Инасыҧ дуны иҟалеит аԥсуаа иахьҳауз ҳтәылеи уи анҭыҵи еицырдыруа аҵарауаа дуқәа, археологцәа – М.М.Ҭраҧшь, Гь.Кә. Шамба, М.М. Гәынба, И.Н. Воронов, В.В. Бжьаниа, Д.С. Бжьаниа, С.М. Шамба, Л.Г. Хрушкова, И.И. Ҵнариа, М.К. Хотелашвили-Инал-иԥа уҳәа. Угәы шьҭызхуа усуп иахьагьы археологиа ахырхарҭаҿы иахьцәырҵыз абаҩхатәра змоу ҿыц еиҵагылаз археологцәа қәыԥшцәа. Ҳҵарауаа хатәрақәа ҳтәылаҟны акәша-мыкәша хыԥхьаӡара рацәала археологиатә ԥшаарақәа шымҩаԥыргахьоугьы, ирацәоуп ԥхьаҟагьы иззааҭгылатәу, иҭҵаатәу аҭоурхытә ҭыԥқәа.
Аԥсуа ҭҵаарадырраҿы акырӡа аџьа збахьоу, иахьа уажәраанӡагьы ааԥсарак ҟамҵакәа Аԥсни уи анҭыҵи аԥшаарқәа мҩаԥызго аҵарауаҩ-археолог, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, Аԥсуа ҳәынҭқарратә музеи аиҳабы, ААР Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аҧсуаҭҵааратә институт археологиа аҟәша аҭҵаарадырратә усзуҩ еиҳабы, Аҧсны ажурналистцәа Реидгылеи Шәачатәи Агеографиатә Еилазаареи рлахәыла Аркади Иван-иҧа Џьопуа ихыҵит 70 шықәса.
Аркади Иван-иԥа Џьопуа диит ԥхынгәымза 15, 1955 шықәсазы Очамчыра араион Ҷлоу ақыҭа, Аимара аҳаблан, инагаз аԥсуа ҭаацәараҿы. 1962–1972 шықәсқәа рзы аҵара иҵон Ҷлоутәи абжьаратә школи Тҟәарчалтәи 7-тәи ашколи рҿы. 1972 шықәсазы дҭалоит М.А. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи арҵаҩратә институт афилологиатә факультет. 1979 шықәсазы иҵара анхиркәша ашьҭахь, Мрагылара Наскьатәи арратә округ ахь аррамаҵура иԥхьоит. Ирратә уалԥшьа анихига, аусура далагоит 1979–1983 шықәсқәа рзы Ҷлоутәи абжьаратә школ аҟны рҵаҩыс. 1983 ш. инаркны иахьа уажәраанӡа аус иуеит, Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аҿы. 1992–1995 шықәсқәа рзы А.И. Џьопуа Урыстәылатәи Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа иатәу археологиа аинститут аҟны аспирантура дҭан. 2009 шықәсазы Москватәи аҳәынҭқарратә университет аҟны ихьчоит акандидаттә диссертациа «Аԥсны ҳера ҟалаанӡатәи актәи азқьышықәсазы Ешыра ақыҭа археологиатә баҟақәа» атемала. 2007 шықәса, абҵарамза 5 раахыс Аԥсуа ҳәынҭқарратә музеи напхгара азиуеит. 2012 шықәса инаркны Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҭоурыхтә факультет астудентцәа дырзаԥхьоит амузеиҭҵаара иазку алекциақәа. А.И. Џьопуа Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт имҩаԥнаго археологиатә експедициақәа еснагь дрылахәын. Аԥшаарақәа мҩаԥигахьеит: Тамшь, Ҷлоу, Џьанҭоу (Тҟәарчал), Очамчыра, Бамбора, Мгәыӡырхәа, Аҷандара, Абӷархықә, Гагра, Приморск, Ешыра, Башкаԥсара, Гагида, Гәдаа, Аҽгәара, Адлер, Маиҟәаԥ. Иахьагьы, Аркади Иван-иҧа Џьопуа Аҧсны ахи- аҵыхәеи аҧшаарақәа шымҩаԥигац имҩаԥигоит. Аҵарауаҩ еснагь дрылахәуп ААР Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аҧсуаҭҵааратә институти, Аҧсуа ҳәынҭқарратә музеии, Москватәи Археологиатә институти абар акыр шықәса еицымҩаҧырго археологиатә експедициақәа. Ҿырԥштәыс иааҳгозар, Очамчыра ажәытә қалақь Гиуенос иахьаҵанакуа, аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы еиҿкаау аҧсуа-аурыс археологиатә експедициа аԥсуаа рганахьала напхгара аиҭоит. Арҭ аусурақәа ирылҵшәаны иԥшаахеит хыҧхьаӡара рацәала ҳҭоурых, ҳкультура азын акырӡа зҵазкуа амаҭәарқәа. Иазгәаҭатәуп, зыӡбахә ҳамоу аекспедициа аусура ԥхьаҟагьы ишацҵахо. Убасгьы А.И. Џьопуа дрылахәуп Севастопольтәи аҳәынҭқарратә университети, Урыстәыла аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа иатәу Мрагылараҭҵаара аинститути, Аԥсуа ҳәынҭқарратә музеии русзуҩцәеи злахәны Аԥсны имҩаԥысуаз ҳтәыла ақалақьқәа рӡымҽхак аҭҵаара иазку аӡаҵа-археологиатә експедициа. Иара убасгьы, Аркади Иван-иԥа иҽрылаирхәхьеит изныкымкәа хыԥхьаӡара рацәала Аԥсни уи анҭыҵи (Урыстәыла, Ҭырқәтәыла, Сербиа, Азербаиџьан, Чехиа уҳәа) имҩаԥысуаз еиуеиԥшым Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә конференциақәа, афорумқәа.
