Афырхацәа рашҭа

Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа аҟны Аиааира 80 шықәса анахыҵуа, уи иааннажьыз ахәрақәа ихьааха, имцаха уцәа-ужьы ианыруеит, иуқәыӷәӷәоит.

Иҟоуп аибашьра хлымӡаах изацәымцаз, зышәқәа наӡаӡа иакыз аҩнаҭақәа.
Гәдоуҭа араион Оҭҳара ақыҭан Гарԥ аҳабла аҭыԥ ԥшӡаҿы ҩнык убла адхалоит. Шәышықәса инреиҳаны изхыҵуа аԥсуа кәасқьа аԥшәмацәа ирзыԥшушәа игылоуп. Аҭоурыхтә ҩны аԥшәмацәа абыржәы рыҩны иныҩныҵызшәа рсасааирҭа, рыкрыфарҭа, рнапала иҟарҵаз реиаҳәа дуӡӡа уҳәа араҟа ирацәоуп узыхцәажәаша. Ашҭаҿы иқашәқашәо изызҳаз ашьац иаҵәа иунарбоит ари аҩнаҭаҿы аԥсҭазаара аанымгыларц ихьанҭоу аидара аӡәы дшаҵоу. Ус нахьхьи аандак ахькаҳаз ҵәҩанк дҩахоит, аԥенџьыр ахьҿыҵыз ҵәымӷк алалҵоит.
– Ари саншьцәа рашҭоуп. Ҭаацәала еицхырааны аҩны ду дыргылеит. Дара зегьы аԥсуала иааӡаз, зынамыс цқьаз уаан. Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа ианалага ԥшьҩык аишьцәа абри ашҭаҿынтә Аԥсадгьыл ахьчара ицеит. Руаӡәк дыхәны дхынҳәит. Хҩык аибашьра адәаҿы хабарда ибжьаӡит. Абраҟа сан лаҳәшьа дынхон. Слыдкыланы слыман. Сан лаҳәшьцәа рыԥсҭазаара ианалҵ ашьҭахь 25 шықәса абраҟа сҿара схызгеит. 12-ҩык рықә-рҵас, рцәымзақәа ҟасҵеит. Аамҭа даара аҽеиҭанакит. Аилибакаара, арыцҳаибашьара, аидгылара маҷ-маҷ ииаӡаауеит. Уахгьы-ҽынгьы шықәса рацәала саншьцәа рыҩнаҿы сынхон. Аха уажәшьҭа исцәыуадаҩуп. Агәыла ааигәа дыҟаӡам, сықәрагьы сгәамбзиара ақәыӷәӷәоит… Лассы-лассы саауеит. Аҩны ашәқәа аасыртуеит, анышә́ынҭрақәа сырхылаԥшуеит, – лҳәеит Ҳалуашь Светлана. Афырхацәа рыҩнаҭа аҭоурых абиԥарақәа ирдырразы ашәҟәы иҭагалатәуп, ҳара ҳашьҭахь изызҳауа аҿар ирдыруазарц.
Гәдоуҭа араион аҟны еицырдыруаз Зыхәба Кыгәи иԥшәма Амԥар Мкыди жәҩык ахшара рхылҵит. Кыгәи Мкыди нхацәан, аколнхара иалан, аҭаҭын рацәаны иҟарҵон. Урҭ рыԥсҭазаара зегьы ақыҭа нхамҩа иадҳәалан. Рнапала идыргылаз акәасқьа ду ахәыҷқәа рыччабжьи агарашәеи ҩныҩуан. Аби ани махәҿала аус ахьыруаз ирыхшазгьы рыдгылан. Ашкол ианалга рҵара иацырҵарц рыӡбеит, егьрыдгылеит Кыгәи Мкыди. Аҭаацәара ду аҟны ирызҳауан: Давид, Екатерина, Чынчор, Дыгә, Саша, Виктор, Грышьа, Миша, Виссарион. Абас, Анцәа дзықәныҳәаны инхоз Зхәаа рыҩнаҭаҿы хәышықәса зхыҵуаз Виссарион иаалырҟьаны иԥсҭазаара далҵит. Ари арыцҳара иаби иани аҵгәаны, егьырҭ рыхшара уахи-ҽни ирывагылан.
Аҭаацәара реиҳабы Давид ҳәа акәын зегьы дшырдыруаз, ишиарҳәоз. Даныхәыҷыз инаркны деилҷҷан, ихшыҩ бзиан. Зыхәба Давид Кыгә-иԥа диит 1909 шықәсазы Гәдоуҭа араион Оҭҳара ақыҭан. Иқыҭаҿы ашкол далгеит. Уи ашьҭахь Аҟәатәи арҵаҩратә институт дҭалоит. Уаҟа аҵара шиҵоз даҽа занааҭк алихырц иӡбеит. Азиндырҩы изанааҭ алихуеит – Гагра ақалақь аусӡбарҭаҿы дрыдыркылоит. Иусушьеи идыррақәеи ианрыхә­аԥш Саратовтәи аинститут ахь иҵара иациҵарц ддәықәырҵоит. Дҭалоит, ибзиангьы ихиркәшеит.
1939 ш. арра иԥхьеит. Арратә уалԥшьа ахьынаигӡоз изанааҭ ангәарҭа арратә прокурор иусқәа рынагӡара инапы ианырҵеит. Иусура иацыз адырра ҵаулеи иԥышәеи азгәаҭо иеиҳабацәа Аԥсныҟа изныкымкәа ахәшьара ду ширҭоз ала ашәҟәқәа аарышьҭуан. Абас, аԥеиԥш бзиа иманы идыррақәа ирыцҵо дшыҟаз ауп Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа ишалагаз. Давид ихатәгәаԥхарала аӷа иҿагылаз раԥхьатәи аибашьцәа дыруаӡәкын. Еицырдыруа аԥсуа шәҟәыҩҩы Алықьса Џьениа ироман «Абна амаӡа» афырхаҵа хада Зыхәба Давид Кыгә-иԥа зеибашьышьеи зеихьӡарақәеи цәыриго Оҭҳаратәи арԥыс иоуп. Аибашьра аԥхьатәи амзақәа руак азы рырхәҭа амацәаз иҭаркит. Иҩызцәа ԥыҭҩыки иареи абнаршәырахь партизанра ицеит. Уи Мраҭашәаратәи Минск ауп иахьыҟалаз. Апартизанра ицаз Давид Кыгә-иԥа икоманда аҟнытә 39-ҩык аибашьцәа ыҟан. Уахынлатәи ақәыларақәа иҟарҵоз алҵшәа бзиа аман. Зыхәба Давид аибашьцәа иӡбахә инеимда-­ааимдо иалацәажәон. Ирҳәон уи игәымшәареи ифырхаҵареи ртәы. Есааира напхгара зиҭоз агәыԥ иалаз рсиа азҳауан. 1942 шықәсазы абна илаз гәыԥ-гәыԥла иҟаз апартизанцәа рҽеидыркыло иалагеит. Урҭ аинрал-маиор Черников Васили напхгара риҭон. Зыхәба Давид апартизанцәа ргәыԥ иалаз реидкылареи, аиҿкаареи зыжәҩахыр иқәыз, зыгәра ргоз еибашьҩын. Апартизанцәа ротриад Иваненко-Налибоксктәи абнаршәыраҿы ишеиқәшәаз ала еѓьырҭ апартизантә гәыԥқәа адырра риҭеит. Араҟа апартизантә бригадақәа фбеи зхала иҟаз апартизантә отриадқәа ԥшьбеи еиқәшәеит. Урҭ зегьы еидырҵеит.

