Мшаҧы 25, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аҧеиҧш бзиа азы

Ҳҧеиҧш бзиа азакәын Аҧсадгьыл ахьчараан ҳашьцәа рыҧсҭазаара иамеигӡа ҳаҕа изиҿагылаз. Милаҭҵас ҳаиқәырхара азын акәын ақәрахьымӡақәа ашәара рхахьы иаамгакәа аҧсра изаҧылоз.

Афырхацәа, аибашьра зегьы – ахы инаркны иалагылаз, изныкымкәа аҧсра абла иҭаҧшыз ирцәыхьанҭоуп аибашьра атема алажәара. Ихьанҭоуп, игәырхьгоуп цқьа имҕьац ахәра ануртытуа, ушналакьыслак ахьаа аҽарҿыцуеит. Аха ҳара иаҳуалҧшьоуп аибашьра афырхацәа иашақәа зусҭаҵәҟьоу адырра, ирхыргаз аилкаара. Убри хықәкыс иҟаҵаны ҳиқәшәеит аибашьра аветеран Бесик Мушьни-иҧа Ҭаниа, Ҧақәашь ақыҭа иааӡаз. Аибашьра ианалагаз дынхон Аҟәа, Аҳабла Ҿыц аҿы, дҭаацәаран ҩыџьа ахәыҷқәа драбын. Аиааира 29 ш. ахыҵра инамаданы ҳаиҿцәажәеит Бесик Ҭаниа.

– Бесик, аибашьра аҧхьатәи амшқәа уабарҧылеи?

– Ари ажәабжь бааҧс ҳаҳаит Аҳабла Ҿыц аҿы. Иаразнак ҳҽеидаҳкылеит уа инхоз зегьы. Еиҳарак еибадырқәоз ҳакәын. Абџьар абаҳамаз, ус иааҳалаҩит Гәдоуҭа ирырҭоит ҳәа. Ҳцеит, зегь ҳацыҧхьаӡа ҳмоуит, аха ҳҽеидкыланы агәыҧ «Ветерок» аҧаҳҵеит. Аҧхьа ҩымш ҳгылан авокзал аҿы, нас ҳаиасит ауниверсам ашҟа, уа абомба анақәрыжь нахыс – Гәымсҭа аӡиас нырцәҟа, сара сзы абас рхы ркит ҳаибашьра амшқәа.

– Сара издыруеит ҳаибашьраҿ уара ушрылахәыз акрызҵазкуаз ажәыларақәа зегьы. Исҭахын Гагра ахақәиҭтәра аан узлахәыз хҭысқәак угәалауршәарц.

– Сара салан Мушьни Хәарцкиа еиҿикааз адиверсиатә гәыҧ, еиҳабыс дҳаман Зурик Хәарцкиа. Абасала Гагра аҭарцәразы ицоз ажәыларақәа ҳаргьы ҳрылан. Зурик убраҟа дырхәит. Уи ишьҭахь командирс дҳауит, зеиҧш еибашьҩы ҕәҕәа дмаҷыз Лаша Ҷкадуа. Оҭар Аџьынџьал, Зурик Џьопуа, Мурман Бигәаа, сара Гагра ҳаицын. Цандрыҧшь ҭарцәны ҳшаауаз, Холодная речка ашәанцәа ҳарҿаҳаит, усҟан хәҩыкны ҳаицын. Азныказы сҽырҩашьаны қырҭшәала аҭаҭын саҳәеит, дара ҳартәыз џьыршьеит, аҭаҭын ҳарҭеит. Ҳаиҧырҵымҭаз руаӡәк игәеиҭеит смахәар иамаз аҧсуа емблема, уи акәхеит, автомат аҿаадырхеит. Аҭаҭын змысхыз апулемиот икын, сақырҭуазшәа дахьызжьаз убысҟак игәы ҧнажәеит, иӡбеит апулемиот схы иадыргылан иагәыдиҵарц, дсеихсырц дшаҿыз апулемиот ишьҭахьҟа дарблаҟьеит. Убри аамҭаз иаасзыманшәалахан савтомат аус асыруит… Мурман Бигәаа, Џьениаа аишьцәа ҩыџьа, аҧшьбатәи дысгәалашәаӡом, сара ҕәҕәала ҳахәны Гәдоуҭа ахәышәтәырҭа ҳҭашәеит. Уи ашьҭахь сыхәра маҷк иҕьашәа ианыҟала, уа сышҧатәоз, Зурик Ҭыжәба еизигоз аибашьцәа срылаларц сҭаххеит. «Ухәрақәа ҕьаанӡа уабацои?» – ҳәа, знык-ҩынтә автобус сҭицеит, нас сиасит Славик Анқәаб икомандахь. Уи иаҧхьа ари акоманда аиҳабыс даман агәымшәа, зегь рыла абаагәареиҧш узықәгәыҕшаз арҧыс Закан Амаршьан.  

