Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа

Аԥсуа қыҭа ду Жәандәрыԥшь, зхатәы ҭоурых змоу, уи иахӡыӡаауа еиқәзырхо, еиҭазҳәо ауаа нагақәа аланхоит.

Убарҭ дыруаӡәкуп ақыҭа ҿахәҳәаҩыс иамоу Габуниа Џьума Махаз-иԥа. Жәандәрыԥшь иазку иарбан зҵааразаалакгьы деиҵамхаӡакәан еиҭеиҳәоит, еиҵагыло абиԥарақәа ирызнеигоит.
Шамба Кирил (Хакәыцә) Камсагә-иԥа аотриад «Кьараз» далан, Нестор Лакоба изааигәаз хаҵан. Иара амҳаџьырра иахганы иргаз иакәын. Уи Аԥсныҟа ахынҳәра илшеит. Иарбан усзаалак ашьапы иқәмырсӡакәа еилзыргоз уаҩын. Уи идҳәалоу ахҭысқәа легендоушәа иахьагьы иалацәажәоит. Иеилаҳәашьеи иҽақәтәашьеи ала аамҭа иаԥигон. Иара ихшазгьы хаҵалаҵәҟьа иааӡеит, ус рхы мҩаԥыргеит.
Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран Лакрба Иван Ҭамшьыгә-иԥа иҩуан:
– Зны, аҳ иԥа Чачба Гьаргь, Петроградынтә асасцәа дахьқәа изааит. Аҳ, аԥсуа нхаҩы ибзазашьа дирбарц, асасцәа Шамба Кирил (Хакәыцә) иахь имҩахигеит. Араҟа амаҵ зуаз Алексеи имаҵушьеи ихымҩаԥгашьеи ргәаԥхеит. Гьаргь Чачбеи Шамба Хакәыцәи аимадара бзиеи аиҿцаара дуи рыбжьан.
Шамба Кирил Камсагә-иԥа 1902 шықәсазы диит,- иҳәеит Шамба Иван Владимир-иԥа – Моздок ахақәиҭтәразы еибашьуаз архәҭа дақәшәеит. Иара убри ажәылараҿы 1942 шықәсазы дышҭахаз ала ашәҟәы ҳауит.
Шамба Владимир – иҳәеит Иван Владимир-иԥа – саб иакәын. Сан Аџьба-Шамба Елена лыԥсҭазаара зегьы ахәышҭаара аиқәырхара иазылкит. Усҟан ауаа еицхыраауан, уи даара илыхәеит.
Саб аҵара имамызт, аха Жәандәрыԥшьаа рыԥсҭазаара аиӷьтәразы илиршаз маҷӡамызт. Ақыҭаҿы атунг питомник афилиал аадыртит. Абри иаадыртыз аусбарҭа ҿыц саб еиҳабыс дарҭеит. Уи аԥхьагылара змаз усбарҭахеит. Саб ибзианы дысгәалашәоит, усҟан 12 шықәса схыҵуан. Аибашьра данцоз инапы схы иналишьит, иблақәа ҭраа акыраамҭа дсыхәаԥшуан, нас иҿынеихеит. 1942 шықәса, жәабранмза хԥа рзы, ихала арзаҳал ҩны хатәгәаԥхарала еибашьра дцеит…
Шамба Ноурад Кирил-иԥа 1907 шықәсазы диит. Аҵара имамызт. Аха ихшыҩи, ицәажәареи, ихәыцреи даараӡа акреилызкаауаз аӡәы иакәны ақыҭауаа ихәаԥшуан.
Жәандәырԥшь ақыҭауаа ааилацәажәан, ажәалагаланы ақыҭсовет иалахәыз рҿы, Шамба Ноурад аколнхара хантәаҩыс иалхра азҵаара ықәдыргылеит. Зегьы еиқәшаҳаҭны Нурад далырхит. Уахгьы-ҽынгьы дымтәаӡакәа ақыҭа дрылан. Урҭ изыӡырҩуан, рџьаус иҵегь еиӷьхеит. Ақыҭанхамҩаҿы аихьӡара дуқәа рыман. Убри аамҭазы Шамба Ноурад аибашьра дрышьҭырц арратә комиссариат аҿы арзаҳал иалеиҵеит. Ажәлар даангыларазы иҳәеит, аха иара иус иӡбахьан, еибашьра дцеит. Шамба Ноурад Ворошиловград аҭарцәра далахәын. 1942 шықәсазы дызгашаз ахы иқәшәеит, иԥсҭазаара ҿахҵәеит.
2010 шықәсазы Шамба Ноурад Кирил-иԥа, Донецктәи аобласт аҳабла Никитин аҟны анышә дахьамаз рыԥшааит. Уахь Аԥснынтә аделегациа цеит .Аҳабла Никитин аҟынтә ауаа рацәа еизеит амитинг мҩаԥыргеит.
