Ҳақалақь ахаҿра еиӷьхарц…

Даара иԥшӡоу, ибеиоу, аҭоурых ду змоу Аҟәа, баша қалақьны иҟам, уи Аԥсны  иаҳҭны-қалақьуп, Аԥсны агәы ҳәа иԥхьаӡоуп.

Аҟәа ақалақь ахаҿра аиӷьтәра гәыҵхас измоу маҷҩым. Ақалақьуаа ҳаиԥш, уи иазгәышьуеит атәыла ауааԥсырагьы.

Ҳәарада, еснагь еиԥш, иахьагьы Аҟәа ақалақь Ахадара аусураҿы ицәырҵуа азҵаатәқәа, уи аҿаԥхьа иқәгылоу ауснагӡатәқәа маҷым.

Арахь имҩахыҵуа асас иԥылара иазхиоу ҳаҳҭны-қалақь ԥшӡа, есааира ахаҿра  аиӷьтәреи, у и инаваргыланы ауааԥсыра рсоциалтә зҵаатәқәеи ақалақь анхамҩа аусура шеиҿкаауи реилкааразы ҳара  ҳамҩахыҵит Аҟәа ақалақь Ахадара аиҳабы Ҭемыр Михаил-иԥа Агрба иахь.

Ҭемыр Агрба Аҳҭны-қалақь напхгара аҭараҿы иҿыцу уаҩуп, рацәак ҵуам ари  амаҵураҿы дыҟоижьҭеи, аха иазгәаҭатәуп уи аамҭа  кьаҿк иалагӡаны илшаз шмаҷым, гәык-ԥсыкала ақалақь аҩнуҵҟа ицәырҵуа апроблемақәа рыӡбара иҽшазишәо. Уи инаваргыланы, имаҳәакәан высшьа амам, напхгаҩ ҿыцуп, аха хаҭала, аргыларатә усураҿы даара аԥышәа бзиа  шимоу, хаҭала, Акапиталтә ргыларатә усбарҭеи Аҟәа ақалақь Ахадареи рҿы еиуеиԥшым аҭыԥқәа рҿы иусура иабзоураны даара ибзианы идыруеит, ҷыдала, ақалақь анхамҩа иаҵанакуа, акоммуналтә усурақәа злеибарку, излеиҿкаау акәама-ҵамақәа зегьы.

«Иахьеи-уахеи, усҟангьы-уажәгьы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ахьаҭахыз аҭыԥқәа сырҭаауан. Уажәгьы лассы-лассы ахадара анапхгара аусзуҩцәеи сареи игәаҳҭоит абзазаратә нхамҩа иадҳәалоу апроблемақәа ахьцәырҵуа. Урҭ  сара сзы иҿыцӡам, ибзианы издыруа, сзышьцылахьоу, сыԥсҭазаара иахәҭаку роуп аҟнытә, хыхь-хыхьла акәымкәан, исымоу аԥышәа ахархәарала инҭырҳәцааны издыруеит аҭыԥ змоу, ицәырҵыр зылшо апроблемақәа», –  иҳәеит Аҟәа ақалақь Ахадара аиҳабы Ҭемыр Агрба ҳаиҿцәажәара хацыркуа .

Аҟәа ақалақь Ахадара аиҳабы  х-занааҭк рыла иреиҳау аҵараиурҭақәа дрылгахьеит. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет афинанси акредити рхырхарҭала аекономикатә факультет (2011 ш.).  Анаҩс, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны иаартыз Уралтәи афедералтә университет афилиал  латәарадатәи аҟәшаҿы ааглыхра-граждантә ргылара азанааҭ ала аргыларатә факультет. Иара убас, 2013 шықәсазы, Москва, жәлар рынхамҩа Урыстәылатәи академиа аҟны амагистратура.

Ҳаиҿцәажәараан уи инаҵшьны иазгәеиҭеит, аргылаҩ изанааҭ дхәыҷаахыс иԥсҭазаара шадҳәалоу, иагьшаликаауа. Уи иадҳәалоу, раԥхьатәи ишьаҿақәагьы гәахәарыла иаҳзеиҭеиҳәеит.

