Мшаҧы 26, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Ахәыҷқәа рдунеи иазааигәоу

Аҧсҭазаараҿы – уаҩы иҧылоит ззанааҭ зтәызтәуа, аха иҟоуп иара иазшоу, ҧсабарала абаҩхатәра злоу…

Убас ааӡаҩ изанааҭ зтәыҵәҟьоу, уи иазшоу дыруаӡәкуп Аҟәатәи ахәыҷбаҳча «Гәында» аҟны ааӡаҩыс аус зуа Сариа Станислав-иҧҳа Чамагәуа-ҧҳа.

Ааӡаҩ изанааҭ ала Сариа аус луеижьҭеи 10 шықәса роуп иҵуа. Ҳәарада, 10 шықәса маҷым аҧышәа арҳаразы, аха уи 30-40 шықәса аус зухьоу аиҳабацәа днарываҟәыло қәҿиара бзиала аус луеит.

«Ззанааҭ аҧхьа изыргыло,зус ҭакҧхықәрала иазнеиуа, имариам ааӡаҩ изанааҭ аҟны аихьӡарақәа раарҧшразы агәаҳәареи амч-алшара ҕәҕәеи змоу драҧхьагылоуп Сариа. Уи иага уадаҩра лыҧгыларгьы, лусура ианыҧшуам, лзанааҭ ахь илымоу абзиабара еснагь аҧыжәара алҭоит, уи аганахьала алҵшәа бзиақәагьы аалырҧшуеит» – дҳацәажәон Сариа аус лыцызуа ааӡаҩ Хаҭуна Қәуҭаҭелаӡе. Сариа уаҩык, ҩызак лаҳасаб алагьы даара узықәгәыҕша, игәрагоу шлакәу азгәаҭо.

Аиашазы, Сариа лырҽхәаҧхьыӡ изныкымкәан иҳаҳахьан. Хаҭала, арҭ ацәаҳәақәа равтор сашьа ихәыҷқәа ҩыџьа лара илааӡамҭацәоуп аҟнытә, ҳәарада, уи лыбзырӡы сазҿлымҳан. Аха ҳаиҿцәажәараан, лусура инаҷыданы уаҩык иаҳасабалагьы иаарту, иразу, аҧсуа ламысла иааӡоу, зхы мҩаҧызго шлакәу ҳацәымҩашьо агәра ҳлыргеит.

Уи дҳацәажәон лхы ӡырымго, ааӡаҩ изанааҭ аҟны, ихадоу ахымҩаҧгашьақәа ҳәа илыҧхьаӡо азы лгәаанагара ҳацеиҩшо:

– Зегь реиҳа ихадоу – ахәыҷы ииашаны изнеишьа ауп. Уи иҩнуҵҟатәи идунеи еилкаатәуп, нас изнеишьа ирласны уақәшәоит. Ахәыҷқәа зегьы, ҳәарада, ҧшрала ишеиҧшым еиҧш, ҟазшьалагьы еиҧшым. Иҟоуп, зыбаҩ зцәыласу, иҭынчу, уҳәатәы хазҵо, иара убас имӡырҩуагьы. Аха, урҭ зегьы хаҭа-хаҭала, иҷыдоу азнеишьа рзыҧшаатәуп, досу инаало аҟазшьа, азнеишьа изалхтәуп, рымаршәа ктәуп. Ахәыҷқәеи ааӡаҩи аус еицыруртә еиҧш аҟаҵаразы аамҭа ақәырӡтәуп. Ҽмыршьагала, маҷ-маҷ ахәыҷы ааӡаҩ иҳәатәаҿы иаагара иҽазишәозароуп, илиршароуп. Абраҟа ихадароуп даҽакгьы, уи ахәыҷқәа рыгәрагара ауп. Агәрагара зауа хымҧада, ахәыҷқәа бзиа избо роуп. Ауаҩытәыҩса ицәаҩатә ҟазшьа бзиақәа ахәыҷқәа раҟара изныруа дыҟам сгәанала, уи аганахьала ахәыҷқәа ржьара залшом…

