Саныҟамгьы дышәхашәмыршҭын…

1945 шықәса лаҵарамза 9 Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа Аиааира иага шықәса ахыҵыргьы, хашҭра ақәны иҟалаӡом.

Ихьухьуа имцаб зха, акы уцраланы уаблуеит, иухоит аҭоурых ахь, уагәыланагалоит, ухьанарԥшуеит. Аибашьраҿы иҭахаз рхыԥхьаӡара 30 миллионҩык иреиҳауп.
Гәдоуҭа араион аҟынтә х-ны­зқьҩык инреиҳаны изымхы­нҳәӡеит. Иҟоуп аҭаацәарақәа фҩык аишьцәа ахьеибашьуаз, иахьзымхынҳәыз, хҩык, ԥшьҩык, ҩыџьа аӡәы… Арҭ афырхацәа зегьы рҭоурыхқәа еидкыланы ишьҭаҵазҭгьы, уи даараӡа ак-раҵанакуан, аха… Зтәы ҳәам рацәоуп. Узеигәырӷьаша ҭоурыхуп еибашьуаз ирыдҳәалоу ахҭысқәа имырӡӡакәан, еиқәырханы ианрымоу. Шаҟа хәышҭаарақәа наӡаӡа иҿыцәаазеи?! Зызаҵәқәа хнымҳәыз аҭаацәарақәа рҿы аиҳәшьцәа ахьыҟаз шамахамзар рашьцәа рылымкаа рхы аразҟы арымҭаӡеит. Аибашьра иазкыз аматериалқәа сахьрышьҭаз Габуниа Џьума амузеи иеиҭаз Жәандәрыԥшьаа 1941-45-тәи ашықәсқәа раан иҭахаз рҭоурыхқәа сышрылаз, иҩеижьхахьаз, миланла иҩыз аҩымҭа ԥшӡа сылаԥш надхалеит. «…Саныҟамгьы дышәхашәмыршҭын», иԥсаҭоуп зышәи згәашәи кыду Афырхаҵа игәалашәара Ԥкьын Алеқсандра Гәдоуҭа араион аҟны еицырдыруаз рҵаҩын. Лыԥшра, лсахьа, лыхшыҩ, лдырра лыламыс зегьы Анцәа илиҭеит. Лашьазаҵә Ԥкьын Маџьыҭ Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡаҿы дҭахеит. Варшава ақалақь ҭаирцәуан. Алеқсандра лашьазаҵә изы лыԥсы ҭан. Иара Жәандәрыԥшьтәи абжьаратә школ даараӡа ибзианы далгеит. Акомҿареидгылаа ԥызас дрыман. Ашкол даналга Аҟәатәи арҵаҩратә ҵараиурҭа дҭалеит. Уи ашьҭахь Қарҭтәи иреиҳау арратә ҵараиурҭаҿы, аԥышәарақәа даара ибзианы иҭиит. Аҵара дышҭаз аибашьра иалагеит, 1941 ш. аибашьра аԥхьатәи амзазы Маџьыҭ Аԥсадгьыл ахьчара дцоит. Иара аибашьцәа Михаил ҳәа акәын ишишьҭаз.
Маџьыҭ ибзианы еиликаауан иани иаҳәшьеи рхьаа. Лассы-лассы асалам шәҟәқәа ааишьҭуан. Иаҳәшьа Алеқсандра урҭ зегьы еидылкылон, изныкымкәа лан дылзаԥхьон. 1944 ш. ҩажәа мшы инырзынаԥшуа асалам шәҟәқәа рашҭа иҭарымгалеит… Ани аԥҳаи амца рыцран, аха гәыӷрала агәашәахь иԥшуан. Убас, аибашьра еил-геит, ашықәсқәа рацәаны ицеит, аха Маџьыҭ ихабар ыҟамызт. Ҽнак Маџьыҭ иаҳәшьа Алеқсандра ланшьа Ажьиба Мирод ишәҟәқәа дышрылаз, машәыршәа урҭ иргәылаз ашәҟәы еиқәаҵәа лбеит. Лҽырӷәӷәаны даԥхьеит. Иҟалаз еилылкааит. 24 шықәса ахыҵуан ари аԥсӡы. Акызаҵәык ашәҟәы зҩыз Маџьыҭ иҩыза Витали Черник ианиҵеит дахьеибашьуази дызлаз архәҭеи. Лашьа ибаҩ аԥшаара амҩа данылеит.
Ԥкьын Маџьыҭ Абираҟ ҟаԥшьи, Суворови, Кутузови рорденқәа змаз Никольтәи 61-тәи адевизиа, 66-тәи ахысратә полк апулимиоттә рота акоманда аиҭон. Уи ашәҟәаҿы иаҳәон дшеибашьҩы ӷәӷәаз, дшеилҟьаз, реиҳа иахьшәарҭаз иара дышнеиуаз.
