Адгылара арҭеит Урыстәылатәи асахьаҭыхыҩцәа Урыстәыла ахада ифонд ацхыраарала. Апроект хықәкыс иамоуп ашколқәа рыҭӡқәа рҟны амуралқәа рҭыхра.
Амурал аҿы рсахьа анылоит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аан аԥсадгьыл зыхьчоз Аԥсны атәылауаа. Иааидкыланы иуҳәозар, апроект иалахәуп Аԥсны араионқәа рҟынтәи ашколқәа жәаба. Ҳазну аамҭазы Гәдоуҭа араион аҟны ҩ-школк аҟны аусурақәа хыркәшоуп. Борис Ҭарба ихьӡ зху Бамборатәи ашкол аҭӡы аҟны иарбоуп Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду иалахәыз: Ҳақыбеи Аиба, Шамил Аҟәысба, Ражден Барцыц, Варлам Габлиа рсахьақәа.
Фридон Аҩӡба ихьӡ зху Гәдоуҭатәи абжьаратә школ № 3 аҟны инаӡаӡатәхоит раԥхьатәи аԥсуа ԥырҩцәа Виктор Аргәын, Мери Аҩӡба рсахьақәа.
«8-тәи акласс аҟны стәан Мери Аҩӡба хаҭала даныздыр. Сара сыкласс лыхьӡ ахын. Исгәалашәоит, ҳакласс ахәыҷқәеи лареи Гәдоуҭатәи ашкол №1 аҟны аҵла шеиҭаҳҳазгьы. Уи хашҭра ақәым!.. Лара аибашьра ашьҭахь акыраамҭа дычмазаҩын. Анаҩс лара ахәышәтәырҭаҟны лҽылхәышәтәит, лшьапы дықәгылеит. Аха, аибашьра илзыннажьыз ахәрақәа дара ртәы ҟарҵон. Аиашазы, ари амурал аҵарааӡара аҟны иҷыдоу аҭыԥ ааннакылоит. Иара анҭырхуазгьы ашколхәыҷқәа аԥсшьараамҭазы иахәаԥшуан, аинтерес рыман. Урҭ рахьынтә иҟоуп арҭ Афырхацәа здыруазгьы, иҟоуп иззымдыруазгьы. Анаҩс дара аҭоурых иазааҭгылеит, аҭоурых ҭырҵааит... Иҭабуп даараӡа ҳәа расҳәарц сҭахуп абас еиԥш апроект хацзыркыз. Ари хымԥада ааӡараҿы акрызҵазкуа усуп» ҳәа азгәалҭеит Гәдоуҭатәи абжьаратә школ №3 адиректор Инна Ҳалуашьԥҳа.
Иара убасгьы, араҟа иазгәаҭатәуп, амурал аҭыхра напы шадыркыз Асовет Еидгыла Афырхаҵа Владимир Ҳаразиа ихьӡ зху Џьырхәатәи аԥсуа школ аҭӡы аҟны. Уаҟа иҭырхуеит Владимир Ҳаразиа исахьа. Аусура налыгӡоит асахьаҭыхҩы Иулиа Кузменко. Абасала, арҭ ашколқәа рҟны наунагӡа иаанхоит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду иалахәыз Асовет Еидгыла Афырхацәа.
Саида Ҳаразиа