1943 шықәсазы Зыхәба Давид еиҿикааз агәыԥ иҷыдоу аҟәша ҳәа иҟаҵан. Еидҵаз апартизанцәа командирс Зыхәба Давид дрырҭеит. Напхгара зиҭоз апартизантә бригала Чкалов ихьӡ ахырҵеит.
1943-1944-тәи ашықәсқәа раан Зыхәба Давид аԥшыхәреи аконтрԥшыхәреи рыҟәша деиҳабхеит. 1944 шықәсазы Белоруссиа ахақәиҭтәра далахәын. Ианашьан «Аеҵәа ҟаԥшь» аорден, Аџьынџьтәылатә еибашьра аорден актәи аҩаӡара, амедалқәа жәпакы.
Давид, - лҳәеит Светлана, - аибашьра ашьҭахь даҽа хәышықәса прокурорс арратә усураҿы дыҟан. Арратә-иуристтә академиаҿы аҵара иҵон. Уи аамҭазы Минск ақалақь аҟны иусура наигӡон. Аибашьраан ҩынтә дырхәит. Урҭ ахәрақәа еснагь иқәыӷәӷәон, ихьаақәа иҽырцәигон. Аполковник ичын шимаз ԥхьатәара дцеит. Дҭаацәаран. Иԥа Владислав ихьӡуп. Давид Зыхәба Белоруссиа иԥсҭазаара далҵит 1975 ш. ииун 18 рзы. Иԥсыбаҩ Аԥсныҟа иааган, Гагра араион Ԥсахара аҳаблан анышә дамадоуп.
Зыхәба Давид Кыгә-иԥа еибашьра данырга ашьҭахь иашьцәа хҩык: Чынчор, Дыгә, Виктор Аԥсадгьыл ахьчара ицеит.
Зыхәба Чынчор Кыгә-иԥа 1937 ш. Аҟәатәи ақалақьтә совет аҟны адгьыл аҟәша аиҳабыс аус иуан, Аҟәатәи акомҿареидгыла ахәҭаҿы маӡаныҟәгаҩыс дыҟан. Агазеҭ «Аԥсны» аредакциаҿы аус иуан, имаҷымкәан астатиақәха иҩхьан. Иҵара иациҵарц Москваҟа дцеит. Москватәи аинститутқәа руак ишәҟәқәа алеигалоит, аԥышәарақәа дырхысит, аха абаллқәа иоуз изымхеит. Уаантә Казантәи аҳәынҭқарратә институт аиуристтә факультет ахь ишәҟәқәа аиҭеит. Аԥышәарақәа қәҿиарала дырхысит. Аԥшьбатәи акурс аҿы дыштәаз еибашьра ддәықәырҵеит.

