Аныҳәа есышықәса иазгәарҭоит ԥхынгәымза аҩбатәи асабшаҽны, сынтәа ақалақь 2525 шықәса ахыҵит.
Ақалақь амш еиднакылеит Очамчыра ауааԥсыреи асасцәеи, аныҳәа аиҿкааҩцәа ирылшеит зымҽхак ҭбааз, хәыҷи-дуи иргәарԥханы рхы зладырхәыз аныҳәа аиҿкаара. Аусмҩаԥгатәқәа мҩаԥысуан ақалақь агәаны еиԥш, амшын аԥшаҳәаҿгьы. Уаҟа иаатит ақыҭанхамҩатә цәыргақәҵа. Уи рхы аладырхәит 30 - ҩык рҟынӡа ақыҭа нхаҩцәеи анапҟазацәеи. Асасцәа ирылшон аԥсуа чысхқәеи ачысхаақәеи ргьама абара, анапҟазацәа раалыҵқәа раахәара. Аныҳәа мҩаԥысуан амилаҭтә цәа аханы, ашәаҳәарақәеи, акәашарақәеи аныҳәа иалахәыз зегьы гәахәара ду рнаҭеит. Иара убасгьы ахәыҷқәа рзы агәырҿыхагатә программа еиҿкаан. Аԥсуа бираҟқәа кны ақалақь амҩадуқәа рҿы инеиааиуаз аҽыбӷаҟазацәа аныҳәа ацәаҩа ҷыда арҭон.
Очамчыра ақалақь амш азгәаҭара иазкыз аусмҩаԥгатә иалахәын аҳәынҭқарра анапхгара. Аԥсны Ахада Бадра Гәынба Очамчыраа ақалақь амш рыдиныҳәалеит. «Очамчыра ижәытәӡоу, ибеиоу аҭоурых змоу қалақьуп. Уи аҭоурых афырхаҵаратә даҟьақәа рыла иҭәуп. Ҷыдала иазгәасҭарц сҭахуп, Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан абжьыуаа иаадырԥшыз ргәымшәареи рфырхаҵареи. Мрагыларахьтәи афронт афырхацәа рыхьӡқәа хьтәы нбанла Аԥсны аҭоурых адаҟьақәа ирнымҵуа ирнызаауеит.
Ҳаҭыр зқәу Очамчыраа, шәара аамҭа хьанҭа шәахысит, аԥышәарақәа рацәаны ишәхыжәгахьеит. Аха, шәгәы камыжьӡакәан, бзиа ижәбо шәықалақь аиҭашьақәыргылареи аҿиареи шәырҿуп.
Очамчыра иахьа аизҳазыӷьара амҩа иануп, аҽаԥсахуеит уи ахаҿра, асоциал-економикатә ҭагылазаашьа, аҭыԥантәи анхацәа рзы мацара акәымкәа, ақалақь иаҭаауа асасцәа рызгьы еиҳахоит иаатуа алшара ҿыцқәа. Атәыла анапхгара Очамчыра аҿиаразы ирылшо зегьы ҟарҵоит. Ҳара анаҩсгьы ҳамч-ҳалша ҳаигӡаӡом ҳтәыла аԥеиԥш лаша аицчаԥаразы»,- иазгәаҭоуп Аԥсны Ахада иҟаиҵаз адныҳәалараҿы.
Очамчыра ақалақь Аԥсны араион дуқәа реиуоуп. Иара ахатә герб амоуп, уи Аԥсны Аҳәынҭқарра герб иаҿырԥшны иҟаҵоуп. Агерб рыдыркылеит 2022 шықәса ԥхынгәымза 6 рзы Очамчыра ақалақьтә Еизара аилатәараан. Агерб автос дамоуп Боиан Делба.