«Аргылаҩ изанааҭ еиҳа исзааигәоуп, аинтерес сзаҵоуп. Сҵара ашықәсқәа раангьы ҷыдала, агәцаракреи азҿлымҳареи  асҭон, уимоу аҵареи аусуреигьы еиласыгӡон аамҭаказы. Ҳастудентра ашықәсқәа раан, аҵара сыцызҵоз сҩызцәа гәыԥҩыки сареи 2009 шықәсазы, зҭакԥхықәра ҳәаақәҵоу аилазаара  «Строикомпания» зыхьӡыз аргыларатә фирма ааҳартит. Исгәалашәоит, ҳусура  шхацҳаркыз Аҳабла ҿыц аҟны аҩнеихагыла аҩналарҭа аиҭашьақәыргыларала. Зҵара хызмыркәшацыз астудентцәа, аргылара аганахьала раԥхьа ҳхы ԥаҳшәартә аҭагылазаашьа ҳаиҭеит усҟан Аҟәа ақалақь Ахадара аиҳабыс иҟаз Алиас Михаил-иԥа Лабахәуа. Уи ибзоуроуп аргылара аганахьала, анаҩс иҳауз аԥышәа.

Аԥхьаҟа ҳгәыԥ  аанзыжьыз ҟалеит, аха еиуеиԥшым  ахырхарҭақәа рыла адырреи  аԥышәеи змаз, зус бзианы издыруаз аспециалистцәа  20-ҩык инарзынаԥшуа еидаҳкылеит. Уи аамҭазы  2011-2012 шықәсқәа рзы, аҩнқәа рхыбқәа рыԥсахразы Аҳәынҭқарратә программа аԥҵан. Иҳаӡбеит ҳхы алаҳархәыцр. Уи инамаданеы  ҳрыдҵаалеит Акапиталтә ргыларатә Усбарҭа анапхгара, ҳагьыршьҭит Адгәыр Аӡынба напхгара зиҭоз Агәӡера иҟаз аргыларатә Усбарҭа ахь. Усҟан 8-мзы ирылагӡаны 22 ҩны рхыбқәа ҳаԥсахит.

Уи ашьҭахь ҳусура ахырхарҭа ҳаԥсахит, иааҳартит апластикатә ԥенџьырқәа ахьыҟарҵо ацех. Ҩаԥхьа Алиас Михаил-иԥа ҳизнеит, изеиҭаҳҳәеит ҳусура алҵшәақәа, ҳԥышәа шеизҳарҳаз. Хаҭала, ацех злеиҿкааз аусугатә маҭәахәқәа, ашьақәгылақәа аниба, ҳаргьы ҳусушьа ангәеиҭа, ҳагәра ганы ҳнапы ианиҵеит, шамахамзар, Аҟәа ақалақь иаҵанакуа ашколқәа зегь рҟны  апластикатә ԥенџьырқәа рҿаҵара. Ажәакала, Алиас Михаил-иԥа иеиԥш иҟаз аӡәырҩы рыбзоурала хаҭала, аргылара ахь  исымаз аинтерес  есааира иазҳауан, уи иацны ишьҭыскаауаз аԥышәагьы», – дҳацәажәон Ҭемыр Михаил-иԥа.

Аиашазы, Ҭемыр Агрба ргылаҩык иаҳасабала зус иазҟазоу, аԥышәа бзиагьы змоу шиакәу шьақәдырӷәӷәоит аргылара анапхгараҭараҿы уи еидибалахьаз аусурақәа. 2014 шықәса инаркны 2016 шықәсанӡа аус иуан, Аҟәа ақалақь Ахадара аусбарҭа «Горстрои» аиҳабы ихаҭыԥуаҩыс, 2016-2019 шықәсқәа раан «Горстрои» аиҳабыс. 2020 ш. инаркны Акапиталтә ргыларатә Усбарҭа аиҳабыс. Уи иажәақәа рыла, иусурақәа еиҿырԥшны данахәаԥшуа, Акапиталтә ргыларатә Усбарҭа аҟны апроблемақәа рацәан аҟнытә, даара иуадаҩны ишьон Аҟәа ақалақь Ахадарахь дааиаанӡа.

