Урҭ ирааӡеит хҩык ахшаара, ҩыџьа аԥацәа — Гарри,Беслани, рыԥҳазаҵә – Мананеи.1989 шықәсазы Гарри далгоит Аацытәи абжьаратә школ. Анаҩс иԥхьоит аррахь ауалԥшьа анагӡаразы. Аррамаҵура дахысуан Белоруссиатәи архәҭақәа руак аҟны. Арраҿы ааӡара бзиа имази, арратә уснагӡатәқәа иҿырԥшыганы иахьынаигӡози рзы изныкымкәан иҭаацәа аҳаҭартә шәҟәқәа рзаарышьҭхьан. Иара убас, ԥсшьара ҳасабла аҩныҟа доурышьҭхьан.
1991 шықәсазы иарратә уалԥшьа ихганы дхынҳәуеит итәылахь.Аусура далагоит иқыҭа гәакьаҿы аҵиаақәа рԥышәаратә станциаҟны шәырааӡаҩыс.Уи аус иаразнак инапаҿы иааигеит, иагьиқәҿион, ашәырааӡара акәама -ҵамақәа зегьы идыруан.
Гарри даныхәыҷыз инаркны ихәыцшьа,игылашьа, ицәажәашьа, рыла иҩызцәа дрылукаауан.Ицқьан иламыс,иҵан ахаареи аԥшӡареи.Бзиа ибон аԥсуара, иԥсадгьыл. Аҭаацәара алаларагьы дахьымӡацызт.
Аԥсадгьыл Аԥсны ашәарҭа ианҭагыла, раԥхьатәи амшқәа инадаркны абџьар аанкыланы аӷацәа дырҿагылеит. Аладатәи Ешыра, Шроматәи ахырхарҭаҟны уҳәа еиуеиԥшымыз аибашьра ацәаҳәақәа рҟны дыҟан. Џьаргьы ихы аваимкит, издыруамызт ашәара закәыз. Иҩызцәеи иареи изныкымкәа Гәымсҭа ирны аӷа ааха ирҭахьан.
Ихымҭа аӡәырҩы агахьан,ацхыраара зҭахыз иҩызцәа амцашыра акырынтә иалигахьан.
Уаз Абаа азааигәара рыԥсы ааиҭаркып ҳәа иахьылатәаз,Гарри иаҳаит шьҭыбжьқәак, еиликаарц иаразнак деихеит.Ибжьы иргеит ҳара ҳтәқәа ракәыз џьшьа.Убас машәыршақә дрылашәоит ақырҭцәа рдиверсиатә гәыԥ. Аха, арԥыс еиҿамс, илшеит иҩызцәа рахь адырра аҟаҵара.Араҟа иҭыԥ ылхны аӷацәа амца рыжәҵара далагеит.Илиршеит ҩба -хԥа сааҭ аӷа иаанкылара,ус иҩызцәагьы ихьӡеит, аха иара иоуит ахәра ӷәӷәа, 12 хы иқәшәеит.Иҩызцәа амца шыра далыргеит, Гәдоуҭатәи агоспиталь ашҟа амҩа ишықәыз иԥсы ихыҵит. Уи март 6, 1993 шықәсазыакәын.
Ааигәа Аацытәи абжьаратә школ аклассқәа руакы ихьӡ ахырҵеит.
Хашҭра рықәым зыԥсадгьыл зхы ақәызҵаз аҵеицәа.Урҭ ргәалашәара лаша наӡаӡа ҳгәаҵаҿы иаанхоит.Уаҳа иҟамлааит ари аҩыза ахлымӡаах,еснагь ицқьазааит ҳажәҩан, хәашьра ақәымзааит иаҳхаԥхо Аиааира амра!
Орнелла Ԥлиа,
афилологиатә факультет,
ажурналистика аҟәша
ахәбатәи акурс астудент