Аԥсны Жәлар Реизараҿы

Ииуль 30 азы имҩаԥысыз Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа аиҭакрақәа аларгалеит «Аҭыԥантәи ахаланапхгара аусбарҭақәа рахь алхрақәа рзы» азакәан.

«Алхрақәа рганахьала ауаажәларратә еизыҟазаашьақәа рҭышәныртәалара, алхратә усбарҭақәа зегьы рзы иаку ԥҟарак аԥҵаразы «Аҭыԥантәи ахаланапхгара аусбарҭақәа рахь алхрақәа рзы» Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәан аиҭакрақәа ралагаларазы»азакәан апроект ала ажәалагала ҟаҵоуп ԥшьышықәса инаркны хәышықәса аҟынӡа аҭыԥантәи ахаланапхгара аусбарҭақәа рдепутатцәа рзинмчқәа рҿҳәара иацҵазарц, Аԥсны Ахадеи Жәлар Реизара адепутатцәеи рзинмчқәа рыҿҳәарақәа реиԥш», – иҳәеит азакәанпроект назгаз аҳәынҭқарра-зинтә политиказы Жәлар Реизара Аилак ахантәаҩы Дауҭ Хәытаба.

Азакәанпроект адкылара иара убас аҳәынҭқарратә биуџьет ашҟа ақәыӷәӷәарагьы армаҷуеит.

Жәлар Реизара адепутатцәа абжьқәа реиҳарала актәи аԥхьарала ирыдыркылеит азакәанпроект «Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы имаҷуи ибжьаратәуи анападкылара арҿиаразы». Иадгыланы рыбжьы арҭеит 21-ҩык адепутатцәа, аӡәы даҿагылеит, ҩыџьа рҽааныркылеит.

Адокумент ааигеит аекономикатә политиказы Жәлар Реизара Аилак ахантәаҩы Резо Занҭариа.

«Имаҷуи ибжьаратәуи анападкылара арҿиара аҩаӡара – атәыла асоциал-економикатә, асоциал-политикатә рҿиара арбага хадақәа ируакуп. Урҭ русура анырра бзиа ҟанаҵоит асоциал-економикатә система арманшәалара, аполитикатә ҭышәныртәалара, абжьаратәи акласс ахыԥхьаӡара уҳәа аҟаҵарбақәа рахь

Аԥсны имаҷуи ибжьаратәуи анападкылара аекономика аԥыжәара змоу асекторқәа рхыԥхьаӡара иаҵанакуеит. Уи иааиԥмырҟьаӡакәа ашьҭыҵра иаҿуп, иармаҷуеит аусурҭадара аҩаӡара, ауааԥсыра усурҭала еиқәнаршәоит, аҳәынҭбиуџьет ашҟа ашәахтә лагалақәа ирызнарҳауеит. Иара убри аамҭазы аҳәынҭқарраҿы иҟоуп имаҷуи ибжьаратәуи анападкылара арҿиара иаԥышьклаҳәуа, ауааԥсыра рекономикатә активра лазырҟәуа, имаҷуи ибжьаратәуи анападкылара асубиект ҿыцқәа рцәырҵра аанызкылауа апроблемақәа.

«Имаҷуи ибжьаратәуи анападкылара хырҳарала, қәҿиарала арҿиаразы акырӡа аҵанакуеит азинтә ҭагылазаашьа маншәала аԥҵара адагьы, аҳәынҭқарра иара убас афинанс-кредиттә, аинвестициатә дгылара ҟанаҵалароуп», – иазгәеиҭеит Занҭариа.

Жәлар Реизара ақәҵара аднакылеит Урыстәылатәи Афедерациа аганахьала Аԥсны хазы игоу атәылауаа ирызкны хаҭалатәи асанкциақәа ахрархәара афактқәа рцәырҵра амзызқәа рыҭҵааразы Жәлар Реизара акомиссиа аиҿкааразы иара убас Аԥсны ԥасатәи анапхгара рганахьала ауаҩи атәылауаҩи рконституциатә зинқәа, рхақәиҭрақәа реилагара афактқәа раарԥшразы.

Акомиссиа иалоу рнапы ианҵоуп абри ақәҵара анрыдыркыла аҽны инаркны хымз рыҩнуҵҟала апарламенттә ҭҵаара амҩаԥгара.

Акомиссиа иалоуп адепутатцәа Кан Кәарҷиа, Дауҭ Хәытаба, Ҭемыр Шергелиа, Ерик Рштуни, Бадрик Ԥилиа.

Иара убас Жәлар Реизара адепутатцәа аҩбатәи ҵыхәаԥҵәалатәи аԥхьарала аиҭакрақәа аларгалеит «Административтә зинеилагарақәа ирызку аусқәа усӡбарҭала реилыргаразы Акодекс».

Адокумент ааигеит аҳәынҭқарра-зинтә политиказы Жәлар Реизара Аилак ахантәаҩы Дауҭ Хәытаба.

Аиҭакрақәа алагалоуп аҟазаара (анхара) арежим аилагаразы, аџьатә усура амҩаԥгаразы Аԥсны Аҳәынҭқарратә миграциатә маҵзура аусзуҩцәа ишьақәдыргылауа административтә ԥкаанҵақәа ирласны рыхәаԥшра хықәкыс ишьҭыхны. Ари иалнаршоит административтә ԥкаанӡа анеиқәдыршәалак ашьҭахь, аусӡбарҭақәа рахь идәықәымҵакәа, административтә ҭакԥхықәра рақәыршәаразы зыԥшрак ҳәа ҟамҵакәа аӡбамҭа адкылара.

Жәлар Реизара аилатәараҿы амш аусхәаԥштә аҿы иарбаз адгьыл зҵаарақәа 12 ирызкны ақәҵарақәа рыдыркылеит.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me