«Ирацәоуп, ицәырҵуа еиуеиԥшым ахырхарҭақәа ирыҵаркуа: асоциалтә, анхамҩатә, абзазаратә, акоммуналтә уҳәа ирыдҳәалоу, зыӡбара хымԥадатәу азҵааақәа. Апроблема змоу досу рхы  еиҭарҳәар рҭахуп, урҭ рыдкылареи, излауала рызҵаатәқәа рыӡбареи  азнеишьеи  аҽазышәареи аҭахуп. Сара  сгәаанагарала, иага иуадаҩзаргьы, зыӡбара  алымшо апроблема, азҵаатәы ыҟам. Иааинырсланы зегь рыӡбара залшом, ҳәарада, аха иахьа акәымзаргьы уаҵәы агәра згоит, хықәкыла узызнеиуа иузымӡбо зҵаара шыҟам», – иҳәеит  ҳаиҿцәажәараан уи агәрагара иманы Аҟәа ақалақь Ахадара аиҳабы.

Амшын аԥшаҳәаҿы аиҭакрақәа ирызку аусмҩаԥгатәқәа рыҿиашьа ианыԥшуеит агәаӷьреи апринципреи змоу аӡә шиакәу Ҭемыр Агрба.

Уи аганахь иԥылаз  ауадаҩрақәеи аԥынгылақәеи  шмаҷымзгьы, амшынҿықә аҟны еиуеиԥшым аусурақәа мҩаԥызгоз, ахәаахәҭратә ҭыԥқәа аартны измаз, хаҭа-хаҭала драцәажәаны, еиқәышаҳаҭрала иазааигеит амшынҿықә аҟны имҩаԥгахо аиҭакрақәа инарымаданы, урҭ аԥхьаҟа русура ацҵара шзалымшо. Изакәанымкәан иргылаз ахыбрақәеи, аусуразы азин ахьрымаз аҭыԥқәеи, рыҿҳәара анҵәара инақәыршәаны, ацҵара шаанкыло, убри аҟнытә, рмазара ықәыргар шахәҭоу.

«Аинрал Аршба имҩа инаркны Алашарбага ахаҵәирҭа аҟынӡа  амшынҿықә иагу-иабзоу ҟаҳҵоит. Аусурақәа нарыгӡоит Москва,  Уфа, Казан, Краснодар, Нижни Новгород  рыргыларатә усбарҭақәа. Иааиуа аԥхынразы, агаҿа ԥшӡаны, ахаҿра  еиӷьны, ауаҩы иԥсы ахьишьаша апарк, ахәыҷқәа аамҭа ахьырхыргаша, еиуеиԥшым акарусельқәа уҳәа  рыла ихаҭәааны иҟалоит» – иҳәеит   аусурақәа ишрылагахьоу азгәаҭо Ҭемыр Агрба.

Ҳаиҿцәажәараан уи  иазгәеиҭеит, амшынҿықә ахаҿра аиӷьтәра  иазку аиҭакрақәа рхыркәшара ашьҭахь, иргылахо акаҳуажәырҭақәа, ахәыҷқәа рзы ахәмарырҭатә ҭыԥқәа  уҳәа рҟны, уаанӡа амшын аԥшаҳәаҿы аус зуаз рахьтә изҭаху қьырала аус руртә аҭагылазаашьа  шрырҭо.

 

Амала урҭ аус рурц рылшоит Аҟәа ақалақь Ахадара иаднакыло ақәҵара инақәыршәаны.

Аиашазы, ҳагаҿа ахаҿра аиӷьтәра зегь гәахәарыла иҳадаҳкылаша хҭысуп. Саԥсуоуп ҳәа зхы зыԥхьаӡо уи мап ацәызкуа, иаҿагыло дҟалом сгәанала.

 Ҭемыр Агрба иажәақәа рыла, ихадоу, зегь раԥхьа инаргыланы изызхьаԥштәу, иӡбатәу зҵаатәны  рҿаԥхьа иқәгылоу ируакуп ҳақалақь адәахьтәи ахаҿра аиӷьтәреи ауааԥсыра рыбзазаратә нхамҩа аҭышәныртәалареи.

