Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьармчқәа ркомандаҟаҵаҩ Бадра Гәынба: ҳаԥсадгьыл аиқәырхареи ԥхьаҟатәи алахьынҵеи ҳуалԥшьа хадақәа иреиуоуп

Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьармчқәа ркомандаҟаҵаҩ Бадра Гәынба: ҳаԥсадгьыл аиқәырхареи ԥхьаҟатәи алахьынҵеи ҳуалԥшьа хадақәа иреиуоуп
Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьармчқәа ркомандаҟаҵаҩ, Аԥсны ахада Бадра Гәынба ирласу-атактикатә зыҟаҵарақәа рынагӡареи рымҩаԥгареи ирыдҳәалоу арҵара-методикатә ҽазыҟаҵарақәа ирызку аилатәараҿы иқәгылара:
«Ҳаҭыр зқәу аҩызцәа!
 
Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьармчқәа рҵарашықәс хыркәшахоит жьҭаарамза 13 инаркны 17-нӡа имҩаԥгахо арҵара-методикатә ҽазыҟаҵарақәа рымҩаԥгарала.
Арбџьармчқәа русзуҩцәа иахысуан аоперативтә, амобилизациатә, аибашьратә ҽазыҟаҵарақәа. Аҵарашықәс иалагӡаны еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла имҩаԥган 36 усхкы.
Еиҿкаан абарҭ реиԥш иҟоу аусмҩаԥгатәқәа: арратә ҟәшақәа реибашьратә хысрақәа - 24; авзводқәа реибашьратә хысра - 12; арра-тактикатә зыҟаҵарақәа – 4; аибашьыгатә хысрала атактикатә зыҟаҵарақәа – 6; аҟәшақәа анҭыҵтәи рҽазыҟаҵарақәа - 6.
Ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭан арезервтә еиҿкаарақәа разыҟаҵара, урҭ иаарласны амобилизациа аҟаҵареи командала аусецуреи рыԥҟарақәа ирықәшәо еиҿкаан. Иааидкыланы арратә гәыԥ «Мрагылара» иацны быжь-ҽазыҟаҵарак мҩаԥган. Ҩышықәса ҵуеит арезервтә гәыԥқәа реиҿкааразы иҷыдоу азыҟаҵарақәа мҩаԥысуежьҭе. Ашықәс иалагӡаны ас еиԥш азыҟаҵарақәа 64 мҩаԥгахоит.
 
Иахьа ҳара иҿыцу аҩаӡара ҳазнеиуеит: раԥхьаӡа акәны ауп ианымҩаԥгахо, ас еиԥш зымҽхак ҭбаау, аҵакы змоу, ирласу-атактикатә зыҟаҵарақәа. Иазгәасҭар сҭахуп, Аштаб Хада азыҟаҵара амҩаԥгаразы еиуеиԥшым азнеишьақәа шазнархиаз. Сара иалысхит, ишьақәсырӷәӷәеит зегь реиҳа иуадаҩу. Арбџьармчқәа Ркомандаҟаҵаҩ Хада иаҳасабала арратә зыҟаҵарақәа рымҩаԥысшьа хылаԥшра асҭоит.
Аԥсҭазаараҿы иҟоу аҭагылазаашьақәа иахьынӡазалшо ирзааигәан раԥҵаразы, еиҿагылоу арратә гәыԥқәа ҩба еиҿкаахоит, урҭ аицлабратә ҟазшьала рҽазыҟарҵоит.
Ақалақьқәеи араионқәеи рнапхгара ахадацәа имҩаԥысуа аҽазыҟаҵарақәа рхы аладырхәуеит, акыр зҵазкуа ароль нарыгӡоит, аруаа реизгареи адгьылҵакыра ахьчареи раан.
Ари азыҟаҵара аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи, аҭыԥантәи анапхгаратә усбарҭақәеи, ашәарҭадаратә усбарҭақәеи рхы аладырхәуеит. Уи иаанарԥшуеит ашәарҭара аамҭазы аҳәынҭқарратәи арратәи аусзуҩцәа зегьы руалԥшьақәа рынагӡара ишазыхиоу, насгьы Арбџьармчқәа рнапынҵақәа рынагӡара иахьынӡазыҟаҵоу.
Иахьа, иуадаҩу аамҭазы, адунеи зегьы ашәарҭара ианҭагылоу, ҳарҭ зегьы, аруаҩ инаиркны Арбџьармчқәа ркомандаҟаҵаҩ иҟынӡа ҳаԥсадгьыл ҳахәҭакны ҳшыҟоу ҳдыруазароуп, уи аиқәырхареи ԥхьаҟатәи алахьынҵеи ҳуалԥшьа хадақәа иреиуоуп».
  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me