Аҩны иааҩныҵыз арԥыс дҭынчӡа аԥсшәа ҳаиҳәеит, ҳнеиԥхьан апатреҭқәа зныз альбом ду ҳҿаԥхьа инықәиҵеит. Дҳацәажәон Гәрам иашьа Дима Тәанба. Ицәыуадаҩын аибашьра атәы аҳәара, аха иҽырӷәӷәаны, иидыруаз акакала еиҭеиҳәон…
Тәанба Рамизи Барзаниа Аннеи ҩыџьа аԥацәа рхылҵит: Гәрами Димеи. Тәанба Гәрам Рамиз-иԥа ажьырныҳәа ԥшьба, 1967 ш. Дәырԥшь ақыҭан диит. Тәанихәатәи абжьаратә школ доушьҭымҭан. Ашкол ашьҭахь Ивановтәи атәылаҿацә, ақалақь Комсомольскҟа дцоит. Адәыӷбарныҟәаратә техникум дҭалоит. Убра дшыҟаз, арра иԥхьоит. Аррамаҵура дахысуан Германиа. Иуалԥшьа иҿырԥшыганы ихигон, убри аҟнытә аррантә даныхынҳәуаз, астаршина ичын иманы дхынҳәит. Аррахьтә даныхынҳә, ара иҵара иациҵартә аҭагылазаашьа имоуит. Усҟан Аԥсны иаҳа иазааигәаз Баҭым ахәаахәҭратә техникум дҭалоит. Иҵара қәҿиарала ихиркәшоит. «Амца дақәуҵар дбылуам» ҳәа ззырҳәоз арԥысын. Даныхынҳә аӷьараҳәа иқыҭауаа днарывагылеит. Ичмазаҩыз иаб иԥсҭазаара даналҵ, Гәрам иқыҭаҿы дынхарц иӡбеит. Дәырԥшь ақыҭаҿы иҟаз адәқьан аҟны аусура далагеит.
– Гәрам, – иҳәеит иашьа Дима, – ақыҭаҿы шәзызҵаалак ишәеиҳәоит аԥсуа жәлар ирызкыз азҵаарақәа зегьы дрылахәын. Уи ибзианы еилкааны иман, ақырҭцәа еибашьрада ишықәымҵуаз. Гәрам иажәа иалан еснагь, – урҭ узықәгәыӷуа уааӡам, ирхәыцуа аилкаара уадаҩуп,– ҳәа. Убри азы ҳара ҳахиазароуп, бџьарла ҳаиқәшәазароуп ҳәа. Аԥсны аибашьра ианалага Гәрам арахә иманы ашьха дыҟан.
– Саргьы сыԥсы сшьоит, сшәарыцоит, сырахәгьы ирзеиӷьуп, – иҳәалон. Убраҟоуп аибашьра ишалагаз ахьиаҳаз. Аҩныҟа дмааиӡакәан, дзықәшәаз џьоукы дрыцны Аҟәаҟа дцеит. Гәрам Ацҳа ҟаԥшь аҟынтә ҳаруаа Гәымсҭа ахықәахь ианиаргоз, Дәырԥшьаа ԥшааны дрылалахьан. Тәанба Џьонџьик игәыԥ иҽахиԥхьаӡалахьан. Гагра ахақәиҭтәраан уи иааирԥшуаз ахаҵарақәа иахьагьы аибашьцәа алацәажәоит.
Аибашьҩы Тәанба Андреи «Агәымшәаразы» амедал занашьоу ус иҳәеит: – Гәрам арраҿы аԥышәа бзиа иоухьан гранатаршәҩык иаҳасабала. Аԥсны аибашьра аԥхьатәи амшқәа рзы ишәарыцага шәақь икын, аха Гагратәи ахырхарҭаҿы агранатаршәга имԥыхьашәеит, уи даара деигәырӷьеит, Гагра аӷа иалцаразы ибзиангьы «аус» аируит. Тәанба Гәрам маха-шьахала дыӷәӷәан, акы иацәымшәоз, ԥхьаҟа еихоз, Аиааира агара агәра згоз хаҵан.
Тәанба Гәрам Гагра ахақәиҭтәра ашьҭахь Афонтәи акомандахь диаргоит. Уаҟа иара командирс диман Џьениа Игор.
– Гәрами сареи – иҳәеит иашьа Дима, – ҳаибабаӡомызт, избанзар аламала аҩныҟа дааӡомызт, зны-зынла данаауазгьы ҳаиқәшәаӡомызт. Ҳан илҵәахуан уи имаара шхьаалгоз, сара ислырбар лҭахымызт. Машәыршәа данааилак дызидҵуамызт. Дахьынӡаҟамыз изылҵәахыз, изықәлыргылон, иарҭмаҟ фатәыла еиқәлыршәон… Данцалак, дахьынатәаз, дызлацаз амҩа даныԥшыло, даара акыраамҭа даанхон… Аҵыхәтәан, марттәи ажәылара аан иҭахаз Ҭаниа Асҭамыр иҵәуара дахьааиз ҳаибабеит. Цәгьала дыццакуан. Уи ашьҭахь хымзи бжаки бжьысит, иара уаҳа аҩныҟа дзымааӡеит. Шрома ахақәиҭтәра аан 1993 ш. ԥхынгәы 25 рзы дҭахеит.
Тәанба Гәрам Рамиз-иԥа аӷацәа икарыжьыз акәалӡԥҽыга хы ахәра ӷәӷәа инаҭеит аҟнытә аибашьҩы Гәымба Мкан, аџьабаа баны дылбааигеит.
– Гәымба Мкан, – иҳәеит Тәанба Дима, – инапаҿы иԥсы ихихит. Иԥсы леига-ҩеигонаҵы ииҳәоз акы акәын: – Аҟәа ҭаҳарцәхьоума?! – абас шиҳәоз илацәа неиқәиԥсеит. Ахәра ӷәӷәа аниоу аибашьра адәаҿы ацхыраара изҭоз Ламара Чамагәуа лоуп… Данҭаха ашьҭахь Аԥсны Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ҳаракы ихҵан.
Аиааира иаҳзааргаз хашҭра ақәымкәан инхоит. Иара убас зхатәгәаԥхарала иааны зыԥсқәа ҳадгьыл иалазҵаз еснагь ҳгәаҵа иҭазаауеит, иҭоурыхтә хҭыс дуны иҟазаауеит.
Иҭынчӡа иҟоу ашҭа иаху Дима дҭаацәараӡам. Гәрами уи иҩызцәеи рхы зқәырҵаз Аԥсны аҭаацәара ҿыцқәа аԥҵахалароуп, ахәыҷқәа илароуп, ирызҳалароуп. Урҭ ршыкьыбжьи, рыччареи, рыхәмарреи ашҭа ҭдырҭәаауазароуп. Аҵыхәтәантәи иажәақәа: – Аҟәа ҭаҳарцәхьоума? – аибашьцәа дылбаазгоз ахааназ ирхамышҭуа ргәаҵа иҭаҵәахызаауеит хьааны.
Гугуца Џьыкрба