Афестиваль мҩаԥысит

Гагра араион, Баӷрыԥсҭа ақыҭан, аԥхынтәи аԥсшьарҭа ҩны «Солнечный» аҟны имҩаԥысит «Праздник талантов» захьӡыз ахԥатәи жәларбжьаратәи афестиваль-конкурс.

Уи иалахәын Нхыҵ-Уаԥстәылеи, Ҟабарда-Балкариеи, Аԥсни рҟынтә аҟазаратә коллективқәа. Дара иаадырԥшит ашәаҳәареи, акәашареи, атеатралтә қәгыларақәеи рыла ажәларқәа ркультура абеиареи аҳаракыреи.

Афестиваль аадыртит ашәаҳәаҩцәа хәыҷқәа. Анаҩс асценахь ицәырҵит акәашаратә гәыԥқәа. Раԥхьатәи аминуҭқәа инадыркны урҭ рыкәашареи рышәаҳәареи ахәаԥшцәа хнымхырц залшомызт.

Афестиваль рхы аладырхәит еицырдыруа аколлективқәа: Нальчик ақалақь акультуратә институт иахыԥхьаӡалоу ансамбль «Ашьхақәа рхәыҷқәа», Ҟабарда-Балкариатәи ансамбль «Ԥсыгансу», Ҟабарда-Балкариа Чегемтәи араион аҟынтәи ансамбль «Ларида». Иара убас, раԥхьаӡакәны ари афестиваль рхы аладырхәит Аԥснытәи ансамбль «Абжьыуаа».

Асценаҿы узыршанхоз иреиуан акәашаҩцәа хәыҷқәа, ахкынагӡаҩцәа. Урҭ рықәра акырӡа ишмаҷызгьы рықәгыларақәа рыҩаӡара акырӡа иҳаракынҩ

Афестиваль мҩаԥган Ҟабарда-Балкариатәи ареспубликатә ҭҵаареи, аҵареи акультуреи рзы жәларбжьаратәи ацентр иаанарԥшыз адгыларала. Аконкурс аиҿкааратә комитет ахантәаҩыс дыҟоуп Ҟабарда-Балкариатәи ареспубликаҿы аҭҵаара дыра аусзуҩы Лиудмила Маирова.

Аԥсшьарҭа ҩны «Солнечный» аиҳабы Ахмед Маремкулов иааирԥшыз асасдкылара анаҩсан аиааира згаз 100  нызқь мааҭ ихьӡала ириҭеит.

Афестиваль алахәылацәа рҟазара ахәшьара арҭон зыҩаӡара ҳараку ажиури – Ҟабарда-Балкариатәи ареспублика зҽаԥсазтәыз артистка Ирина Даурова, Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Ҭемыр Ҭыҩба.

Аныҳәа алахцәа зегьы гәахәа дула ирыдыркылеит ас еиԥш иҟоу аусмҩаԥгатә. Уи хымԥада даара акырӡа аҵанакуеит ҳаешьаратә жәларқәеи ҳареи ҳаимадара аиӷьтәразы.

 

 

Аманда Анталаа

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me