Ацәыргақәҵа мҩаԥысит

Акультуратә проект «Аԥсны амазара» аҳәаақәа ирҭагӡаны, Гагра ақалақь аҟны имҩаԥган ахԥатәи Жәларбжьаратәи апленертә ҿыханҵеи, аграфикеи, адизаини, аҩычагатә-хархәаратә ҟазареи рзы аиндаҭларатә цәыргақәҵа, «Аԥсны аҭоурыхтәи акультуратәи ҭынха асахьаҭыхцәа рыблала» захьӡыз.

Уи еиҿкаан анаука-ҭҵааратә центр «Понто-Кавказика» амчала, Ставропольтәи атәылаҿацә аҟазаратә гәыԥ «Апеизажтә лирика» анапхгара рыцхыраарала.

Ацәыргақәҵа рхы аладырхәит Гагреи, Пицундеи, Ставропольтәи атәалаҿацәи рҟынтәи асахьаҭыхраҟны раԥхьатәи ашьаҿақәа ҟазҵо ахәыҷқәа. Асахьаҭыхыҩцәа хәыҷқәа алашареи аԥсабареи иаҿыԥшны иаԥырҵон наҟ-наҟтәи рсахьақәа рзы аетиудқәа. Ахәыҷқәа асахьаҭыхрахь ииасаанӡа иазыӡырҩит анаука-ҭҵааратә центр  «Понто-Кавказика» анапхгаҩы, аҭоурыхҭҵааҩ Давид Канделаки иҟнытә Гагра ақалақь аҭоурых иазкыз алекциа.

Акультуратә проект «Аԥсны амазара» аҳәаақәа ирҭагӡаны уажәшьҭа хынтәуп Гагра ақалақь аҟны ари аусмҩаԥгатә мҩаԥысуеижьҭеи. Апленер алахәцәа ашәыгақәеи, егьырҭ еиуеиԥшым амыругақәеи рыла еиқәиршәеит Гагратәи аҟазаратә школ аусзуҩы, аҿыханҵа арҵаҩы Ремзи Аиба.

Иара дазааҭгылеит асеиԥш иҟоу аусмҩаԥгатәқәа реиҿкаара шхымԥадатәу, избан акәзар ахәыҷқәа аԥсабараҿы аусура зынӡа даҽакала ирыдыркылоит. Насгьы апленертә ҿыханҵа даара иуадаҩу акоуп ҳәа азгәеиҭеит иара. Ҿыц аҭыхра иалагаз ахәыҷқәа ракәым, академикцәа, асахьаҭыхҩцәа дуқәа аус ахьыруа аҭыԥ ааныжьны аԥсабарахь ианцәырҵуа ауаажәлар ирылаӡҩоит, иҟарҵо иақәымшәо иаанхаргьы ҟалоит  иҳәеит арҵаҩы.

Ахәыҷқәа рхы иақәиҭны аус руан. Идырҿион еиуеиԥшым убла хызкуаз асахьақәа. Апленертә ҿыханҵа рхы ахьаладырхәыз дара иааирак ирзаҩызоуп иахьа ҳазҭагылоу аамҭазы, урҭ рхәыцшьеи рдунеихәаԥшышьеи рырҭбааразы.  

 

Аманда Анталаа

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me