Ҳацәымаашьап ҳаԥсуара!

Ҳаныхәыҷқәаз, ҳанду Зина Браскьылԥҳа лшьапқәа шлыхьуазгьы, алабақәа шылкызгьы ҳаҩналацыԥхьаӡа даҳхаҵгылон. Усҟан схахьгьы исзаагомызт уи ус зыҟалҵоз.

Аха нас еилыскааит уи ҿырԥшыла аԥсуара шҳалалааӡоз, ауаҩы ихаҵгылашьа шаҳлырҵоз. «Цәажәарыла мацара акгьы алҵӡом, ҿырԥшылоуп ауаҩы дшырааӡо», – лҳәон есымша.
Аԥсуаа, ачарақәа ҳаурада, цәгьара Анцәа иҳаумырбан. Аха, ишырҳәо еиԥш, ацәгьеи абзиеи рышьхәа еивҵоуп. «Аира зшаз, аԥсрагьы ишеит» рҳәоит. Ҳарҭ, аԥсрақәеи ачарақәи рымҩаԥгараҿы иҳамоуп ҳхатә традициақәа, даҽа милаҭк ҳрылазмырҩашьо. Рыцҳарас иҟалаз, ҳхаҿра шьақәзырӷәӷәо, ҳкультура шьаҭас иамоу ҳҵасқәа реицакра ҳахьаҿу ауп. Иузышьҭымкаауа акы акәны иҟоуп «наҟ шәаҟәыҵи уара, уажәы ус аӡәгьы иҟаиҵаӡом» ҳәа анаауҿаркуа.
Ианбыкәыз аиҳабы аҵәца кны данныҳәоз аиҵбы уи дтәаны данизыӡырҩуаз. Изхароу дара аиҳабацәа роуп. «Аӡәызаҵәыкгьы шәгылар ҟалаӡом» ҳәа рарҳәоит. Уи иашаӡам. Миха Лакрба иновелла «Аламыс» аҟны ҳаԥхьоит абас еиԥш ахҭыс: абырг еизарак аҟны иажәа данналагоз, иаирсыз алабашьа иааигәара игылаз арԥыс машәырла ишьапԥынҵа иалалеит. Абырг иажәа далгаанӡа, арԥыс дахьгылаз дагьымҵыст. Ҳарҭ иахьа ҳшьапы алабашьа алалар акәым, ҳныҳәаҿа ааныркылозар агылашьа ҳақәшәом.
Ауаҩы иара итәы кажьны атәым данашьҭало, ахаан аҽеирахь дкылнагаӡом. Убас аҽеирахь ҳкылнамгар ҟалап иахьа ҳазхьынҳалан ишьҭаҳхуа атәым традициақәа. Уи зыхҟьо ҳәа сгәы иаанаго аҿар ракәӡам, изхароу аиҳабацәа ҳауп. Аиҳабы иоуп аиҵбы иҟынӡа иназго аҵаси-ақьабзи.

