Аԥсны Арбџьармчқәа ркомандаҟаҵаҩ Бадра Гәынба атәылахьчара Аминистрра даҭааит

Аԥсны Арбџьармчқәа ркомандаҟаҵаҩ, аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба атәылахьчара Аминистрра даҭааит ирласу-атактикатә зыҟаҵарақәа рынагӡареи рымҩаԥгареи ирызку арҵара-методикатә ҽазыҟаҵарақәа напхгара рыҭаразы.

Аҽазыҟаҵарақәа ирылахәуп: Аҳәынҭқарра Ахада иусбарҭа аусуҩцәа, Аминистрцәа Реилазаара, Ашәарҭадара Ахеилак, Аԥсны ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәа, азинхьчаратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа.

Азыҟаҵарақәа рылҵшәақәа инарықәыршәаны, Арбџьармчқәа ркомандаҟаҵаҩ, Аԥсны Ахада Бадра Гәынба Арбџьармчқәа рнапхгара иҷыдоу адҵақәа риҭоит.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me