Шамба Арушьан Кирил иԥа 1911 шықәсазы диит, Лыхнытәи абжьаратә школ доушьҭымҭоуп. 1936 шықәсазы Аҟәатәи арҵаҩратә ҵараиурҭа далгеит. Уи ашьҭахь Анхәатәи алагарҭатә школ ахь рҵаҩыс ддәықәырҵеит.
– Арушьан изы, – иҳәеит Шамба Иван Владимир-иԥа, – ҳаҩнаҭаҿы ус рҳәон, аҵаразы дшоуп ҳәа. Ашәҟәқәа– иалхны имаз аҭыԥаҿы иқәын. Аӡәы далакьысыр иҭахӡамызт. Иҵаҩцәа ирызкыз аҳәамҭақәа аҭаацәа ирзеиҭеиҳәон. Арушьан иусушьеи имҩаԥигоз аусқәа ирыхә­аԥшны, дышқәыԥшыз Жәандәрыԥшьтәи ихаҭәаамыз ашкол ахь директорс диаргоит. Убра аус шиуаз, хатәгәаԥхарала афронт ахь дцеит. Иара Новороссиск дшыҟаз аниҵеит. Аҵыхәтәан, аҭаацәа излеилыркааз ала, Арушьан алеитенант еиҵбы ичын иманы аполитрук ихаҭыԥуаҩыс дыҟан. 1943 шықәсазы ақалақь Новороссиск ахақәиҭтәраан дҭахеит. Шамба Борис Владимир-иԥа ашәаҳәареи акәашареи даныхәыҷыз аахыс илан. Иара 1925 шықәсазы Жәандәрыԥшь ақыҭан, ахьӡ-аԥша змаз Шамба Владимир иҭаацәараҿы диит. 1943 шықәсазы аибашьра дыргеит. Раԥхьатәи амшқәа инадыркны деибашьуан. Нас азениттә-артиллериатә полк аԥшьбатәи Украинатәи афронт, архәҭа 1576-тәи далан. Шамба Борис Владимир-иԥа Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟынтә 1945 шықәса ԥхынгәымза жәаа рзы дхынҳәит. Аԥсуа маҭәа ишәиҵоз, аибашьраҿы ианашьаз аордени амедалқәеи даҵаҽырбо, игәышԥы иаркын: Аџьынџьтәылатә еибашьра аорден аҩбатәи аҩаӡара, амедалқәа «Германиа Аиааиразы» «Кавказ ахьчаразы» уҳәа.
Шамба Борис ажәлар рҿы Ҭырбеи ҳәа акәын ишишьҭаз. Аибашьра ашьҭахь аветеринартә техникум далгеит. Бзиа иибоз изанааҭ ала, уахгьы-ҽынгьы ааԥсара изымдырӡо ақыҭақәа: Жәандәрыԥшь, Лыхны, Хәаԥ рҿы аус иуан. Иара убри аамҭазы ақыҭа Жәандәрыԥшь аколнхара хантәаҩыс даман. Дҭаацәаран. Иԥшәма Венера Алеқсандр-иԥҳа Маани иареи хәҩык ахшара рхылҵит. Ирааӡеит ҩыџьа аԥҳацәеи хҩык аԥацәеи.
Шамба Борис Владимир-иԥа Аԥсны ицоз аибашьраҿы иԥацәа ҩыџьа: Олеги Фазылбеии еибашьуан. Фазылбеи Леон иорден ианашьан, Олег – «Агәымшәаразы» амедал. Шамба Борис Владимир-иԥа Аԥсны ицоз аибашьра ашьҭахь Гәдоуҭа Ражден Гәымба еиҿикааз ансамбль «Гәдоуҭаа» далан. Иара ажәлар рашәақәеи рыкәашарқәеи наигӡон. Асцена дахаҿны даацәырҵуан. Уи иажәа, илаф, иҟазара, зегьы еснагь иаб игәараҭа абиԥарала иныҟәыргоит. Уи аиҭаҳәара, алацәажәара даара бзиа ибон. Иара аибашьраҿы игәымшәаразы ианашьаз аҳамҭақәа еснагь иныҟәигон, аибашьра иадҳәалаз ахҭысқәа иҽриҭаӡомызт, ус иҳәалон:
– Аибашьраҿы иҟаз сызлаԥшыз алацәажәара сҭахӡам. Сашьцәа хҩык раамышьҭахь сара сҭоурых салацәажәаӡом. Владимири Нуради, Арушьани сыбла ихгылоуп… Аибашьра уаҳа иҟамлааит. Адунеи зегьы аҟны аҭынчра ыҟазааит. Аԥсуа жәлар зегьы аӡәыкны еидгыланы Аҳәынҭқарра арӷәӷәареи ԥхьаҟа агареи рылшааит. Ҳаԥсадгьыл Аԥсны ашәҭыкакаҷра амҩа ианылеит рҳәо, аԥеиԥш лаша азыԥшызааит. Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа ахааназ ԥсра-ӡра рықәымкәан аҭоурыхаҿ иаанхааит.

Гугуца Џьыкырԥҳа

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me