Бадра Гәынба аицлабра «Амузыка — ҳәаа змам еицәажәароуп» ажиури алахәылацәа дырԥылеит

Аҳәынҭқарра Ахада дырԥылеит Аԥсны жәлар рартист, Урыстәыла зҽаԥсазтәыз артист, IV Жәларбжьаратәи амузыкатә еицлабра «Амузыка — ҳәаа змам еицәажәароуп» аиҿкааҩ, аӡбаҩцәа рхантәаҩы Алиса Гыцԥҳаи, Башкорҭосҭан жәлар рартист, Урыстәыла зҽаԥсазтәыз артист Аскар Абдразакови, Самаратәи аопереи абалети ртеатр асахьаркыратә напхгаҩы, адирижиор хада Евгени Хохлови.

«Ҳара ҳзы даара акраҵанакуеит Урыстәылатәи Афедерациа иқәынхо ажәларқәеи ҳареи иҳабжьоу аизыҟазаашьа бзиақәа реиқәырхара. Ҳәарада, шәара шәоуп ҳара, ҳтәылақәа еидызкыло. Исымҳәар ауам ҳџьынџьуаҩ Алиса Шьалуа-иԥҳа акультура аганахьала ҳаизыҟазаашьақәа рырӷәӷәаразы иҟалҵо алагала атәы. Ҳара уи даара ҳлызгәдууп», — иҳәеит аҳәынҭқарра ахада.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me