«Амҩақәа ирыгу-ирыбзоу аҟаҵара ҳаҿуп, атротуарқәа шьақәҳаргылоит. Аха уи аамҭазы ицәырҵуа апроблемақәа маҷым. Иҟоуп шьаҭанкыла аиҭашьақәыргыларақәа зҭаху амҩақәа. Урҭ ҳамала ҳамч ақәхом аҟнытә, Урыстәылатәи аинвестициатә программа ацхыраарала, шьаҭанкыла  Басариа ихьӡ зху амҩа аиҭашьақәыргылара мҩаԥысуеит.  Ақалақь аҟны уи аурыла иреиҳау амҩақәа ируакуп. 2026 ш. ихыркәшахоит ари амҩа аиҭашьақәыргылара. Иара убас, Аҳабла ҿыц аҟны Агрба, Аргәын, Сентиабр 30 рыхьӡқәа зху уҳәа амҩақәа рҟынгьы зыӡбахә ҳамоу аинвестициатә программала аиҭашьақәыргыларатә усурақәа цоит.

Амҩақәа  шьаҭанкыла реиҭашьақәыргыларазы, акаҭран ақәырҭәаразы ихымԥадатәиуп акоммуникациатә инфраструктура шьаҭанкыла аԥсахра. Уи ахарџь рацәаны  иаҭахуп, зегьы  шьаҭанкыла рыԥсахразы аҭагылазаашьа ҳамам. Аха уаанӡа аӡымҩангагақәа шьаҭанкыла рыԥсахра ахьаҭахыз ирҽеины амҩақәа  ҟаҳҵазҭгьы, уажәы иажәхьоу,  иуашәшәыроу аӡымҩангагақәа  шьаҭанкыла имԥсахкәан амҩа аиҭашьақәыргылара напы аҳаркуам. Инаҵшьны иазгәасҭарц сҭахуп, уаанӡа џьара аӡымҩангага ԥжәар, аӡы ацәцар, ақалақь зегьы ӡыда иныжьны арҽеиратә усурақәа ҳрылагозҭгьы, уажәы аиҭашьақәыргаларатә усурақәа ахьцо аҳаблаҿы  мацара инхо роуп аамҭала ӡыда инхо. Ари атехнологиа шьақәҳаргылеит, ахархәара аҭара  ҳалагеит, даарагьы иманшәалоуп ақалақь ауааԥсыра рзы», – иҳәеит уи.

Амшцәгьақәа раан, ақәа-ӡы нызкыло ахархәагақәа аус ахьырымуа иахҟьаны, аинрал Дбари аинрал Аршбеи  рыхьӡқәа  зху амҩақәа рҿы рымч ақәхом еизо ақәа-ӡы аанкылара. Убри аҟнытә, ақалақь  амҩақәа ӡыла иҭәуеит. Урҭ рыԥсахразы алшара ыҟам азы, 2026-тәи  ашықәс ахь ииаагеит аиҭашьақәыргыларатә усура.

Аҵыхәтәантәи аамҭазы лассы-лассы амшцәгьа  бааԥсқәа ирыхҟьаны аԥхасҭа зауа ақалақь ауааԥсыра рхыԥхьаӡара  маҷҩым.

Хаҭала  Ҭемыр Агрба ақәаршҩы иахҟьаны  аӡы зҵалаз ахатәы ҩнқәеи аӡы  ахькылсыз аҩнеихагылақәа рхыбқәеи, иажәхьоу аҭыӡқәа  аӡы ахьрылсызи акырџьара аҭыԥқәа  рҿы, инапхгараҿы аус зуа иҩызцәеи ареи  рҭааны ирбеит. Уи  аганахьала аусурақәа шцо  далацәажәо  иазгәеиҭеит, аспециалистцәа, аусуцәа ес-ҽны тәамҩахә рымамкәан аус шыруа апроблема аԥыхразы.

