Аԥсни Урыстәылеи рырҵаҩцәа рԥышәа аимадареи аибадырреи иазку ари аԥхынтә школ Аԥсны имҩаԥысуеижьҭеи 8 шықәса ҵуеит.
Алицеи-интернат ҩ-корпускны еиҟәшоуп, актәи – аҵара ахьырҵо, аҩбатәи – иахьышьҭало, араҟа 90-ҩык инарзынаԥшуеит аҵара зҵо ахәыҷқәа. Сынтәа атәыла ахадара иҟанаҵаз ацхыраарала ахәыҷқәа рыԥсы ахьыршьо аҩбатәи ахԥатәи аихагылақәа еиҭашьақәыргылан. Уи азы ареспубликатә биуџьеҭ аҟны иазоужьын 11 миллион мааҭ иазынаԥшуа аԥара. Араҟа иаԥҵаз алшарақәа ирыбзоурахеит аԥхынтә школ ари алицеи-интернат аҿы аиҿкаара.
Ари аԥхынтә школ сынтәа иалахәхеит Урыстәыла 30 регион рҟынтә ашколхәыҷқәа. Ҩымчыбжь ирылагӡаны ашколхәыҷқәеи арҵаҩцәеи имҩаԥыргараны иҟоуп еиуеиԥшым аҭҵаарақәа, иаԥырҵоит апроект ҿыцқәа. Урыстәылантәи иааз арҵаҩцәа рԥышәа шҳараку убарҭоуп, еиуеиԥшым аноминациақәа рҿы аиааирақәа ргахьеит. Апрограмма инақәыршәаны асеминарқәа мҩаԥыслоит хымш, уи иалахәхоит Аԥсны ашколқәа рырҵаҩцәагьы.
Аманда Анталаа