Даҽа ҩ-банкнотак ҭыжьхоит

Аԥсны Абанк хә-банкнотк ҭнажьит. Иааиуа ашықәс азы иазԥхьагәаҭоуп даҽа ҩ-банкнотак рҭыжьра: 250 аԥсар ицо, Нестор Лакоба изку абанкнотеи, хә-аԥсарк инаӡо «Аԥсны Афлореи Афауни» асериа аҟынтәи банкнотаки.

Уи ианылоит аԥарԥалыкь ҟаԥшь асахьа. Ари асериа аҿы абанкнота зегьы иреиҳау аноминал амоуп – 500 ԥсар, уи Аԥсны Раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба изкуп. Абри азы Аԥсныпресс ахь адырра ҟаиҵеит Аԥсны Амилаҭтә Банк ахантәаҩы Беслан Бараҭелиа.
Уи инаҵшьны иазгәеиҭеит иааиуа ашықәс азы быжь-номиналк рыла зыдгалара мҩаԥгоу абанкнотқәа раԥхьатәи асериа аҭыжьра шхыркәшахо, абанк аемиссиа ахыркәшаразы аҳәамҭа шыҟанаҵо, избан акәзар, Аԥсны азакәанԥҵара инақәыршәаны аемиссиа амҩаԥгара азин ҟанаҵаӡом.
«Иҟалоит егьырҭ асериақәа рҭыжьра, аха иҟоу инацҵаны ркьыԥхьра ҟалаӡом», – иҳәеит Беслан Бараҭелиа. Аԥсны Амилаҭтә Банк ахантәаҩы, абанкнотақәа раԥхьатәи асериа аемиссиа азы алаҳәара шыҟалалак еиԥшҵәҟьа урҭ рыхәԥсақәа акыр иазҳар алшоит ҳәа агәаанагара имоуп. Шьҭарнахыс иарбоу абанкнотақәа раахәара алшоит аколлекционерцәа мацара рыҟны, мамзаргьы уаанӡа урҭ аазхәахьаз ауаа рыҟны», - иҳәеит Беслан Багаҭелиа.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me