Маџьыҭ иаҳәшьа Алеқсандра ланшьа Ажьиба Акаки длыцны лашьа анышә дахьамадаз Варшава ицеит. Лқәыԥшрагьы, лҿарагьы, лажәрагьы лашьазаҵә Маџьыҭ изылкит. Уи ԥштәык змаз маҭәак лшәылымҵеит, лыбжьы неиҵыхны дымччеит, шәак ахьырҳәоз ирыцылмырӷызит, ашколи аҵаҩцәеи рҿы, уи лгәырҩа лынлмырԥшит. Лан лыԥсҭазаара даналҵуаз, лыԥҳа лнапы аалгәыдылкылан, иаалышьшьит. Нас асалам шәҟәы Маџьыҭ иааишьҭыз дылзаԥхьарц налалҳәеит. Уи даԥхьонаҵы ани аԥҳаи еицҵәуон. Уи асалам шәҟәы Габуниа Џьума С.Дбар ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә музеи еиҭеит. Ацыԥҵәаха араҟа ианаҳҵоит: Аибашьра лассы еилгоит. Аԥсны гәхьаазгоит… Шәаргьы шәыгәхьаазгоит, сшәызхәыцуеит… «Шура бызҿузеи?! Сан, бысзыԥшыз…» Арҭ ажәақәа рышьҭахь лан лылацәа неиқәылԥсеит…
1970 ш. Жәандәрыԥшьтәи абжьаратә школ Ԥкьын Маџьыҭ Еснаҭ-иԥа ихьӡ ахҵан. Уи аахижьҭеи иҟамзар ҟалап шықәсык Афырхаҵа изкны аицлабрақәа, аиԥыларақәа анымҩаԥырымго… Ԥкьын Маџьыҭ 1944 ш. нанҳәамза жәаф рзы ақыҭа Зиавшини иалалеит. Уаҟа афашистцәа рхырӷәӷарҭақәа ыҟан, адгьыл хыџхыџуан иԥжәоз артҟәацгақәа рыла. Аԥхьа игыланы зҿыназхаз Маџьыҭ дызгашаз ахы иқәшәеит. Аибашьцәа ркомандир ишьа уны ԥхьаҟа ицон. Уи ицеибашьуаз, Маџьыҭ ибзианы дыздыруаз иҩыза Корниенко Владимир иииҩыз цәаҳәақәак алазгалоит:– «Сара исҭахуп сҩыза бзиахә Михаил Ԥкьын дызлыҵыз аԥсуа жәлар иӡбахә рдырырц, иеибашьышьа, имшәашьа, иуаҩра, иҩызцәа ишаҳзаанижьыз, иԥсҭазаареи уи ифырхаҵареи зыԥсадгьыл бзиа избо рзы иҿырԥшыганы. Ԥкьын Маџьыҭ данҭаха ашьҭахь, иахьизҳаз иҩнаҭаҿы аԥсҭазаара аангылеит. Иани иаҳәшьазаҵәи рыԥсҭазаара иалҵит. Александра шәҩыла илааӡаз лҵаҩцәа рымцахәқәа хахаӡа иҩагылон, уи ақәҿырҭыр рҭахушәа аҭынчра амцабз ду лакьы-лакьуа ажәҩанахь аҿыҩанахон…
Жәандәрыԥшь аԥсуа қыҭа агәҭа ашшараҿы игылоу абжьаратә школ, аҵаҩцәа рыбжьқәа ахьыҩныҩуа, длашаӡа иорденқәа игәы икыдҵаны дгылоуп Ԥкьын Мџьыҭ Еснаҭ-иԥа.
Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа аҟынтә изымхынҳәыз, зышә акыз ашҭақәа рацәоуп. Урҭ наӡаӡа аҭоурых иазаанхаз Афырхацәа еснагь ажәлар ргәаҵаҿы иҟазаауеит.
22 шықәса заҵәык зхыҵыз, зыхьӡи зыжәлеи ааидкыланы ир­ҳәартә зыжәлар ирызҭаз алеитенант еиҳабы, 66-тәи ахысратә полк апулемиоттә рота акомандаҟаҵаҩы, еибашьрала ишьҭа аниҵеит Белоруссиа, Бус аԥшаҳәа, Польша уҳәа. Маџьыҭ иҩызцәеи иареи рфырхаҵара еснагь иҳацзаауеит, илаша-лашо. Иаҳәшьа лажәақәа «Саныҟамгьы дышәхашәмыршҭлан…» имцабз кәицны зегьы ирзаанхеит. Урҭ афырхацәа хашҭра рықәӡам.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me