Зыуаҩыбжара инҭысхьо ауаҩы ачара амҩаԥгара аума, аԥсы ирҽеира аҟны аума ишԥаҟаҵатәу ҳәа уразҵаар, рыла ҭраа иухәаԥшуеит, нас рыжәҩахырқәа инарҩахоит, иҳаздырам ҳәа аанарго.
Ааигәа чарак аҟны сыҟан. Иахьа зегьынџьара ишаԥу еиԥш, аишәа чара рхиан акы узавымбо, инамцхәынгьы афатә ықәзар ҟаларын. Ауааԥсыра уажәшьҭа атәарахь шәааи ҳәа анрарҳәа, аҭаца лҭыԥ рхианы иахьыҟаз аԥхьаҵәҟьа, иԥшӡаӡа, аԥсыуа маҭәала еилаҳәаны, ашәа рҳәон ансамбль «Гәында». Убри еиҳау рчара зырԥшӡаз даҽакы ыҟоуп ҳәа сгәы иаанагом. Иҵабыргны, згәы иахәаз даара ирацәаҩхеит.
Иахьатәи ҳаамҭазы ауаҩы дызлауршанхо ҳәа акгьы ыҟам. Аӡәи-аӡәи ҳаицлабны, ауал ҳақәҵаны, атәым милаҭқәа рыкәашара-рышәаҳәара аԥыжәара аҭаны, ҳара ҳтәы ҳнагәҭасны ачарақәа рымҩаԥгара ҳалагеит. Избан ацыганцәа ргәыԥ акәашарақәа рыла ҳчарақәа зымҩаԥаагара, мамзаргьы алатинамерикатә кәашарақәа. Урҭ сара исҭахым ҳәа акәым, аха ҳмилаҭтә кәашарақәа иреиӷьу иҟои!
Акы узҳәом, Анцәа иџьшьаны аҭаца данааҩнаргало, убасҟан инеибеиԥшны аԥсуашәа, аҭацаагарашәа адырҳәо иалагеит, убриак угәы шьҭнахуеит. Ус анакәха, аҭыԥантәи ашәақәеи акәашарақәеи аԥыжәара раҳҭап, атәым гәыԥқәа аԥара рыхҭынҵара ахаҭыԥан.
Иахьатәи аԥсуа чарақәа, аки-­аки узеиҩымдыраауа, рымҩаԥгара иалагеит. Ақыҭараҿы, Анцәа ишиҳәара инхо-инҵуа, убарҭгьы аресторанқәа рҟны ачарақәа руеит. Иашоуп, ақыҭараҿы ачара аура аџьабаа ацуп. Агәыла-азла амаҵ руроуп. Аха убраҟа ауп аԥсуара, аибабара, агәыбылра ашьҭыхра, аҵасқәа рмырӡра ахьыҟало. Уԥсҭазаара зегьы зықәурӡыз унхара-унҵыра, уашҭа-угәара, ухшара рыбзеиразы, ачара ауразы уҭынхацәа мҩахымҵуазар, аресторан аҟны ачара ууазар, иазуҭахи унахандеи зегьы!?
Аресторан аҟны зегьы ԥшӡоуп, имазеиуп, унеины унатәаны акрыфарада. Аха шаҟаҩы убас еиԥш иҟоу ачара шәгәалашәараҟны иаанхазеи. Насгьы, амазеи аҟны инажәгаз шәеиҵбацәа изладшәырбои аԥсуа чара иамоу акәама-ҵамақәа. Агәыла-азла амаҵ ахьыруаз акәын аҿар аиҳабацәа иҟарҵоз ахьырҿырҵаауаз. Иахьа ҳчара бысҭа руеит аузбекцәа. Ҳаԥсцәагьы рнышә ԥызҟо дара роуп. Урҭ рмилаҭ саҭәасшьом ҳәа акәым аха, аԥсуа иитәу иара ида даҽаӡә иҟаимҵаша ҳәа акы ыҟоуп…
Ачарақәа мҩаԥызго ракәзар, убарҭгьы хлаԥшра рызҭо аӡәы дыҟазар бзиан. Аԥша ирҿанагало ҳә акәымкәа, аԥшәма игәазыҳәарақәагьы еилкаауп аха, узхымԥо-узҵымԥо ԥҟарақәак шьақәыргылазар цәгьамзар ҟаларын.
Схаан (кәрыжәаа срықәлам аха) ачара аҟны ауаа андыртәалак аб иашьа, мамзаргьы аижәла­нтә, ма аҩнаҭа иалахәу зықәрахь инеихьоу быргк агәи-агәаҵәеи данахныҳәалак акәын ачараҿ инеиз акрыфара нап анадыркуаз. Иахьа уи аҩыза шамахамзар џьаргьы иубаӡом. Ҳресторантә чарақәа рҿы уи анымаалозар акәхап. Имодам.
Ачара зуа ижәлантә ачараҿы ҭамадас далырхӡомызт, уи уажәы акгьы амаӡам ҳҳәеит. Аӡӷаб аҭаацәара далалазар, маҟарара ирышьҭуаз реиҳабыс аӡӷаб лыжәлантә дацырҵаӡомыз, угьы акгьы амам ҳҳәеит. Хыхь ишазгәаҳҭаз еиԥш, уажә ус аӡәгьы иҟаиҵаӡом ҳәа ауп лахьԥыракыгас иҳамоу. Ҳаԥхьаҟа ҳҵас-ҳқьабз ныҟәызгап ҳәа ҳгәыӷуада?! Егьырҭ амилаҭқәа иныҟәыргалап ҳәа ӡәыр агәаанагара шәымоума?!
Ҳмилаҭтә хаҿра, ҳбызшәа, ҳатрадициақәа ҳцәыӡыр, ҳаԥсыуаауп ҳәа злаҳҳәалои. Ҳлашәушәа, ҳдагәоушәа, зегьы ҳрышьцылазшәа, ус ақәнагоушәа ҳазлагаз ахымҩаԥгара, ҳмилаҭ абакылнаго?!
Иаарласны Аԥснытәи ашколқәа зегьы рҟны иаларгалараны иҟоуп аԥсуара амаҭәар. Уи хымԥада ицхыраагӡа духоит ҳҵасқәеи ҳқьабзқәеи реиқәырхаразы. Аха зегьы реиҳа ихадароуп ҿырԥшыла ҳҿар аԥсуара рылааӡара. «Бла иабо хы иаԥсоуп» рымҳәои аԥсуаа ҳҟны. Ҳацәымаашьап ҳаԥсуара!

Шарида Торчуа

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me