«10-мшы  рыҩнуҵҟала, ақәа ахькылсуа ахыбқәа  реиҭашьақәыргылара иадҳәалоу аусурақәа хыркәшахоит. Анаҩс, ҳаиасуеит егьырҭ аусурақәа рахь,  уи азы иаҭаху, иахәҭоу амаҭәахә еиқәыршәаны иаҳзышьҭоуп», –иҳәеит уи.

32 шықәса ҵуеит, аԥсуа жәлар иаагаз Аиааирала еилгеижьҭеи Аԥсны Аџьынџьтәылатә  еибашьра. Аха, иахьа  уажәраанӡа ақалақь аҿы ана-ара иуԥылоит хылаԥшра змамкәан, иҭацәны, аԥшәма дызхым ахатәы ҩнқәа, ауаҭахқәа. Убри аамҭазы, аԥсуа ҭаацәара ҿарацәа ҩыџьа-хҩык ахшара зманы, зхатә нхарҭа ҭыԥ рымамкәан, қьырала ахә шәо, ауаҭахқәа ирыҩноу рхыԥхьаӡара  маҷҩым.

Еилкаауп, иҭацәу ҳәа зыӡбахә ҳамоу ахатәы ҩнқәеи ауаҭахқәеи шьоукы ирыдкыланы ишрымоу, аӡә ихьӡала излаҭаҩу ала ашәҟәқәа  цәырыргар  шалшо. Аха  цқьа иҭҵаазар, иахәҭоу ашәҟәқәа рыла ихаҭәаамгьы, еиқәшәамгьы уԥылар шалшо. Ажәакала, иуадаҩуп, иахьа аԥшәма  дызхым, шықәсы рацәала дызқәашьымхаз ахатәы ҩнқәеи ауаҭахқәеи иааинырсланы  аҳәынҭқарра  разырхынҳәра. Аха  зегьы  ҿҳәарак-ҿҳәарак рымоуп. Амшын аԥшаҳәаҿы иҟалаз аиҭакрақәа рыхҟьа-ԥҟьа  ари азҵаатәы ахьгьы ииасыргьы  ҟалоит.

Ари апроблема акрызҵазкуа  шакәу азгәаҭо, Аҟәа ақалақь Ахадара аиҳабы ҳаиҿцәажәараан инаҵшьны иҳәеит,  изызхәыцтәу, иӡбатәу акәны дшахәаԥшуа.

«Аԥшәмацәа зхым ауаҭахқәа, шәҟәыла-быӷьшәыла еиқәыршәоуп. Шьоукы рыхьӡала  иҟоу ауаҭах, аӡәы имхны даҽаӡәы иҭара закәанла иалҵуам. Аха аԥхьаҟа ӡбашьак аҭатәуп, иагьазхьаԥштәуп.

Зхатә нхарҭа змам, ауаҭах ахә ахызшәаауа аԥсуа ҭаацәара ҿарацәа ракәзар, ҳрыцхраартә, урҭ рзы  аҩнқәа  ҳаргылартә макьана алшара ыҟам.

Зхатә нхарҭа  змам, ауаҭах иаҳәо 1900-ҩык рсиа ҳзышьҭоуп. Хаҭала, сҩызцәа  аргылаҩцәа ааигәа, ақалақь ҳазлацхраари ҳәа иансыдҵаала, ирасҳәеит  зхатә нхарҭа ҭыԥ змам рсиа иҳамоу. Урҭ руаӡәк 5-уаҭахк ҳаиҭеит, егьи 3- уаҭахк. Ари  ажәабжь иаразнак Аԥсны  Аҳәынҭқарра Ахада Бадра  Зураб-иԥа  Гәынба иасҳәеит. Макьана  иҳадҳамкылаӡацт уи  аҳамҭа. Аха, ианҳадаҳкылалак  еиҳа изыхәҭаны иҳаԥхьаӡо 8- ҭаацәарак ирзаҳшоит.

