Уи зыбзоуроу Урыстәыла анаукақәа рминистрреи ААУ анапхгареи русеицуроуп.
«Астудтуризм» апрограмма Урыстәыла анаукеи аҵарадырреи Рминистрра еиҿнакааит 2021ш.азы.
Ари апрограмма астудентцәеи аҵарауаа ҿарацәеи рзы иаанартуеит алшара ҿыцқәа. Уи алшара рнаҭоит Урыстәыла аҭаара, ауниверситеттә корпусқәа рҿы анхара, еиуеиԥшым аҭҵаарадырратә усмҩаԥгатәқәа аҽрылархәра, иара убас иреиҳау аҵараиурҭақәа рҿы имҩаԥысуа аҭҵааратәи аҵарадырратәи еилазаарақәа рдырра.
Уажәшьҭа арҭ алшарақәа рымоуп ААУ астудентцәагьы. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет жәларбжьаратәи аекономикатә еимадарақәа рпроректор Максим Ӷәынџьиа аартраҿы иазгәеиҭеит Урыстәылеи Аԥсни реимадара шыӷәӷәахо.
«Ҳара гәахәарыла иҳадаҳкылоит асеиԥш иҟоу аусмҩаԥгатә ААУ аҿы аиҿкаара ахьалыршо»,- иҳәеит Ӷәынџьиа.
Ҳҳәынҭқаррақәа рышьақәырӷәӷәаразы иаҭахуп аҿар реиҩызара,хымԥада ААУ иалшо зегьы ҟанаҵо ит апрограмма ишақәнаго аиҿкаареи аҽалархәреи рзы. ААУ аҿар рполитика апроректор ихаҭыԥуаҩ ИуриТрувалиов иазгәеиҭеит апрограмма аҵак ду шамоу астудентцәа реимадара арҿиаразы.
«Ари апроект иалахәын 260 рҟынӡа иреиҳау аҵараиурҭақәа, 110 инареиҳаны Урыстәыла ақалақьқәа. Уажәшьҭа астудентцәа ирымоуп алшара Урыстәыла ақалақьқәеи еиуеиԥшым аҭыԥқәа ркультуреи рҭоурыхи рдырразы. Иҳадаҳкылеит Урыстәылантәи астудентцәа урҭ даара ргәы иахәеит Аԥсны, иара убас астудентцәеи дареи еиҩызарала реиԥылара. Абасеиԥш иҟоу аҿар реимадара еснагь алҵшәа бзиа амоуп».
Жәларбжьаратәи аҿар реимадреи, русеицуреи, атуризми, аҳәынҭқарра аҿар рполитикеи анапхгаҩы Константин Малышев иҭабуп ҳәа реиҳәеит ААУ анапхгара апроект аиҿкаара алыршаразы. Уи инаҵшьны иазгәеиҭеит апрограмма «Астудтуризм» иалахәу астудентцәа рхыԥхьаӡара еиҳа ишырацәахо.
«Ҳара ҳзы даара ихадоуп Аԥсны урҭ рхыԥхьаӡараҿы иахьыҟоу, убри инамаданы Аԥсны Аҳәынҭқарра иамоуп Урыстәыла иадҳәалоу аҭоурыхтә шьаҭақәа, ҳҿар реимадара иаанартуеит иҿыцу аҳәаақәа»- иазгәеиҭеит иара, апрограмма ахықәкы хада дазааҭгыло.
ААУ агеографиеи атуризми рфакультет адекан Маиа Ҟаитанба иазгәалҭеит аҿар ртуризм Аԥсны адҵаалара ҳаракы шамоу. Асеиԥш иҟоу апрограмма арҿиара алыршара акрызҵазкуа хҭысуп, избан акәзар аҿар русеицуреи акультура аимадареи мҩаԥгахоит ҳажәларқәа рыбжьара. Иара убри инамаданы, лара адырра ҟалҵеит агеографиеи атуризми рфакультет аҿы ишаарту акафедра ҿыц. Уаҟа арҵара имҩаԥысуеит «Атуроператортәи атурагенттәи технологиақәа реиҿкаара ахырхарҭала, ари ахырхарҭа астудентцәа рзы аҭыԥ ӷәӷәа ннакылоит.
Апрограмма аартра иалахәын иара убас ААУ аректор ицхырааҩ Анжела Қаџьиа, жәларбжьаратәи аҿар ртуризм арҿиара Ассоциациа «Армат» анапхгаҩы Сергеи Туаев, аекономикатә теориа акафедра адоцент анапхгаҩы Линда Амԥар, апрограмма анапхгаҩы Беслан Зарданиа, иара убас астудентцәа - апрограмма раԥхьатәи алахәылацәа.
Уажәшьҭа Аԥснытәи астудентцәеи аҵарауаа ҿарацәеи ирымоуп алшара жәларбжьаратәи аимадара аҽалахәра рылаԥшҳәаа арҭбаара, иара убас Урыстәыла аҵарадырратә, аиҩызаратә еимадара арӷәӷәара, арҵаулара.
Уажәтәи аамҭазы аҿари астудентцәеи ртуризм апрограмма «Астудтуризм» иацлеит иҿыцу жәларбжьаратәи ахырхарҭа - уажәшьҭа астудентцәа, аҵарауаа, аспирантура, аординаторцәа Урыстәыла аҵара зҵо иаҭаар рылшоит Аԥсны. Апрограмма алахәылацәа Аԥсны адагьы ирбар рылшроит уи анҭыҵ иҟоу атәылақәагьы: Ермантәыла, Киргизиа, Китаи уҳәа.
Апрограмма «Астудтуризм» анапхгаҩы Светлана Нехорошева иазгәалҭеит: «Астудтуризм» аҿы астудент уадаҩра аҵамкәа ишәарҭамкәа биуџьетла ибар илшоит Урыстәылеи адунеи егьырҭ аҭыԥқәеи.
Аԥсны - ихадоу лахәыланы иҟоуп аҿар ркультураеимадара арҿиараҿы. ААУ ари апрограмма адԥхьалара ианартуеит иҿыцу аԥеиԥш аҩҳәынҭқаррак рыстудентцәа рзы».
Апрограмма аҽалархәразы аҳәара ҟашәҵар шәылшоит» Студтуризм. РА. аплатформаҿы».
Раиана Бебиа,
ААУ афилологиатә факультет
ажурналистика аҟәша 2-тәи
акурс астудент