Милеҭынтәи ҳера ҟалаанӡа VI ашәышықәсазы арахь иааз абырзенцәа ақалақь Гиуенос ашьаҭа ркит ҳаамҭазтәи Очамчыра ахьыҟоу аҭыԥ аҿы. Ара ажәытәтәи ауаҩы дынхон хә-нызқь шықәса раԥхьагьы, уи шьақәзырӷәӷәо археологиатә ԥшаахқәа ыҟоуп, аха хаз қалақьны ишьақәгылеит VI ашәышықәса актәи азбжа инаркны ҳәа иԥхьаӡоуп. 1935 шықәса рзы Очамчыра амшынтә баӷәаза аргылара ианалага, еиуеиԥшым аамҭақәа ирыҵаркуа акультуратә ҿыгҳарақәа аарԥшын. Уаҟа иԥшаан ажәытәӡатәи аԥсыбаҩқәа, зегь реиҳа ақәра змоу. Аҵарауаа ражәақәа рыла, ахәбатәи азқьышықәсахьы иаҵанакуеит. Аҵарауаа ара лассы-лассы ирԥыхьашәоит усҟантәи аамҭақәа ирыҵанакуа акрызҵазкуа аԥшаахқәа. Абри атәы рҳәоит шықәсырцәала Очамчыра иахьаҵанакуа арехологиатә ԥшаарақәа ирылахәу аҵарауаа.
Очамчыра ақалақь амшныҳәа азгәаҭара инақәыршәаны, иаартын араион иаҵанакуа Маркәыла ақыҭан иҟоу иаарту амузеи - «Маркәылатәи аиланхарҭа». Ари аҭыԥ антикатәи аамҭахьы иаҵанакуеит, иара Аԥснытәи Аҭыӡду иазааигәоуп. Ара иҟоуп ажәытәӡатәи абааш - «Алаҳаш». Иара IV–VI ашәышқәсқәа рахь иаҵанакуеит. Аҵарауаа ражәақәа рыла, еиқәханы иҟоуп Аҳ иҭыԥтәарҭа ацәаарақәа. Аԥсны Амилаҭтә галериа аиҳабы, аҟазараҭҵааҩы, археолог Сурам Сақаниа иажәақәа рыла, Маркәылатәи аиланхарҭа зынӡа имаҷны иҭҵаауп. Аҵарауаа аԥхьаҟа аус ду рзыԥшуп, избан акәзар, гәыҩбарада еилкаауп аҭыԥ ҳҭоурых азы хәы змоу амаӡақәа ҭаҵәахны ишамоу. Ажәҩан аҵаҟа иаарту амузеи аофициалла, ҳәырԥсаррак аҳасаб ала аартра иалахәын араион анапхгара, аиҳабыра, аҭыԥантәи анхацәа.
Маркәылатәи аиланхарҭа аарԥшын 2013 шықәса рзы. 2014 рзы раԥхьатәи археологиатә ԥшаарақәа ирылаган. Аусурақәа еицымҩаԥыргон Аԥсни Урыстәылеи рҵарауаа. Ҳҭоурыхҭҵааҩцәа ражәақәа рыла, аиланхарҭа иахьаҵанакуа иԥшаау артефактқәа ишьақәдырӷәӷәоит ари аҭыԥ аҿы аԥсуаа шынхоз, урҭ ара ишыҟаз Амшын Еиқәа иӡхыҵыз аколонизаторцәа цәырҵаанӡагьы. Ҳәара аҭахәума, ари акыр зҵазкуа аартраны иҟоуп ҳҭоурых азы.
Атуризм аминистр Асҭамыр Логуа иажәақәа рыла, Маркәылатәи аиланхарҭа еиԥш иҟоу аҭыԥқәа ӡыргалатәуп. Урҭ даҽазныкгьы ишьақәдырӷәӷәоит ҳҭоурых абеиара. Уи анаҩсгьы, атуризм ахырхарҭа ҿыцқәа ралагалара амҩақәа ахьхоу араионқәа рсоциал-економикатә ҭагылазаашьа ашьҭыхра иацхраауеит.
Елана Лашәриа