Иазгәасҭарц  сҭахуп Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра  Зураб-иԥа ари апроблема дшазҿлымҳау, адҵагьы шсиҭахьоу, хаҭала, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ҟалаанӡа  зыргылара иалагахьаз аҩнеихагылақәа, ихыркәшамкәан инхаз, урҭ рыргылара ахыркәшара ахарџь шаҟа иҳазтәо. Ари азҵаара макьана аӡбара ҳаҿуп»! – иҳәеит Аҟәа ақалақь Ахадара аиҳабы Ҭемыр Агрба, аҩнеихагылақәа аԥхьаҟа рыргыларазы ихатә идеиақәа шимоу, дышрызхәыцуа азгәаҭо.

Ҭемыр  Михаил-иԥа ҳазҵаарақәа жәпакы рҭак ҟаиҵеит ҳаиҿцәажәараан, инаҵшьны иазгәасҭарц сҭахуп уи аԥсышәала  еиламырцҳакәан ақалақь аусура иадҳәалоу аԥхьаҟатәи игәҭакқәеи иидеиақәеи шҳацеҩишаз.

Ҳәарада, Ҭемыр Михал-иԥа даӡәыкым ари  иуадаҩу аусураҿы, ақалақь анапхгараҭараҿы, ивагылоуп  зус бзианы издыруа, аԥышәагьы змоу, хаҭала иара аус ицызуаз, зыгәра иго, дзықәгәыӷуа иҩызцәа. Ҷыдала 4-ҩык ихаҭыԥуаа: Константин Ҭарба, Асҭамыр Ашәба, Инал Аҩӡба, Авҭандил Сурманиӡе. Ҭемыр Михаил-иԥа Аҟәа ақалақь анапхгарахь иааиԥхьаз иҩызцәеи иареи  ашьыжь асааҭ 6 рынахыс уи  ахи-аҵыхәеи шьапыла еимдо аус шыруа гәазымҭац аӡәгьы  дыҟам сгәанала, ақалақь ауааԥсыра рахьтә.

Аҟәа ақалақь Ахадара  аиҳабы ҳәарада, ихатә ԥсҭазааразы аамҭа даара имаҷны ишимоу  еилкаууп. Аха, иага ус акәзаргьы, уи иажәақәа рыла, ихатә ҩыза  Екатерина Кәпал-ԥҳаи ихшара Софиеи Мариеи рзгьы аамҭа иԥшаауеит, уимоу мчыбжьык хынтә аспорт ахь  дныҟәоит.

Ихәыҷра  шықәсқәа раан акәзар ҷыдала, ашьапылампыл дазҿлымҳан. 9 шықәса ашьапылапыл дыхәмаруан, Аҟәатәи акомандагьы акапитанс дыҟан, дыхәмаруан Аԥсны еизгоу акомандазы, аха еиуеиԥшым амзызқәа ирыхҟьаны инижьит.

Инамҩатәны иазгәаҭатәуп Ҭемыр Агрба иаб Михаил Григори-иԥа Агрба аспорт азҟаза ҳәа ахьӡ ҳарак шианашьоу. Атлетика ласи  аҽыбӷаҟазаратә спорти иҽырзыҟаиҵон. Асовет аамҭазы уи абаҩрҵәыра арҵаҩыс аус иуан,  иан Лали  Шатаи –иԥҳа Бжьаниа лакәзар, уигьы аурыс бызшәеи алитературеи арҵаҩыс аус луан, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахь 30 шықәса инарзынаԥшуа Очамчыра ауаҩытәыҩсатә ҭагылазаашьа акҭқәа рҭаҩырҭа аҟны аиҳабыс аус луан.

Здырреи зԥышәеи инарҷыданы  аԥсуаҵас ааӡара бзиа  змоу, арҵаҩцәа-ааӡаҩцәа рҭаацәара иалҵыз, шьҭрала  и-Кәтолтәу Ҭемыр Агрба 37 шықәса дырҭагылоуп. Ақалақь Ахадара анапхгараҭараҿы қәрала акыр дқәыԥшуп, аха аамҭа кьаҿк иалагӡаны, уи  ақалақь ауааԥсыра иқәгәыӷыртә, рыҽхәаԥхьыӡ даԥсахартә ихы аарԥшра илшеит.

Имариам иаԥхьаҟатәи иусураҿы изеиӷьаҳшьап еиҳау аихьӡарақәа.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me