Зыхәба Чынчор хабарда дыбжьаӡит. Зыхәба Дыгә Кыгә-иԥа аԥсуа «Аҽыуаа» ркавалериа аҟны ҩышықәса аррамаҵура дахысуан. Иуалԥшьа нагӡаны даныхынҳә, ақыҭауаа иҟарҵаз аҳәарала ақыҭсовет ахантәаҩыс ҩышықәса дыҟан. Аибашьра ацаразы ааԥхьага изааит. Деибашьуан ақалақьқәа Киев, Львов, Одесса. Аҵыхәтәан Керчҟа диаган. Длеитенантын. 1943 ш. Керч дҭахеит.
Зхәаа рашҭа ду аҟны игылоу акәасқьа еидара дуӡӡак иаҵоушәа, агәынқьбжьы гошәа угәы иабоит… «Сызҭагылоу ашҭа ҭоурых шҭоуп. Абри ахыбра ду игылоу зтәыз афырхацәа рфырхаҵара абиԥарақәа ирзеиҭашәҳәала» ҳәа аҳәар аҭахушәа игылоуп…
Зыхәба Кыгә иԥацәа Давид, Чынчор, Ды­­­гә, Виктор рымцахәқәа мыцәарц, еиқәызарц урҭ рҭоурыхқәа, изнысыз амҩа ҳхамшҭроуп.
Аԥсны еицырдыруаз, зыхьӡ ахыҵәахьаз аԥсуа партизан Зыхәба Даҭикәа дызлиааз ақыҭа дагәадуроуп.
Иахьа 80 шықәса шҵуагьы ахьаа ҳгәаҵаҿы иҵәахуп. Зҭоурыхқәа знапы ианырҵаз, аишьцәа рфырхаҵарақәа ирышьҭоу, иахьагьы изыԥшаауа Зхәаа раҳәшьаԥҳа Ҳалуашь Светлана Михаил-иԥҳа ланшьцәа рҭоурых аанлыжьит, еиқәлырхеит. Афырхацәа зҭиааз ашҭа наунагӡа иҭоурыхтә шҭаны иаанхоит. Афырхаҵара иага аамҭа царгьы ишмыӡуа, идыргылаз аԥсуа кәасқьа шаҳаҭра азнауашәа игылазаауеит.

Гугуца Џьыкырба

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me