Владимир Табак, Андреи Писарев.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me