Аудио-журнал «Амцабз» аӡыргара

Ааигәа раԥхьаӡакәны иӡырган ахәыҷтәы аудио-журнал «Амцабз». Уи аредактор Гәында Сақаниа-ԥҳа еизаз бзиала шәаабеит ҳәа раҳәауа иазгәалҭеит, ҳазну 2025 ашықәса инаркны иҭыҵло ахәыҷтәы журнал аномерқәа хазы еиқәдыршәалоит аудио-журналқәа.

Ахәыҷқәа ироуеит аҭагылазаашьа, аиутуб - канал аҿы ирҭаху аномерқәа аартны ирбо, иаԥхьо, иазыӡырҩуа.
Ажурнал аудиоверсиа аны­ҭрыжьуаз хықәкыс ирыман, Аԥсны иҟоу ахәыҷқәа рыдагьы, ҳтәыла анҭыҵ аҳәаанырцә иҟоу ҳадиаспора рахьтә маҷк изцәыцәгьоу аԥхьара, аҭагылазаашьа иоуеит иану дазыӡырҩуа аԥхьара. Лара илҳәеит: «ажурнал аиқәыршәара аџьабаа ду шадибалаз, аԥсы шахаиҵаз Алхас Мархолиа. Уи иоуп абжьы арежиссиор, ақәыргылара зыбзоуроу,ҷыдала иҭабуп ҳәа иаҳҳәоит иааԥсаразы».
Иара убас иазгәалҭеит, Москва, Шьче­пкин ихьӡ зху Атеатртә институт аҟны аҵара зҵо актиорцәа қәыԥшцәа Лана Лашәриа-ԥҳаи Асҭан Агрбеи рхы шаладырхәыз ари ажурнал абжьы ахаҵара. Раԥхьаҟа ргәы иҭоуп, уаҟа аҵара зҵо актиорцәа қәыԥшцәа ажурнал аҭыжьра аҽалархәра. Уи даҽазныкгьы аҭагылазаашьа рнаҭоит рбызшәа рхамыршҭразы.
Ахәыҷтәы журнал «Амцабз» аудио - журнал аӡыргара адагьы, 2024 шықәсазы ажурнал «Амцабз» аредакциа ирыланаҳәаз аконкурс аҿы аиааира згаз аҵаҩцәа рыӡбахә рҳәеит. Аусмҩаԥгатә рҽаладырхәит Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩы Вахтанг Аԥҳазоу, ажурнал «Алашара» аредактор хада Анатоли Лагәлаа, Аԥсны араионқәа рҟынтәи аҵаҩцәеи арҵаҩцәеи.
Аудио-журнал аҭыжьраҿы ацхыраара рырҭеит Аҟәа ақалақь ахадареи Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи.
Анаҩс ахәыҷқәа идырбан иӡыргаз аудио-журнал «Амцабз». Уи абжьы ахазҵаз Лана Лашәриа-ԥҳаи Астан Агрбеи рыбжьқәа дырҳан. Амцабз аредактор илҳәеит, анаҩстәи аудио- журналқәа рырцәажәараҿы, абжьы ахаҵараҿы рхы аладырхәыр шауа.
Анаҩс ажәа иман раԥхьаӡакәны зсахьаҭыхымҭа ажурнал аҟны изкьыԥхьыз,50 шықәса инареиҳаны ажурнал амаҵ азызухьоу, Аԥсны жәлар рсахьаҭыхҩы Сергеи Ҵәыџьба. Иара иазгәеиҭеит: «ари ажурнал амаҵ азызуа зегьы хықәкыс ирымоу аҿар радыԥхьалара шакәу. Еиҳараӡак ажурнал зҭыҵуа зегь раԥхьаӡа ахәыҷқәа русумҭақәа, рсахьаҭыхымҭақәа, ражәабжьқәа, ражәеинраалақәа аныларц, иӡырыргарц, аԥхьаҩ иҟынӡа инаргарц азы ауп». Дазааҭгылеит ашәҟәыҩҩцәа хатәрақәа зегьы, абри ажурнал аҟны зҩымҭақәа анымлац аӡәгьы дшыҟам. Аԥхьаҟа иҭахуп школцыԥхьаӡа аҵаҩцәа ироуларц ахәыҷтәы журнал «Амцабз», иахьатәи ҳаамҭазы макьаназы Аԥсны арионқәа ршколхәыҷқәа зегьы ироуртә еиԥш аҭагылазаашьа ыҟам.
Ииасит 2024 шықәсазы ажурнал «Амцабз» ирыланаҳәаз аконкурс аҟны аиааира згаз аҵаҩцәа рыхьӡқәа рылаҳәарахь. Иазгәаҭатәуп ари аконкурс шеихшаз х-гәыԥкны: апоезиа, апроза, асахьа. Апоезиаҿы актәи аҭыԥ ранашьан – Нариа Ламиаԥҳа, Милена Гәынба, Сабина Барганџьиа, Наала Ҷкадуа; аҩбатәи аҭыԥ– Диана Сухарева, Софиа Кьышьмариа, Сабина Зарақәуа, Алмас Лашәриа, Анана Чқәанԥҳа, Мрана Еныкь; ахԥатәи аҭыԥ – Милана Смыр,Нарҭ Амҷба, Рабиа Пертаиа, Енрик Ашьхаруа. Апрозаҿы актәи аҭыԥ ааникылеит– Баграт Аршба, аҩбатәи – Мелиса Кәарҷиа. Асахьахьаҭыхраҿы актәи аҭыԥ – Садиа Адлеиба, Ерена Бебиа, аҩбатәи –Леуан Агәхаа.
Аҵыхәтәан ирыҭан аҳамҭақәа, анаҩс рхатәгәаԥхарала ирыԥхьеит ажәеинраалақәа Милена Гәынба, Ерена Бебиа, Нариа Ламиа, Баграт Аршба, Анана Чқәанԥҳа.

 

Стелла Сақаниа

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me