Афинал ахь днеит

Гьачрыԥшьтәи абжьаратә школ 11-тәи аҵаҩы Арина Оганиан апроект ҷыда «Всегда готов», аԥшьгамҭа «Другое дело» аҟны афинал ахь днеит.

Уи апроект аԥҵоуп «Россия – страна возможностей» аплатформа аҳәаақәа ирҭагӡаны. Ари урыстәылазегьтәи  аконкурс ашколхәыҷқәа рыбжьара ԥшьынтәны имҩаԥысуеит. Сынтәа уи азкын апионертә хеидкыла шәышықәса ахыҵра. Апроект х-нызқьҩык инареиҳаны аҿарацәа еиднакылеит. Иара хықәкы хадас иамоуп еиҵагыло аҿар апатриотизм арылааӡара.

Арина Урыстәыла имҩаԥысуа аусмҩаԥгатәқәа акыр лхы рылалырхәхьеит, аха ари апроект лара лзы иҿыцу акоуп, раԥхьаӡакәны лхы алалырхәуеит, афинал ахь анеирагьы лықәҿиеит. Уаҟа дара аҟазаратә дҵа нарыгӡароуп. «Мои источники вдохновения» ала аграфикатә ҭыхымҭақәа жәба еиқәыршәатәуп.

Арина уи даара аинтерес лзаҵоуп лгәы хыҭ-хыҭуа дазыԥшуп, аҽазыҟаҵара даҿуп. 

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me