Иааидкыланы ҳахәаԥшуазар, А.И. Џьопуа иԥсҭазаара зегьы ззикыз иҭҵаарадырратә интересқәа ирыҵаркуеит Мрагыларатәи Понт абҩакалеии заатәи аихатә шәышықәсеи рыҭҵара апроблемақәа. Аҵарауаҩ дравторуп 220 инареиҳаны аҭҵаарадырратә статиақәеи 130 ҭҵаара-популиартә статиақәеи. Аркади Иван-иԥа иусумҭақәа акьыҧхь рбахьеит аҧсышәала, урысшәала, ҭырқәшәала, англыз бызшәала. 2018 шықәсазы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет археологиеи аетнологиеи ркафедра адоцент ҳәа ахьӡ ҳаракы ихҵан. 2013 шықәса раахыс Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла далоуп. Лаҵарамза 8, 2019 шықәса инаркны Шәачатәи Агеографиатә Еилазаара далахәылоуп. Аҵарауаҩ нагеи аҭҵаҩ бзиеи русеицура алҵшәа амоур ҟалом аҭҵаарадырраҿы, Аркади Иван-иԥа Џьопуа еицырдыруа аҧсуа археолог Вадим Виқтор-иҧа Бжьаниа диҵаҩын. Заҟа аҵанакуазеи, заҟа ихадароузеи аҭаацәара рҟнеиҧш гәыкала аҭҵаарадырраҿы узааӡо, иухылаҧшуа аиҳабы дануоуа. Араҟа, ҳәарада, Аркади Иван-иԥа изықәҿиаз аҵаҩцәа дреиуоуп.
Археологиа, аҭоурых рнаҩсангьы аԥсуа традициатә ҭаацәара иааӡаз аҵарауаҩ еснагь азҿлымҳара риҭон аԥсуа жәлар рҿаԥыцтә ҳәамҭақәа реизгара, ркьыԥхьра. Еиуеиԥшым аамҭақәа рзын икьыԥхьыз урҭ анҵамҭақәа иахьа аҭҵаарадырра ҿыц знапы алазкыз аҵарауаа ҿарацәа рзын ицхыраагӡа дууп. Аҵарауаҩ иусумҭақәа ҳаԥсуа ҭҵаарадырраҿы даараӡа акыр зҵазкуа ракәны иҟоуп. Хыхь ҳшазааҭгылаз еиԥш, Аркади Џьопуа дравторуп хыԥхьаӡара рацәала аҭҵаарадырратә усумҭақәа, ашәҟәқәа, еиуеиԥшым аизгақәа, урҭ рредакциатә хеилакқәа дрылоуп. Аԥсуа ҭҵаарадырраҿы адагьы, Аркади Иван-иԥа абар ҩеижәа шықәса ирықәуп аԥсуа культура ашҭаҿы аџьа ибоижьҭеи, напхгара зиҭо Аԥсуа ҳәынҭқарратә музеи иахьа имҩаԥнагоит ҳҳәынҭқарразы акырӡа зҵазкуа, акырӡа ихырҳагоу аусхкқәа маҷымкәа. Иахьа Аркади Иван-иԥа еиҵагыло аҵарауаа ҿарацәа илаԥш рхуп, дарӷьажәҩаны дрывагылоуп.
Аркади Иван-иԥа гәык-ԥсыкала изеиӷьаҳшьоит агәабзиара, агәамч, инапы злаку, имариам аусқәа зегьы рыҟны еснагь аманшәалара, ақәҿиара дуқәа, арҿиаратә гәалаҟазаара.
Мадонна Ԥлиаԥҳа,
афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат,
Аԥсуа ҳәынҭқарратә музеи аусзуҩ