Исҭахуп ажәақәак сҳәарц икоманда иалаз аҷкәынцәа ргәы иҭнымҵәо ауаҩы хазына изын. Иара усҟан игәы бзиаӡамызт, аха «сыҷкәынцәа шәкажьны џьаргьы сцаӡом», ҳәа днараҧхьагылеит. Закан иҟазшьамызт сеиҳабуп ҳәа ахыхьчарҭаҿ иҽнавакуа, асолдаҭцәа раҿажьра. Уи аҷкәынцәа раҧхьа дгылазар акәын. Март 15 рзы Аҩада Ешыра, Гәымсҭа аӡиас иху ацҳахь ҳцеит. Ҳнеит ҵаҟа – абаҟақәа ахьыҟарҵоз, Ешыра – асаркьа ахьыҟоу. Усҟан уа иаабеит аҷкәын қәыҧш, зҵара ааныжьны Урыстәылантәи аибашьра иааз Вадим Лагәлаа, Валери Гәбаз, зегь хьыӡҳәала исгәалашәом, ирацәаҩын. Убра ҧшьымш амацәаз ҳҭакны ҳрыман. Уажәы-ушьҭан ацхыраара ҳазыҧшын. «Уа шәыҟаз, ҳнеиуеит» ҳәа ҳарҳәон. Уажәы-уажәы ҳҩызцәа ҳавыршьаауан, иҭахоз 12-ҩык ҳҩызцәа анышә иамаадеит. Наҟынтәи еибашьҩык Осиа, ихьӡ сыздыруам, адырра ҳаиҭеит «шәхы шәзахәозар шәхынҳәы, шәыцхыраараз уаҩ днарышьҭӡом» ҳәа. Убасҟан еиқәхаз убри аибашьҩы Осиа иҧсы ҳхоуп. Дыхәны далаҳгеит Мазлоу Сабуа, иара убас иаанаҳмыжьит Кәартаа ҷкәынак иҧсыбаҩ.

– Абри, марттәи ажәылара, 222-ҩык ҳҵеицәа хазынақәа зыхәлабгаз, ҳаибашьцәа иахьрықәымҿиаз зыхҟьаз ҳәа иудыруеи, угәы ишҧаанагои?

 – Ҳашьҭахь игылаз, иааираны иҟаз рҽааныркылеит, зегьы адруҳәа ҳцазҭгьы, аҧсыҭбара шҧаҟамлоз, аха зегьы акакәын Аҟәа аагон. Хымш-ҧшьымш амацәаз ҳҭакны, арахь ацхыраара шаҳмауаз гәазҭаз ҳаҕа имчқәа ирҕәҕәеит. Ҳаиҿкаара ахьагхаз иахҟьаны шәҩыла аҷкәынцәа ҭахеит.

– Уара уалахәын Мрагыларатәи афронт аҟны амшын десант аныӡхыҵуаз. Аҭагылазаашьа шҧаҟаз, насгьы аиҿкаара шҧамҩаҧысуаз?

– Ииуль мзазы аибашьҩы, аиҿкаара ду злаз Лакәыт Зарандиа инапхгарала еиҿкаан ари адесант. Очамчыра араион Тамшь ақыҭан ҳаӡхыҵит. 300-ҩык рҟынӡа ҳаҟан, иҳацын аказакцәа, ачеченцәа. Аџьаҧҳаны, абџьар ирацәаӡаны иҳаман. Аӡхыҵра хәыҷык шҳагыз, Очамчыра амшын багәаза аҟынтәи ақырҭцәа ҳгәарҭеит. Аха ҳахьӡеит абџьар абжакы ақәхра. Иаҳҧылеит, егьҳацхраауан Занҭариаа рыҷкәынцәа напхгара ззыруаз ҳаибашьцәа гәымшәақәа. Иҟалеит аиҿагылара ҕәҕәа. Ҳаҷкәынцәа рахьтә иҭахаз ҟалеит, аха иҭаҳарцәит Тамшь иалсуа амҩаду.

– Абриаҟара ажәыларақәа урылахәын, аҧсра анапхыц уампыҵыҵны аиааира ҳзаазгаз уруаӡәкуп, аҳәынҭқарра аганахьала иазгәарҭахьоума уџьабаа, аҳәынҭқарратә ҳамҭа уанашьома?

– Сара аҳамҭаз акәмызт сзеибашьуаз, убас ауп ргәаанагара шыҟоу зыҧсы ҭаны аибашьра иалҵыз зегьы. Ҳара иаҳуалҧшьаз наҳагӡон, иахьагьы уи амҩа ҳануп. Дарбанзаалак схаҵоуп ҳәа зхы зшьоз иҟаиҵоз ауп. Ҳара иаҳҭаху аиашара ауп.

Аџьабаа ду збаз, анасыҧ лаша ззылҧхаз Бесик Ҭаниа иахьа ихыҵуеит 63 шықәса, ихатәҩыза Малина Лагәлаа-ҧҳаи иареи рыхшара Ҳаџьараҭи Ахреи ирықәгәырҕьаратәы, насыҧ змоу ҭаацәараны иҟоуп. Бесик Ҭаниа аҳәынҭқарра аҟнытә – ҩынтәны ианашьоуп «Агәымшәаразы» амедал.


Наира Сабекиа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me