Сариа англыз бызшәа арҵаҩы изанааҭ ала аусура шлылшозгьы, ааӡаҩ изанааҭ еиҳа ишеиҕьалшьаз, лыҧсҭазаарагьы уи ишазылкыз ҳзеиҭаҳәо иазгәалҭеит:

«Англыз бызшәа арҵаҩыс аус аура сгәаҧхон, аха сара ахәыҷқәа даара бзиа избоит. ааӡаҩ изанааҭ аҿы еиҳа схы збо, сара истәны, исызгәакьаны исыдыскылеит, егьалысхит ахәыҷбаҳча» – лҳәеит уи.

Сариа лажәақәа рыла, уи раҧхьа аус луан лықалақь гәакьа Гагра иҟоу ахәыҷбаҳча «Амра» аҟны, уа 3-шықәса аус анылу ашьҭахь, аамҭаказы ааӡаҩ изанааҭи арҵаҩреи еилалыгӡон. Анаҩс, диасит Аҟәатәи ахәыҷбаҳча «Гәында» ахь.

«Гәында» аҟны раҧхьа аус зуан аурыс гәыҧ аҿы, аха шьҭа 6-шықәса ҵуеит ари ахәыҷбаҳчаҿы аҧсуа гәыҧ аҟны аус зуеижьҭеи. Сынтәа исымоуп аҧшьбатәи аушьҭымҭацәа ргәыҧ, «Ашьхыц» урҭ 33-ҩык ыҟоуп», – дҳацәажәон ааӡаҩ.

Аиҳабыратә гәыҧ, даҽакала иаҳҳәозар, аушьҭымҭацәа ргәыҧ – урҭ иааиуа ашықәс азы ашкол ахь зшьаҿа еихызго ахәыҷқәа роуп. Урҭ ашкол аҭалара иазыҟаҵатәуп.

«Зегь раҧхьаӡа, ахәыҷқәа аҧсышәала ихәыцуа иҟалартә аус рыдулатәуп. Урҭ ажәақәа ииашаны рхы иадырхәо рцәажәара шьақәыргылатәуп. Акалам акышьа, анбанқәа, ажәа, аҳәоу, аицәажәара, 20 рҟынӡа аҧхьаӡара, 10 рыҩнуҵҟа аицҵареи аигырхареи. Ҿырҳәалатәи азыҟаҵара, нацәкьарала аусура уҳәа ирацәоуп ҳаззааҭгыло, арҵаратә программаҿы ҳазхысуа. Урҭ инарҷыданы, акомпиутертә техника ахархәарала ахәыҷқәа ҳазлацәажәо зегьы агәынкылара рзыманшәалахарц, аекран аҟны сахьала ишьақәҳарҕәҕәоит», – дҳацәажәон Сариа ааӡаҩ иҿаҧхьа иқәгылоу азҵаатәқәа шымариам азгәаҭо.

Ҳаицәажәараан, Сариа инаҵшьны дазааҭгылеит Аҟәа ақалақь Ахадара аҵара аусбарҭа аҟнытә арҵаратә процесс иадҳәалоу аҿыц лагалақәа шрыдыркыло, ишырзаарышьҭуа. Аха, Сариа лҩызцәа, зус бзианы издыруа, бзиагьы избо ааӡаҩцәа ирыдыргало алагалақәа рынагӡара иацәаашьаӡом, иазыхиоуп, уимоу, рхаҭақәагьы ахәыҷқәа аҿыц рызнагара азы еснагь иҧшаауеит, рхы аус адырулоит. Ҳәарада, дарбанызаалак, ауаҩы иус бзиа ианибо, уи зегь раҧхьа ианиргыло, алҵшәа бзиагьы аанашьҭуеит.


Алиса Гәажә-ҧҳа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me